Акәтаӷь шҭәу еиԥш ашьхымзаҭра цхала иҭәааит: Анана – Гәында илыдҳәалоу ақьабзқәа

© Sputnik / Томас Ҭҳаиҵыкә / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСбор меда в Абхазии
Сбор меда в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьхааӡара - аԥсуаа рыԥсҭазаара жәытәаахыс иадҳәалоуп. Аԥсуа ибзазаараҿы, инхара – нҵыраҿы уи иҷыдоу ҭыԥ аанакылахьеит. Ашьхааӡара, Анана – Гәында илыдҳәалоу ақьабзқәа ртәы Sputnik иазлырхеит Cусанна Ҭаниаԥҳа.

Cусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Наџьнатә аԥсуаа ирдыруан, ашьхыҵә иҟарҵо ацха шхәарҭоу. Иаагозар, ачымазарақәа жәпакы рзы ихәшәын, ахәыҟаҵараҿ ахархәара аман, ацәа акәзар, ацәашьқәа алырхуан – иарбанзаалак қьабзтә ныҳәак зымҩаԥгахом ацәашьы (ацәымза) аркрада.

Очаг - Sputnik Аҧсны
Цәгьамзар бзиа ҟазымҵоз: ажәытәра иагаз ахәышҭаара анцәахәы - Ҿаԥ изкны

Аԥсуаа рынцәахәқәа днарылукаартә дыҟан ашьхыц рынцәахәы. Лара дыԥҳәысуп, лыхьӡгьы авариантқәа амоуп, иаҳҳәозар: Нан, Нана, Анан, Ананиа – Гәында, Анан – Агәында, аха еиҳараӡак дшырдыруа Анана – Гәында ҳәоуп.

"Аӡиас Гәымсҭа ахахьы Анантәара захьӡу хра дук ыҟоуп. Уи ахра аҩхаақәа рҿы ашьхыц рацәаны иҟан. Ажәлар ргәаанагарала абри ахраҿы ашьхыцқәа рынцәахәы Анана – Гәында тәарҭас – гыларҭас илымоуп. Ари ахра Анана – Гәында тәарҭас гыларҭас иахьлымоу аҟнытә иԥшьоу ҭыԥуп ҳәа иԥхьаӡан, уа схалоит ҳәа аӡә далагаргьы ҵасмызт. Ашьхыц рынцәахәы анеира ахьыуадаҩу аҭыԥқәа роуп иалхны илымоу, ус аламала лааигәа уаҩ дызнеиуам, уаҩ ихы илырбом", — иҩуан аетнограф Чурсин.

Анана – Гәында ашьхыцқәа дызларынцәахәыз ала, лара ашьхымза еизлырҳарц, имарымажахарц азы илымҵаныҳәон. Урҭ аныҳәарақәа зегьы еиԥшымызт:

Чурсин Г. Ф. иазгәеиҭон ашьхыцқәа ааԥын ацха ҟарҵо ианалагалак, аҭаацәарақәа рҿы имҩаԥыргон абас еиԥш иҟаз ақьабз:

"Ацха алаҵаны ақашь ҟарҵон. Аҩнаҭа аԥшәма ари ақашь ахәҭак ашьхымзаҭрақәа иԥсаҟьаны ирықәиҭәон, иаанхоз ахәҭа иара ифон. Ари ақашь аҽаӡәы ииҭар ҟаломызт, ҵасмызт. Убас еиԥш ақьабз анымҩаԥыргалакь аҽны инаркны ацхеи ацәеи (ацәашьы злырхуа) рҭир, изырҭахыз ирҭар ҟалон, асабшаҽны ада. Избан акәзар, асабша ашьхыцқәа рыҭра иаԥырҵны хара ицом ҳәа ԥхьаӡан.

Солнечное затмение - Sputnik Аҧсны
Шә-хык рахьынтә хык ақәшәоит: амреи амзеи атыҩ ианакуа имҩаԥырго аҵасқәа

Нанҳәамзазы Анана – Гәында лыхьӡала даҽа ныҳәаракгьы мҩаԥыргон. Усҟан шьхымзаҭрак рыԥшуан, уи иҭыргоз ацха дара аԥшәмацәеи рыжәлантәқәеи ирфон. Даҽа жәлак змаз, дара ирыжәлантәымыз уи аҽны уи ацха иҿарҵар ҵасмызт".

