Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Аԥсаӡ архиара аԥсуаа рҟны иалагеижьҭеи рацәакгьы ҵуам. 60-70 шықәса зхыҵуа ауаа уи шдырхиоз ргәалашәозар, урҭ иреиҳабацәоу "ашықәс ҿыц ҳәа ҳара иазгәаҳҭоз ажьырныҳәа ауп, уигь аԥсаӡ ҳаргылон ҳәа ҳгәалашәом" рҳәоит. Аԥсаӡ аԥсуаа рдунеихәаԥшышьаҿы зымшьҭа бзиам аҵлақәа рахь ирыдыркылоит. Иара ԥҳәыс ҵлоуп ҳәа иахьыршьо аҟынтәи, аҩнаҭа ааигәара азҳара иалагар, ахацәа ирҧырхагахоит, аҩнаҭа ахацәа рҟынтәи иҭанарцәуеит ҳәа иқәыргон. Аха иара убри аангьы џьанаҭ ҵлоуп ҳәа иԥхьаӡаны анышәынҭрақәа рҿы еиҭарҳауан – уи еснагьтәи аиаҵәара, ашәҭра ԥсраӡра зқәым акы акәны иахәаԥшуан.
Адунеитә культураҟны аԥсаӡ амахәқәа еиуеиԥшым аритуалқәа рымҩаҧгараҿы рхы иадырхәон, ақьабзтә ҵла ҳәа ахьыӡгьы аман ишьақәгылеит (обрядовое деревце). Аҵла ахаҭа х-дунеик еимаздо сахьаны иаарԥшуп: ахықәцә – ижәҩантәу, амахәқәа – идгьылтәу, адацқәа – адгьыл аҵаҟатәи. Абрантәи иара асемантикатә ҵакгьы аҽашоит. Аԥсаӡ акәзар, ҳара иаҳтәуи иаҳтәыми адунеиқәа рҳәааҿы игылоу ҵланы иҧхьаӡоуп. Ақьырсианраҿы иара аџьар иадыркылоит.
Аԥсуаа рҿы аҧхьаӡа аҧсаӡ дырхио ианалага, уи ашықәс ҿыц ирзаанагаша раарыхра абеиара иадырганы еиуеиԥшым ашәырхкқәа, ачакәаҳа иалхны иҟаҵаз амра, амза рсахьақәа, ацәашьқәа аларгыланы иҟарҵон. Хымԥада ашықәс ҿыц аухазгьы акы ашьа карҭәон. Ԥақәашь ақыҭан инхо Адлеиба-Ҷаҭанаа Ламара илгәалашәоит даныхәыҷыз лани ланду аԥсаӡ шрыздырхиоз.
"Сара ишысгәалашәо ала, Ашықәс ҿыц ныҳәа дуун зегьы рзы. Уаҵәы ныҳәаны уаха ҳаб дцаны аԥсаӡ ҳзааигон. Ҳара ҳааԥшаанӡа ҳан илырхион илымаз ала: аџьынџьыхәа, алаҳарҩа, амандаринақәа, ахаа-мыхаақәа рыла. Нас усҟан уажә еиԥш арлашагақәа абаҟаз, ацәашь хәыҷқәа ҟаҵаны иаҳаркуан. Саб есышықәса акы имшьыр иуамызт, аӡыс ҿа ишьуан, аҩ ҿа иҭаҭәаны имаз ықәиргылон, аҩ ҿа ала дныҳәон", — ҳәа ҳзеиҭалҳәеит лара.
Иазгәаҭатәуп Ашықәс ҿыц жәытәла ианазгәарҭоз анхацәа аарыхра ианалагоз аамҭазы, арахәгьы ашьха ианкарцоз, аԥсабара зегьы анҿыхоз аамҭазы шакәыз. Иарбанзаалак аныҳәа иҷыдоу мшны ишыҟоу ала, амышшьара еиԥшны иршьон Ашықәс ҿыц аныҳәагьы. Иарбанзаалак уск ҟарҵомызт, иааҟарҵоз зегьы аҧсабаратә мчқәа ргәы аҟаҵара иазкын. Иҟан аамҭақәа аԥсаӡ ахаҭыԥан аиаҵәара еснагь изцыз даҽа ҵлак андырхиозгьы. Џьоукы аԥсаӡ аҩныҟа аҩнагалара рҭахымызт рыхдырраҿы иҟаз уи амышьҭа иацәшәаны, даҽа џьоукы аԥшаара, аагара рцәыцәгьан, иҟан акоммерциатә гангьы – аахәара аныуадаҩыз.
