"Ҩ-мҵәыжәҩакны иаатуа ашәқәа": Ашәаа рныха- Қьачныха аҭоурых

© Sputnik / Томас Тхайцукажьира
ажьира - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәаа ирныхан ҳәа ззырҳәо Қьачныха аҭоурых дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аҧсуаа рамзар аҟны иаҳҧылоит аныҳәарақәа иалкаау рыцхәк зманы иҟам, аамҭа ҷыдак иадҳәалам. Ус еиҧш иҟоу аныҳәарақәа рхыҧхьаӡара маҷым. Иҟалап урҭ аханатә аамҭа рзалхны иҟазҭгьы, аха еиуеиҧшым аҭагылазаашьақәа (аҭоурыхтә, асоциалтә мзызқәа) ирхырҟьаны ишнеишнеиуаз ирхашҭуа иалагазар. Уи иазкны анҵамҭақәа ихьшәаны рыҟаҵара ишалагаз ала ашьақәыргылара уадаҩуп. Убас иҟоу иреиуоуп иахьа зымҵаныҳәарагь иаҟәыҵхьо Ашәаа ирныхан ҳәа ззырҳәо Қьачныха аҭоурых.

Арахәааӡаҩцәа шьхацан. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ашьакаҭәара аҵакы аԥсуа традицаҟны, мамзаргьы шьала иҿыхыу

"Ҩ-мҵәыжәҩак"

Џьгьарда ақыҭан, Ахәҵа аҳаблаҿы игылоу Қьач абаа ааигәа иахьа узнеиуа иҟам: амҩақәа еималахьеит, абнара ахыҵәеит. Аха иҟан аамҭақәа ари абаа жәпаҩыла ауаа анаҭаауаз, ианырнықәуаз. Аҭоурыхҭҵааҩ Гьаргь Амҷба ишиҩуала, џьоукы уи аныха Нхыҵынтә иааган ҳәа иршьоит, даҽа џьоукы . Кәаӷәаниаа иртәын рҳәоит. Џьгьарда ақыҭа инхо Ашәаа ишырҳәо ала акәзар, уи дара ирныхан.

"Қьач абаа ааигәа аџь гылан. Уа аныха ҭсаны иаман. Ашәаа неины иныҳәон, иқәуан. Абри Қьач-ныха зыргылаз ҩыџьа аишьцәа ыҟан. Егьа ҟарҵаргьы аҭыӡқәа бгон. Ианҵаа ауаҩы ҧсаҭатәс дашәҭароуп рҳәеит. Ус анырҳәа, раҳәшьа еиҵбы аҭӡамц даласан дыршьыхит", - ҳәа аныха аҭоурых атәы ҳзеиҭаиҳәеит Илиа Ашәба. Уи ишиҳәаз алагьы, аҭӡамц иаларсаз раҳәшьа Кьач лыхьӡын, уи лыхьӡ алоуп аныхагьы ахьӡ шцаз.

Абырг Илиа Ашәба: аԥсуа ицәа иҭаигӡо рацәоуп, ичҳара ӷәӷәоуп

Ари аныха збахьаз ишырҳәо ала асахьақәа ҭсаны, ссиршәа ичаҧаны иҟаҵан.

Гьаргь Амҷба аус здиулоз адокументқәа рҟны иҧшааит уи ачаҧашьа иазкыз аҩырақәа: "Қьачныха араӡны иалхын, ахьӡы ахьыршан, ауреи аҭбаареи еиҟаран: 35х35 см иҟан, уахьнадыҧшыло, аҧхьатәи аган дануп Рафаел Ацқьа, ашьҭахь – Серафим; уи имҵәыжәҩақәа аҳәыҳәқәа рықәтәоуп; армарахьи арӷьарахьи ианын ауаҩы ихаҿсахьа еиҧшшәа амреи амзеи ремблемақәа. Аныха ҭасан ҷыдала иара иазыҟаҵаз араӡынҭра, уи хыхь ҩбаны (ҩ-мҵәыжәҩакны) иаатуан, иаатуа ашәқәа (амҵәыжәҩақәа) ирнын жәаҩаҩык апостолцәа…".

Аҵарауаҩ ишазгәаиҭо ала аныха аҭрагьы иара ахаҭагьы злаҟаҵоу астиль XIII-XIV ашәышықәсақәа рҟазара иаҵанакуеит.