Абызшәадырҩ Анатоли Хьециа ианиҵаз иматериалқәа руак аҿы иаарԥшуп ашьхыц рынцәахәы лымҵаныҳәара шымҩаԥыргоз:

"Ааԥын ашьхыцқәа ацха аизгара ианалагалакь, аҭаацәараҿ иреиҳабыз аԥҳәыс цқьа ахәыӡи кәтаӷьки лыманы ашьхымзаҭраҿы днеиуан, уа хынтә иакәлыршон иналгаз ахәыӡи акәтаӷьи. Дныҳәаны анцәахәы Анана – Гәында лыхьӡала аҿаҭахьа лықәылҵон. Ашьҭахь аныҳәаҩ илкыз ахәыӡи акәтаӷьи ашьхымзаҭра иахакналҳауан".

Нас нанҳәамза нҵәаанӡа, ма ацха аԥшра нап адыркаанӡа аԥҳәыс цқьа илықәыз аҿаҭахьа налыгӡар акәын (ԥшьашак, ма сабшак рҽны). Ашәаӡа алаҵан амгьал ду рӡуан. Уи амгьал кәтаӷьк нақәҵаны, инаганы ашьхымзаҭраҿ иқәырҵон. Абас аҿаҭахьа зқәызҵаз аԥҳәыс цқьа анцәахәы длымҵаныҳәон.

Аҵарауаҩ Џьанашьиа Н. С. игәаанагарала ашьха рынцәахәы лымҵаныҳәараҿы акәтаӷь рхы изадырхәоз уи аҭәра, аҿиара иахьасимволу азоуп. Убри ала ирҳәарц ирҭахыз акәтаӷь шҭәу еиԥш ашьхымзаҭрагьы цхалеи шьхыцлеи иҭәааит ҳәа акәын.

Воин с мечом - Sputnik Аҧсны
Анцәахәы ихьӡала иршьуан аџьма шьтәа: Ареиааи – аибашьра анцәахәы

Аха иҟалалон ашьхааӡара ауаҩы ианицмааиуа, ашьхымзаҭрақәа ирҭаиртәо ашьхыцқәа уажәы – уажәы ианеиҿыҵуа. Убри аҩыза аҭагылазаашьаҿы ашьхыцқәа агәамҵра иаҟәыҵырц даҽа ныҳәаракгьы ҟарҵон. Уи атәы ҳзеиҭалҳәеит Ԥақәашь ақыҭа еиуоу, 82 шықәса ирҭагылоу Ламара Тыҩба – Ҭаниа. Ла лгәалашәараҿы иаанхеит даныхәыҷыз лҭаацәараҿы ашьхымза шырныҳәоз.

"Ҳарҭ ҳҭаацәа рацәан, саб ашьхымза рацәаны иман. Анана – Гәында ныҳәа ҳәа иҟаҳҵон. Убас, мгьал дук ааҳкәаҳауан, ацха ырӡыҭны убри амгьал ахьаҳкәаҳауаз иалаҳҭәон. Нас убри амгьал анӡлак ашьҭахь ацәашьы лақәҵан хаҵеи – ԥҳәыси (сани саби) ашьхымзаҭрахь ицон. Ашьхымзаҭрақәа рҿаԥхьа иҩагыланы иныҳәон. Ианныҳәалак, убраҵәҟьа рыбӷақәа неидҵаны амгьал сак – сак аамхны ирфон. Ацәашьы уа ирбылуан, амгьал аҩныҟа иааганы аҭаацәа иаҳҿарҵон. Абри аҩыза аныҳәара ҟарҵо збахьан сани саби", —  еиҭалҳәоит Ламара.

Анана – Гәында ашьхыцқәа рынцәахәра мацара акәмызт функциас иналыгӡоз. Иҟан аҳәсақәа дрынцәахәуп ҳәа зыԥхьаӡозгьы. Акыраамҭа хшара дызмауз, иҵеидахаз, ахылҵ дрылҭарц илыҳәон.

Ажәабжьқәа зегьы
0