Убас ҳара даҽа ҳинформантк ишаҳзеиҭалҳәаз ала, лара даныхәыҷыз адаԥа, ма амимоза-ҵлагьы дырхиалон: "Ҳандуи, ҳани, ҳаби адаԥ ҳаздыргылон. Уи саргьы сахаануп. Адаԥ аҟны иаҿарҵон аҵәа, аконфеҭ, апечениа. Ақьаадқәа ԥыҟҟаны иакәдыршон, амандаринагь арҭон. Амимоза зыргылозгьы дыҟан. Урҭ зегьы ҳара еилаҳкаауа ҳаналага аԥсаӡҵәҟьа ҳаргыло ҳалагеит. Асааҭ жәаҩа аныҟалалак ҳандуи ҳани астол дырхион: абысҭа руан, акәты ршьуан, ачашәқәа ҟарҵон, усҟан уиаҟарақәа ачысқәа рыздырӡомызт (ачарӡхаақәа) хкы-хкыла. Асааҭ жәаҩа аныҟалалак ахысра иалагон, аԥсаӡ ҳакәшон, ҳкәашон, ҳахәмаруан. Нас агәылацәа ааиуан, шьыжьынӡа убас иҳаршон, Ашықәс ҿыц ҳаԥылон", — ҳәа еиҭалҳәоит Џьгьарда ақыҭа инхо Динара Џьопуа.
Иҳәатәуп даҽакгьы: ишдыру еиԥш Ашықәс ҿыц аныҳәа иацуп аԥсаӡ архиара адагьы ашәҵатәы ҧшӡақәа рыла ауаҩы иҽырхиарагьы. Иахьа еиуеиԥшым ашәҵатәы блахкыгақәа рӡахуеит. Аханатә аҧыжәара змаз еиуеиԥшым аԥстәқәа рсахьа аазырԥшуа амаҭәақәа рышәҵара акәын, иара убас амч лашьцақәа: аџьныш, аҭакәажә омага, аҩсҭаа тәыҩа хаха аазырҧшуаз ацәамаҭәала рҽеибырҭон. Избанзар аамҭақәа анеилысуазы еиуеиԥшым амч лашьцақәа иаҳа ирацәаны ианцәырҵуа мшуп ҳәа иԥхьаӡан.
"Сара сан ибзианы дӡахуан, дықәҵон. Ашықәс ҿыц ааирагьы ҳгәы хыҭхыҭуа ҳзазыԥшыз ҳан амаҭәа ҿыцгьы шаҳзылӡахуаз ҳдыруан азоуп. Есышықәса ҿыц маҭәак ҳзылӡахуан еиуеиԥшымкәа иҟаз", — ҳәа ҳалҳәеит Ламара Адлеиба-Ҷаҭанаа.
Аԥсуаа Ашықәс ҿыцазтәи разнеишьа иара аԥсаӡ аҵакы аҽшашо еиԥш ҩбаны иршоит: акы гәырӷьарала, барақьаҭрала иҭәы, иԥха аԥылара – аԥсаӡ аҿы ихыршьуаз ашәырқәагьы аарыхра абарақьаҭхара символра шазнауа еиԥш, егьи – амч лашьцақәа рҟынтәи ахыхьчара. Ари аҵыхәтәантәи азы аԥсуаа разгәаҭарақәа рыла убас ирымоуп, аԥсаӡ аҩны ианыҩнаргало аҩымсаг ҿыцгьы ацыҩнаргалоит. Аԥсаӡ ашәхымс иахыргаанӡагьы аҳәымсаг ашәхымс аԥхьа икадыршәуан амышьҭа цәгьа аҿаҟәарц азы.
Аԥсаӡ андәылырго акәзар, ажәытә ҩымсаг ала иалаԥссаны адәахьы иацдәылганы, аҩны азааигәара акәым, хара инаскьаган иҟарҵон. Абасалагьы аԥсуа иҩны ҩ-ҩымсагк еснагь иҟоуп ҳәагьы рҳәон, акы аҩынтәи, егьи адәахьтәи – ажәытә адәахьы иаанхоит, аҿыц – аҩны.
Аамҭа цацыҧхьаӡа аԥсаӡ иаҳа-иаҳа изырҧшӡо, еиуеиԥшым ахәмарга хкқәа аԥырҵо иалагеит. Аԥхьатәи ахәмаргақәа уаанӡа ихыршьуаз ашәырқәа рсахьақәа аманы иҟазҭгьы, иахьатәиқәа аельфқәеи, Асҭыԥҳаи, Аҵаа Бабадуи инадыркны зқьыхкы сахьахкыла иҩычоуп, лашарбагала икәыршоуп, алакә ссирҵәҟьа ацәаҩа ахоуп. Ҳаамҭа алахтреи лашаралеи иаҳа ишҭәу убоит. Макьанагьы егьахк ҳбара ҳаҟоуп. Ҽаанԥшӡала инеиша!
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Гәныҳәа – ашықәсҿыцазтәи шьыжьхьа