"Аныха рӡеит"

Аҧсуаа аныха иҧшьоу акакәны ишырыҧхьаӡо ала, иара ахьыҟаз аҭыҧгьы ҧшьаҭыҧны иршьон. Иамҵаныҳәоз ирзылҧхоит рҳәон, ақәнага умургьы ҳаӷеимшхаран уи аҧыхьашәара ҳәа иацәшәаны аӡбахәгьы мыцхәы иалацәажәомызт.

Ақәаб акныхра - ажьрацәара ныҳәара - Sputnik Аҧсны
Ақәаб акныхра – ажьрацәара рныҳәара

Аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба 1998 шықәсазы ианиҵаз аҭоурыхтә жәабжь ишаҳәо ала, зны ҩыџьа агырқәа абри аныха зҭасаз аџь ҧырҟарц рыӡбеит. Аҵла ахҵәара ишаҿыз аџь хжәан, аҩыџьагьы арҟьацит. Аныха гәаан уи аҭыҧ аҟынтәи иҧырны ицеит.

Гьаргь Амҷба аус здиулоз аҩырақәа ишырҳәо ала акәзар, аныха Аҧснынтә иӡаны игазаап Агыртәылаҟа Какачиак. Уи иҩны иҵәахны иман. Зны убри Акакачиа ишьҭрахьынтә аӡәы Шенгелиаа рҭацак дирҳәит. Аӷьычҩы данырк, ихы злаҿихра анимоу, абри аныха риҭазаап. Абасала Қьачныха Шенгелиаа рахь ииасит.

Акәырбан – аҿаҭахьа шрықәырҵои, уи анагӡашьеи ирызку зҵаарақәак

Иабаҟоу аныха?

Џьгьарда инхо анхацәа ишырҳәо ала, уи уажә иахьыҟо рыздырӡом. Аныха қәнагала иазнеиуа ианаламга, игәаан ицеит. Уи амца ацрыдды иҧырны ианцоз збазгьы ыҟоуп рҳәоит. Усҟан избаз зегь шьамхнышлан Анцәа иҳәон иаҭеимҵарц азы.

Амԥараа рныҳәара Аг-ныха ахыркәшаратә ритуал - Sputnik Аҧсны
Амҧараа рныҳәара – Аг-ных ажәытәи аҿатәи реиҿырҧшра амҩала

"Уахь аӡәгьы дымнеижьҭеи акырҵуеит. Уи уа узнеиуа иҟаӡам. Хыхь ауп, иҳаракуп аҭыҧ. Иаргьы еилаҳахьеит. Аӡәы ахьы дашьҭан, уи аҭыҧаҿы аҧжәарақәа ҟарҵеит. Аха аныха рҧырхагахеит, иднамырҟаҵеит. Амашәырқәа ирықәшәо ианалага акгьы рзымҧшаакәа иқәҵит. Иара аныхагьы уи ашьҭахь иҧырны ицеит", - ҳәа аныха иакәымла уазнеир шамуа атәы ҳзеиҭаиҳәеит Ахәҵа аҳаблаҿы инхо Славик Ашәба.

Гьаргь Амҷба ишиҩуа ала, аныха Аҧснынтә ишыргаз зырҵабыргуа адокумент ыҟоуп. Аныха зӡаз Акакачиа Шенгелиаа ишриҭаз шәҟәыла иҩны ишьҭырхит XVII ашәышықәсазы.

Руслан Гәажәба иҟаиҵаз анҵамҭа ишаҳәо ала, уи аныха Қьач абаа ианықәҵ ицеит Елырныха иахьа иахьыҟоу аҭыҧ ахь. Убысҟан ауп уа ауахәама андыргылазгьы, иара аныхагьы уа иҩнарҵеит. Елырныхагьы амч ду азҭаз абри аныхоуп рҳәоит.

Иара Қьачныха зызкыз, ишамҵаныҳәоз, иарбан ритуалқәоу имҩаҧыргоз атәы анҵамҭақәа џьаргьы иҳамбеит. Уи згәалашәогьы иахьа дуҧылом. Уимоу Ашәаа иаҳтәыҵәҟьоуп ҳәагьы шьҭа иақәгәыӷныҵәҟьагьы ирызҳәом.

Аамҭахә, мамзаргьы "Сынтәа ҳазмадоу": зҽаҩра ҭазгалаз имҩаҧырго ақьабз

Ажәабжьқәа зегьы
0