"Машәыр анцәа иуқәимҵааит", ма Амашәыр анцәахәы аԥсуаа рҟны

© Sputnik / Томас ТхайцукАжьырныхуа в селе Эшера.
Ажьырныхуа в селе Эшера. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амашәыр анцәахәы нцәахәык иаҳасабала иахьанӡа дааӡазҭгьы, аныҳәарақәа мҩаԥаҳгозҭгьы, издыруада уажә ирацәахаз амашәырқәа рыҟалара алмыршахаргьы ҳәа агәаанагара лымоуп Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ауаҩы дызнысуа иԥсҭазааратә мҩаҿы иҭахы-иҭахым амашәыр дақәшәар алшоит. Аиашаз, дазусҭада амашәыр дақәшәар, ма изымпыҵаҟалар зҭаху!

Иаҳҳәап, мҩа харак, хра злоу уск ахь амҩа ҳанықәло иҳахӡыӡаауа, ҳаиҳабацәа ҳныҳәаныԥхьаны "Ҳаиҳа зымчу инапы у(б)ануп, машәыр Анцәа иу(бы)қәимҵааит" ҳәа иҳақәныҳәаны ҳаурышьҭуеит.

Ацәа цқьа иалху ацәашьы - Sputnik Аҧсны
Ацәашьы, амгьал, ашьтәа: "Адгьыл-ҳкәажә" илыдҳәалоу аҵасқәа

Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа аԥсуа иԥсҭазаара иахәҭакны баша иҟамлеит, сгәанала, уи ажәытә нцәахәы идҳәалаз аҵас иаҟәырҷаханы иаанхеит. Ҳхылҵшьҭрақәа уаа ныҟәаҩцәан, геи-шьхеи еимырдон, ишәарыцон, ибназон, адгьыл иқәаарыхуан. Ас еиԥш иҟоу аусхкқәа рынагӡараан, жәаҳәарада, амашәыр ианақәшәоз ҟалон.

Убас, ажәытәан ҵарада ахшыҩ змаз ҳауаажәлар рыҩнуҵҟа амашәырқәа маҷхарц азы, уи иахылаԥшхәу анцәахәы иашьапкуан. Амашәыр анцәахәы итәы уҳәозар, ҳәарада, дыҟан, аха иӡбахә иахьа шьҭа ирхашҭхьеит азуҳәар ауеит, избанзар ари анцәахәы идҳәалоу ахыҵхырҭақәагьы даара имаҷуп.

Иакызаҵәыкхаз, Амашәыр анцәахәы идҳәалоу адыррақәа ашәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг иеизга "Аԥсуара ашьаҭақәа" иагәылоу астатиақәа руак аҟны иаҳәоит. Уа ишарбоу ала, Амашәыр анцәахәы имҵаныҳәараан ныҳәагатәыс иҟарҵоз арбаӷь акәын. Аныҳәара амҩаԥгара такәы аамҭа шыбжьаз, шықәсык зхыҵхьоу арбаӷь аика ҵкәаны, ӡатәс иҟаҵаны адәы иқәырҵон: "Амашәыр нцәахәы улԥха ҳамазааит, ухьӡала аӡатә ашҭа иқәуп, ианаамҭоу агәаҵәа уҳарбоит, ада хьаа ҳамамзааит!", — ҳәа нашьҭаҳәаны.

Арахәааӡаҩцәа шьхацан. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ашьакаҭәара аҵакы аԥсуа традицаҟны, мамзаргьы шьала иҿыхыу

Ари астатиа ишаҳәо ала, ашәҟәыҩҩы иҭаацәа абри аҩыза аныҳәара мҩаԥыргон ҭагаланшьҭахь (азгә.–аҭагалара иаамҭаны иԥхьаӡоуп жьҭаарамзеи абҵарамзеи). Аԥш ҭагаланы, ицәырҳәны, аца ианҭарыԥсалак, рымҿы-рымца зегь рыла иҭәы-иԥха ианыҟалалак ашьҭахь, ԥшьашак ауха, хәылԥазшәа рҽазыркуан анцәахәы иҿаԥхьа ирықәырҵаз анагӡара.

Аҭаацәа реиҳабы, абырг иҿы-инапы ааӡәӡәаны, хәыҭхәыҭла дахныҳәаны аӡатә рбаӷь ахәда хиҵәон. Анаҩс, уи арбаӷь аҟаҵара лнапы ианын аԥҳәыс бырг. Арбаӷь жәны, еилыршәшәаны ирчаԥон, агәи, агәаҵәеи, аҵәынҵәлаӷьи хыхь инақәҵан, аишәа инықәдыргылон. Анҵарада ус змам, амца иахакнаҳау абысҭа аакнырхуеит, ахацәа аҩцараҟнытә аҩы ааргоит. Аишәа андырхиалак, аиҳабы еиҭах инапы ӡык нақәҭәан дааины, зыцыԥхьқәа хаддыла иҟоу ҵәыцак азна аҩ ҿа аашьҭыхны дныҳәон:

– Анцәа абзиара ҳзыҟаҵа, Амашәыр нцәахәы улԥха ҳаҭ! Ухьӡала иҵатәны иоуҳашьҭыз арбаӷь уаха иҟаҳҵеит, еилыршәшәа ичаԥаны аишәа иқәгылоуп. Машәырда ахьхьаҳәа ҳаурақәа ҳадаҳгалеит: ажь ҳҭааит, аҽаҩра ԥхьаҳкт, ҳамҿы-ҳамца зегь рыла ҳҭышәынтәалт. Уара иубзоураны аӡәы инапы кыдымҟьеит, ишьапы кыдымҟьеит. Иҭабуп ҳәа уасҳәоит. Абна ҳцома, ашьха хцома, аиха ҳкума, амхы ҳҭоума ҳҭаацәара алахәылацәа – еснагь улԥха угәыԥха ҳамазааит. Иҳадаҳкылаз ҳаурақәа игәырӷьа чысны, қьаф ҳаманы Анцәа ҳҟаҵа! – иҳәон абырг. Изаҳауаз зегь "Амин!" ацырҳәон.

Абас, акы агмыжькәа дныҳәаны, аиҳабы аҵәца анҭиркәкәалак, аҭаацәара зегьы аџьџьаҳәа акрыфара нап адыркуан.

Ишаҳбо еиԥш, иара ианиааз Амашәыр анцәахәы акырӡа пату зқәыз, згәыӷрақәа здырҳәалоз нцәахәын. Иара изку аныҳәара амҩаԥгараан аҭаацәара зегь аднаԥхьалон, машәырда иҭаргалаз аҿамаҿа иалагәырӷьаны агьама рбон. Ари аҩыза аныҳәара хәарҭара аланы избоит, аха иубар иаахә, аӡә иҟаиҵоит ҳәа хаҭала исмаҳацт.

Амашәыр анцәахәы нцәахәык иаҳасабала иахьанӡа дааӡазҭгьы, аныҳәарақәа мҩаԥаҳгозҭгьы, издыруада уажә ирацәахаз амашәырқәа рыҟалара алмыршахаргьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0