Шәарыцара идәықәлаз ауаҩы

© Foto / Сырма АшәԥҳаАшәарыцаҩ Заур Ратиа
Ашәарыцаҩ Заур Ратиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу ашәарыцаҩ нага Заур Ратиа иӡбахә ҳзеиҭалҳәеит ажурналист Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҧсуаа жәытә-натә аахыс инеимда-ааимдо, иахьа уажәраанӡа имырӡӡакәа иааргоит рыҧсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоу аҵасқәа, ақьабзқәа. Иаҳҳәап, ашәарыцара иаҵанакуа аҧҟарақәа акырӡа ирацәоуп. Шәарыцара идәықәлаз ауаҩы ихы пату ақәиҵароуп, иҿы-инапы ӡәӡәаны, Ажәеиҧшьаа рыхьӡала ашәа ҳәаны амҩа дықәлароуп, убасҟан ауп ашәарах аниҧыло ҳәа анырыҧхьаӡо. Аҧсуа қыҭақәа рҿы иуҧылоит ашәарыцаҩцәа ҳәа ззуҳәаша ауаа нагақәа.

Алхас Конджариа - Sputnik Аҧсны
Алхас Канџьариа: ашәарыцара уанцо, уҿы уаԥшны уцәажәароуп

Заур Ратиа Џьгьарда ақыҭа дынхоит. Дыздыруа изларҳәо ала, шәарыцара днымҩахыҵны ихымҭа камшәац. Алафҳәарагьы бзиа избо Заур ҳаниҿцәажәоз, даахәмарын ус иҳәеит:

"Сара 65 шықәса схыҵуеит, абна илаз 60 мшәы сшьхьеит. Ашәарыцара бзиа иубозароуп, иамоу амаӡа еилукаауазароуп, аҧсабара умыргәаароуп, Ажәеиҧшьаа рымаҵ ишахәҭоу еҧш иууроуп, убасҟан ауп удырҩатә анеиӷьхо", — иҳәеит Заур Ратиа.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, Заур иҧсадгьыл ахьчараҿы акырӡа аџьабаа ибеит. Ашьха ҭыҧқәа, абна ҭыҧқәа бзианы иахьидыруаз аибашьцәа даараӡа ирыхәеит, аҧшыхәра аҿоума, аминақәа рыҵаҵара аҿоума акыр хаҧсыра ихигеит. Аибашьра иазку атема алацәажәара уамак иҽадицалом, Аҧсадгьыл аҿаҧхьа инаигӡаз аус уалҧшьан иҧхьаӡоит. Ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.

Заур Ратиа ахшара рацәа драбуп, ирызҳауеит имаҭацәа. Иара иҩнтәи иусқәа дшаархашәалалак еиҧш, бзиа иибо ашәарыцара амҩа днанылоит.

"Сара раҧхьаӡа акәны ашәақь снапаҿы иааныскылеит 13 шықәса анысхыҵуаз. Смахәҿа ишысҭахыз еиҧш иааннакыломызт усҟан, аха знык ахысра агьама аныск нахыс саанымкылеит. Саныҩеидас ашәарыцара сазҿлымҳахо салагеит, уи иацыз акәамаҵамарақәа зегьы ҭысҵаауан", — ҳәа азгәеиҭоит Заур Ратиа.

Охота - Sputnik Аҧсны
Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа дшышәииз: ашәарыцара иазку жәлар рҳәамҭақәак

Заур излаиҳәо ала, шәарыцара уцаны шәарах жьыла аҩныҟа уаныхынҳә, ҭаацәашәала мацара унеидтәаланы аамҭа анухуга, уи гьама амам.

"Зегь раҧхьаӡа иргыланы уааигәа аиҳабы дынхозар, ихәы ушьҭыроуп. Уи патууп, ҳаҭыруп. Угәылацәа, узлацәа наудгаланы аишәа унеицахатәаны аџьџьаҳәа уеицәажәо, ҳаҧсуара ишаҳәо еиҧш ухы анныҟәуга, аизааигәахара, агәыбылра убжьалоит, Ажәеиҧшьаагьы ргәы иахәоит", — иҳәеит Заур Ратиа.

Ашәарыцара алҧха ӷәӷәоуп. Амаҵ ишахәҭоу еиҧш иутәуп, иарбан аамҭазаалак иара ахатә знеишьа амоуп.

"Сара шамахамзар шәарыцара схала сцоит. Ус еиҳа еиӷьасшьоит. Иҟоуп иансыҳәо, ашәарыцарҭа ҭыҧқәа бзианы иудыруеит, иҳарба ҳәа. Идсырбоит хымҧада, аха аҿар зны-зынла аҧҟарақәа анеиларго, уи сара сгәы снархьуеит", — дҳацәажәон ашәарыцаҩ.

Заур Ратиа, ашәарыцара инаҷыданы аҟазара бзиа ибоит, ишырҳәо еиҧш, инапы ахьы аҧссоит, амҿлых аус адиулоит, ажәытә уаџьаҟқәа ҟаиҵоит, ус шаҟа хкы!..

Заур Ратиа игәылацәа лафны ишазгәарҭо ала, рыҩнтәы ҧсаатәқәеи, рырахәи абна илоу агыгшәыг ирцәихьчоит, рааигәара акы ааишьҭуам. Илақәа аашьҭыхны абна днылалар, акы мшьыкәа дхынҳәуам. Ус еиҧш иҟаз хҭыск саҿахәҳәагахеит ааигәа. Заур Ратиа инаҳцәыхарамкәа дынхоит. Амш ахәларахь инеихьан. Алашбыжьқәа рацәаны игон. Ҳанындәылҵ, илақәа иаҧхьа игылоуп, бгалаџкгьы алымҳацәқәа кны ирҳәазо иааигоит.

"Сшәақь аашьҭыхны сахьындәылҵыз, амҩан исҧылеит, азныказы лаз џьысшьеит, аха ус шакәмыз анеилыскаа сеихсит, исхәит, ашьҭахь слақәа икагәаны иркит, шәкәытқәа крыӡхьазар, абри ауп изфаз", — иҳәан длафуа дааҳацәажәеит Заур.

Заур Ратиа иҧа Алхас, иаб ишьҭа дхуп, ашәарыцара бзиа ибоит. Аиҳабацәа еизҳауа абиҧара ишахәҭоу еиҧш рдыррақәа анрызнарго, уи еиӷьу иарбану?!

Ажәеиҧшьаа рылаҧш еснагь ишәхызааит, ҳаҭыр зқәу, ашәарыцаҩцәа!

© Sputnik Леон Гәниаашәарыцара асезон
ашәарыцара асезон - Sputnik Аҧсны
ашәарыцара асезон

Ажәабжьқәа зегьы
0