Жәҩангәашәԥхьара убааит, ма анасыԥ узаазго ацәырҵра

© Sputnik / Сергей Мамонтов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабочая поездка вице-премьера РФ Д. Рогозина на Ямал
Рабочая поездка вице-премьера РФ Д. Рогозина на Ямал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа лассы-лассы ҳцәажәараҿы "Жәҩангәашәԥхьара убааит", "Жәҩангәашәԥхьара ибеит", "Жәҩангәашәԥхьара изаҩызахеит" ҳҳәоит. Арҭ ажәақәа ҵакыс ирымоу атәы ҳадылгалоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Нас изакәызеи жәҩангәашәԥхьара? Жәҩангәашәԥхьара (урысшәала "небесные врата") аԥсуаа ржәытә дунеихәаԥшра иарҿиаз мифуп, иагьԥсабаратә цәырҵроуп.

Ацәаҟәа - Sputnik Аҧсны
Дгьыли жәҩани еимаздо: ацәаҟәа аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы

Аԥсуаа агәра ганы иҟан, аԥхын амш анбзиоу, ажәҩан каххааса еилганы ианыҟоу, адгьыли ажәҩани еиҟәызҭхо "жәҩан гәашәқәа ааимҟьаны" убла хнакыртә иаалашоит, нас амацәыс еимҟьара еиԥш иныҵабоит. "Жәҩангәашәԥхьара" збаз дназыҳәо зегь ҟалоит, аха ас еиԥш иҟоу ацәырҵра лассы-лассытәим, ишаауҭаху зегьы ирзаатуам. Уи абара зылшо насыԥ змоу ауаҩ иоуп.

Ажәҩан анааимҟьо, акәарақәа, аӡиасқәа, арҩашқәа, хланҵы илеиуа аӡҭаҽҽаҵәҟьақәагьы рҳаиҭ-ԥсит уаҳаӡом, иаангылоит рыԥсы ӡаны.

"Жәҩангәашәԥхьара збаз ауаҩы деиҿамскәа ԥшьажәак "Лари, уари, хази, џьхәари" (алақәа, ауаа, ахыз, аџьхәар) иҳәароуп. Жәҩангәашәԥхьара збаз иҿахәы ахьынаӡо аҟнытә, алақәагьы, ауаагьы нхаларц насыԥла, ахызгьы аџьхәаргьы рыгымхарц даҳәоит. Жәҩангәашәԥхьара збо ииҳәо зегь ҟалоит, аха трафарет ҳасабла иҟоу ажәақәа "Лари, уари, хази, џьхәари" уҳәар зегьы иреиӷьуп. Даҿамхакәа урҭ зҳәаз иоуп зыԥсҭазаара зегь реиҳа насыԥла ишьақәгыло", – азгәаиҭоит аҵарауаҩ Н. Џьанашьиа иетнографиатә нҵамҭақәа руак аҿы.

Анеҩс, аҵарауаҩ Г. Чурсин Оҭҳара ақыҭан ианиҵаз аҳәамҭа излаҳәо ала, Амԥарааи Кахьырааи (Кахьыриԥацәа) рыжәлантә иаиуаз џьоукы аамҭала зны жәҩангәашәԥхьара ибахьазаарын, убри аҟнытә урҭ ажәлантәқәа иреиуоу ауаа рыԥсҭазаараҿы иахьабалак ақәҿиарақәа, аихьӡарақәа рымоуп ҳәа иԥхьаӡан.

Ажәҩан - Sputnik Аҧсны
Агәаҟрақәа раанкылара, ма аԥсраҿаҳәара ақьабз

Ажәҩан ааимҟьаны избаз дшанханы, мамзаргьы дыццакны абзиара ацынхәрас ахәанча иамхаҳәар, агәнаҳа ҟалоит. Убас, дырҩегь Чурсин ианҵамҭақәа рҟнытә ажәҩан аартны избаз нхаҩык "сҭаацәа ҿиааит" иҳәарц ацынхәрас "сҭаацәа еиланҵәааит" ҳәа иамхаҳәазаап. Иаразнак иҳәахьа наӡеит.

Аԥсуаа реиԥш ажәҩан аимҟьара, аартра зныԥшуа аҳәамҭақәа уԥылоит адыгақәа, абазақәа, ауаԥсаа, азербаџьанцәа, арумынцәа, ачувашцәа уҳәа ажәларқәа жәпакы рҿы.

Аԥсҭазаара зеиԥшрахо аилкаара: Анмираҳ - абзиабара анцәахәы идҳәалоу аҵасқәа>>

Адыгақәеи абазақәеи рмифологиаҿы иҟоуп Гобжогош захьӡу аԥсабаратә (жәҩантә) цәырҵра, уи уахынла иаацәырҟьан, али-ԥси рыбжьара иныҵаба, ажәҩан иналаӡ ицоит. Уи анаацәырҵуа аҵх лашьца ԥхьанацоит уҳәаратәы, ауаҩы ила иазымычҳара ажәҩан аалашоит. Абазақәа рҿы ари ажәҩантә цәырҵра абара насыԥс изауз ауаҩы игәазыҳәара хымԥада ишынаӡо дырны гәыкала хажәак иҳәоит: "аџьанаҭ", "анасыԥ", "аманшәалара".

Ажәабжьқәа зегьы
0