"Аҵыс мҩас абла ҭызхуаз", мамзаргьы ауаҩ нага игәаларшәаразы аиндаҭлара

© Sputnik / Томас ТхайцукАхысра
Ахысра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз, зыжәлар рыгәҭа аҳаҭыр змаз ахаҵа данԥсы, ишықәс аныҟарҵоз игәаларшәразы имҩаԥыргоз ажәытә қьабз - акьиан дазааҭгылоит Sputnik колумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуа жәлари, аԥсуа дгьыли ирыциит хәы змаӡам аԥсуа қьабзқәа. Иахьа уаҳа зхьышьҭра иқәымло, аамҭа аӡшәах зхабар алаӡҩахьоу ақьабзқәа иреиуоуп зыжәлар рҿы аҳаҭыр змаз, аҽықәтәара иазҟазаз идунеи аниԥсах, ишықәс аныҟарҵоз игәаларшәаразы имҩаԥыргоз ахысратә еицлабра – акьиан.

Гәдоуҭатәи аделегациа Романоваа рыҩны 300 шықәса ахыҵра азгәаҭараан - Sputnik Аҧсны
"Хьӡы алоугааит!": аԥсуаа рабџьар аныҟәгашьа

Акьиан закәу

Акьиан акыр ижәытәӡоу қьабзуп, еицлаброуп. Аицлабра иалахәуп зыԥсҭазаара иалҵыз иҩызцәа, зҭәымҭа иҭагылоу ахацәа, зымч-зылша ԥызшәарц зҭаху ахацәарԥар. Аԥслаҳә абӷа ԥызҵәоз, аҵыс мҩас абла ҭызхуаз ҳәа изышьҭаз ахысцәа акьиан аихсразы заа иалхны иҟан. Акьиан али ахьацеи иркыдырҵомызт. Аханатә аахысгьы акьиан зкыдырҵоз амжәеи, аџьҵлеи ракәын. Акьиан ахьӡуп иара аиндаҭлареиԥш, цәҟьарак аҳасабала икнарҳауазгьы. Акьиан – ари хыхь арахәыц иаркны икнарҳауаз асаан шкәакәоуп, асаан иахьазеиҟароу, агәҭаҵәҟьа иақәшәартә, акәтаӷь ҟаԥшь адкнарҳалон. Нахьхьынтәи уаныԥшлак, акәтаӷь ҟаԥшьи асаан шкәакәеи ҽеила еидубалартә.

Шәарыцара идәықәлаз ауаҩы>>

Амҩаԥгашьа

Ахысцәа рҽааибаркны рааигәа иҟаз хәык ашьапаҿы иаагылон. Дара ахьгылаз инаркны "ҩышә ҽышьахәар" ахьыбжьаз инаркны нырцәтәи ахәаҿы икыдырҵон акьиан. Уа иқәгылаз аџь, ма амжәа икыдырҵон асаан шкәакәа. Абарҭ зегьы еиқәыршәаны, уажәшьҭа акьиан аихсрада зегьы андырхиалак, аԥхьа ахысразы ахысцәа рыбжьара аҵәы ҭарԥсон. Аҵәы зықәшәоз иакәын раԥхьа ахысра азин змаз.

Ашәарыцара - Sputnik Аҧсны
Удырҩатә еиӷьхааит! Ашәарыцареи Ажәеиԥшьааи ирыдҳәалоу згәаҭақәак

Жәытә-натә аахыс излаԥыз ала, ахысҩы иабџьар џьаргьы иқәымкыкәа, диашахәҵәаӡа дышгылоу, иаԥсуа шәақь инапы инықәырсны, "акылԥшра ԥсыԥ еиҭарсрак еиҳа ахмырҵкәа" нырцә икыдыз асаан шкәакәеи иадкнаҳалаз акәтаӷь ҟаԥшьи неидкыланы иԥызыххааз иакәхон аиааира зтәыз. Аиааира згаз "Удырҩатә еиӷьхааит" ҳәа иарҳәон.

Акьиан аихсраҿы аԥыжәара аанызкылаз, убри ақьабз ззымҩаԥыргоз ауаҩы иитәыз-имаз иҟәых - ираӡны ҟама, ма ираӡны маҟа ҳамҭас ирҭон. Уи ҳаҭырқәҵара дуун. Аҳамҭа зауз изы уи амшра ацын, ицәа-ижьы иадзар бзиан.

Иара ианааз Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо аларҵәара змаз ақьабз, зыӡбахә маҷны ираҳахьоу, иниакәкәа ицаз ақьабзқәа ирхуԥхьаӡалар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0