"Бжьы-мшынк дырхысҭәҳәалт": аԥсуаа аӡы ишазыҟоу

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟармаратәи аӡиас иху ацҳа ҭакнаҳа
Аҟармаратәи аӡиас иху ацҳа ҭакнаҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2022
Анапаҵаҩра
Зда ԥсҭазаара ыҟам, иԥсҭаҵагоу аӡы аԥсуаа шазыҟоу атәы лматериал аҿы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Амч ӷәӷәа згәылаҵәаху, ауаҩытәыҩсеи аԥсабареи рыԥсы ҭазҵо акы акәны иахәаԥшуеит аӡы.

Аԥсуаа аӡы иамоу амчреи аҷыдарақәеи гәарҭеижьҭеи акрааҵуеит, ирымоуп зхыԥхьаӡара рацәоу, ҵакыла еиуеиԥшыму ажәаԥҟақәа, иаагап: "Ӡыда аԥсҭазаара ыҟам", "Аӡы ахьышьҭрахь ихынҳәуеит", "Аӡы цәыкәбарқәагьы ахаҳә кылырҵәоит", "Аӡы иаанаго аԥша иагоит", "Аӡы иаго амра иазаагом", "Аӡы иацәшәаз ӡыӡлан дылхьынҳалон", "Аӡы ыцәараҳа, аӷа дыцәом" уҳәа уб. иҵ.

Аӡы – алаԥш, ацәгьа-мыцәгьа уацәызыхьчо

Аӡы иагоит алаԥш цәгьа, агәырҩа. Иара ауаҩы ацәгьа иҟәнацоит, ахахьы иагоит. Уи ус шакәу рныԥшуеит аҭәҳәақәа злахыркәшоу амагиатә ажәақәа: "Быжь-шьхак дырхысцеит, бжьы-мшынк дырхысҭәҳәалт".

Аалӡга аӡиас, Тҟәарчал - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2018
Аӡы иҭоу, мамзаргьы ацәҵыхәа аӡы аныҭнаго

Абас ала аӡы ихыҭәҳәалоу алаԥш цәгьа хынҳәышьа амаӡам. Алаԥш цәгьа ихҭанакыз ауаҩы аҭәҳәаҩ даниҭәҳәалак, имаз алаԥш зегьы лышҟа ииасуеит, алаԥш иакны иҟаз иеидара зегьы лара илықәыӷәӷәоит. Убасҟан алаԥш лҽацәылгаразы ҵәыцак азна аӡы хынтә дхыҭәҳәаланы илжәуеит.

Аԥсуаа рҟны аԥхыӡ бааԥс анырбалак, иҩагыланы рҿы рыӡәӡәон, рҿы ӡәӡәо аԥхыӡ еиҭарҳәон, нас ирыҿдыршаз аӡы шцаз еиԥш, "аӡы шцара уцааит" ҳәа хынтә ирҳәон, абри ԥхыӡла иубаз ацәгьара зегь аӡы иагарц азы. Харантә, ма гәаҟрак аҟнытә аԥшқа дызмоу рыҩнаҭаҿы иаадгылаз ӡык рыхьдмыршакәа иааигәа инеиуамызт, алаԥш идмыркырц. Убасгьы агәырҩа лаӷырӡ иарбааӡаз ачабра, иаҳҳәап, аԥсраҿы иумаз, мыӡәӡәакәа, аӡы алмыршакәа, аҩныҟа анагара ҵасым ҳәа рыԥхьаӡон.

Крещение в Богородицком Житенном женском монастыре в Осташкове - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2017
"Ҷфу", "ҷфу", "ҷфу": аҭәҳәақәа рыгәра шызгаз

Ԥсы зхоу, адунеиқәа еимаздо

Аԥсуаа ргәаанагарала аӡы зегь абоит, аԥсы ахоуп, иалшоит агәаара. Ҭаацәарак аӡы рыгзмыжьуа аӡыхь еилхәраа азааигәара агәамсам каужьлар, аҳаҭыр умбар, лассы-лассы еиҵумхлар (иумрыцқьалар), аӡы гәаан иҭабар, мамзаргьы аҽаҵәахыр алшоит. Иҟалалоит аӡы аныцәоугьы, усҟан аԥсабара аҳаиҭԥсиҭ уаҳаӡом, ҭынчрахоит. Ари аҩыза аԥсабаратә цәырҵра, "аӡы шыцәоу" избаз ауаҩы ииҳәо ҟалоит, насыԥ имоуп ҳәа азгәарҭоит аԥсуаа.

Ауаҩы дании нахыс аӡы дадҳәалоуп, данилак, дук мырҵыкәа дыркәабоит, ашьҭахь - аԥсҭазаара дахәҭакхоит. Данԥслакгьы, инарцәымҩа иқәҵаразы иҟарҵо аритуалқәа ираԥхьагылоуп "аԥсы икәабара". Дкәабаны, деибыҭаны нарцәытәи аԥсҭазаара ҿыц даднакыларатәы иҟарҵоит. Иԥсыз ауаҩы нырцәи аарцәи еимаздо аӡы иху ацҳа "Нарцәыцҳа" дықәсноуп џьанаҭ гыларҭа шиоуа.

Ахьаа зыртәо ԥшьнашанатә цәаҳәак>>

Ацқьара иасимволу

Аӡы убасгьы ацқьара иасимволуп, шамаха аԥсуаа иныҟәырго аныҳәарақәа зегьы ианрыҵагыло, аҭаацәара алахәылацәа рҽыкәабаны, ипашәӡа рҽеилаҳәаны иҟазароуп. Иара изыхныҳәо аныҳәагатәгьы, шьтәоума, рбаӷьума, ршьапқәа-рԥышәқәа аӡы рыхьдыршоит.

аҩымсаг иадҳәалоу аԥсуаа рыгәрагарақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.11.2018
Аҩсҭаацәеи алаԥши умԥан иқәнажьлом: аҩымсаг иадҳәалоу аԥсуаа рыгәрагарақәа

Аԥхыӡқәа рҿы аӡы еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирҟазшьарбагоуп:

• Аӡы цқьа ухыԥшылошәа убар – ажәабжь бзиа иатәуп.

• Аӡы хәашь уаԥхьа илеиуазар – ажәабжь бааԥсы, абз, ацәгьаҳәара иатәуп.

• Аӡы хәашь уҭаҳазшәа убар – аӡәы ацәгьа уалеигалоит, абз уаҟьашьуеит.

• Аӡы цқьа ухиааланы уӡсошәа убар, абзиабара цқьа узааиуеит.

Аматериал аиқәыршәараан ахархәара рызун афольклорист Цира Габниаԥҳа лусумҭақәа.

Аамҭа иагаз ақьабзқәа рызхьаара>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0