Ажәақәа "гәышьа", "амарџьа", "аҟаҭ", "акаамеҭ" ирызкны цәаҳәақәак

© Sputnikаԥсуа анбан
аԥсуа анбан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ражәаҳәа иалоу ажәақәа "гәышьа", "амарџьа", "аҟаҭ", "акаамеҭ" ирызкны гәаанагарақәак ҳацеиҩылшоит Sputnik акорреспондент Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа ҳцәажәараан изыхәҭоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны ахархәара анаҳҭо ыҟоуп ажәытә ажәақәа. Иҟалалоит урҭ абызшәаҿы ианеиқәхо, аха рҵакы анырхашҭуа. Убри аҟнытә, сазааҭгыларц сыӡбеит ажәақәа "гәышьа", "амарџьа", "аҟаҭ", "акаамеҭ" рзы аӡәырҩы аҵарауаа ргәаанагарақәак.

Золотая осень в Великом Новгороде - Sputnik Аҧсны
"Хә-ҳәыҳәк хә-махә ҩак ирықәтәоуп": аԥсуа ажәарццакқәа рыхҳәаа

Гәышьа. Абри ажәа лассы-лассы ацәажәараҿы рхы иадырхәоит акы иазкны гәынамӡарак, гәкаҳарак анрымоу. Ас еиԥш ахархәара змоу ажәа аҵакы џьара заҵәык адагьы џьаргьы иуԥылом, иара уигьы иҵоурам амчқәа ирыдҳәалоуп.

1983 шықәсазы хылҵшьҭрала ақыҭа Тҟәарчал, Атышаду аҳабла иеиуаз Наҭела Хәыҭа-иԥҳа Аргәын лҟнытә аҵарауаҩ Руслан Гәажәба ианиҵахьан лаб иҿылҵааз аҳәамҭа кьаҿ, уи абас аҳәоит: "Сара сҭаацәа саныхәыҷыз исарҳәеит, исабжьаргеит санцәажәо сажәа иалаҵаны "Гәышьа" сымҳәаларц. Уи захьӡу аҩсҭаацәа реиҳабы иоуп. "Гәышьа" уҳәацыԥхьаӡа дԥырны дааины ужәҩа днықәтәоит, "Иуҭахузеи, узсыԥхьазеи?" - ҳәа дуазҵаауа. Аҩсҭаа дызхьыԥшу ауаҩы хир дақәшәом".

Ирхашҭқәахьеит акәымзар, ажәытәан "Гәышьа" аҩсҭаацәа реиҳабы ихьӡ ауп ҳәа зыԥхьаӡоз рацәаҩын.

Аҟаҭ. Ҳбызшәаҿы ахархәара амоуп ижәытәӡоуп ҳәа иуԥхьаӡаша ажәа "аҟаҭ". "Уи аҟаҭ ихигеит", "Уи аҟаҭ дҭагылоуп" рҳәоит ацәажәараан еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы. Ҭҵаарадыррала ари ажәа дазхьаԥшхьан Дырмит Гәлиа. Аԥсуаа ари ажәа ажәытәӡатәи шьамаа (сирийцы- аред.) рҟнытә иаланагалазар ҟалап ҳәа агәаанагара иман. Ажәытәӡатәи шьамаа рҿы "Ҟаҭе", "Ка́те" дынцәоуп. "Аԥсуаа ҳҿы анцәаратә функциа ацәыӡхьеит, аха ишәарҭоу, иҿку чмазарак ауаа ирылазырҵәо ахьӡ акәны иаабоит", азгәаиҭоит Гәлиа.

Амарџьа. Ажәа "амарџьа" аԥсуа бызшәаҿы ахархәара амоуп аӡәы ишәарҭоу, иуадаҩу уск инапы аналеикуа, ишәарҭоу мҩакы данықәло. Ауаҩы игәы иҽанызарц "амарџьа, машәыр умыхьааит" – ҳәа иабжьаргон дызҭаху. Иара убас агәышьҭыхра анаҭаху аамҭазы ари ажәа хәарҭара алоуп, иаагозар "Аҳаҳаи, амарџьа, ҳаиҵамхароуп!"

Аха ари ажәа даҽа ҵакык ахьамоугьы ануԥыло ыҟоуп. Иаҳҳәап, афольклорист С. Л. Зыхәба ишәҟәы "Аԥсуаа рмифологиа" аҿы иааигоит ҿырԥштәыс аҟазараҭҵааҩы А. К. Кациа иажәақәа: "Сара сабду иҳәоны изласаҳаз ала, ажәытәан амшын аҿы анышь амҵәыжәҩақәа анырҟьоз, иеицахаларц азы "шәах амарџьа!" – ҳәа еицырҟьон".

Очаг - Sputnik Аҧсны
Ашацәа, мамзаргьы алахьынҵазы аԥсуаа ргәаанагара

Ажәа "амарџьа" еиуеиԥшым ааԥхьаратә ҟазшьақәа аманы ирымоуп аԥсуаа реиԥш адыгаа, аҟарачқәа, ауаԥсаа, аингәышцәа, абазақәа. Ари ажәа ажәытәан аԥсуаагьы, адыгақәагьы ирзеиԥшыз нцәахәык ихьыӡ акәзаарын. Ауаҩы акы данаргәаҟуа зегь раԥхьа дааины дицхраап ҳәа дзықәгәыӷуаз анцәахәы иакәын амарџьа, Марџь ҳәа изышьҭаз. Амарџьа (марџь) зегь раԥхьа иааины ауаҩы ицхраауа нцәахәуп ҳәа аирбоит академик Н. И. Марр иархивтә нҵамҭақәа руак аҟны.

Акаамеҭ. Араԥ бызшәа аҟнытә аԥсуа бызшәа иаланагалаз ажәоуп – "акаамеҭ", "киаамаҭ". Адунеи еилабгоит, иқәӡаауеит ҳәа амифтә гәаанагара азырбо ажәоуп. Аԥсуаа ирымоуп традициала ирҳәо ашәира бааԥс: "Акаамеҭ уақәшәааит", "Акаамеҭ узыҟалааит". Гәаҟра дук иақәшәаз изы ирҳәоит: "Акаамеҭ дақәшәеит", "Акаамеҭ изыҟалеит". Ахәыҷы мтәа-мгыла, ма еилҟьеилӷәыцәӡа иҟоу аӡәы и(л)зырҳәоит "Акаамеҭ деилҟьоуп" - ҳәа.

Амариицәа рмифологиаҿы нарцәытәи адунеигьы, уи иахылаԥшхәугьы киамаҭ ҳәа ирышьҭоуп. Уаҟа агәнаҳа ҟазҵахьоу ҵа змаӡам атыша лашьца (киамаҭ) дҭаҳауеит, уи џьаҳаным днаноит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0