Еснагь иԥсҿыхган: аԥсуаа рҟны ашәа ацәырҵшьеи аҵаки

© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Ерцахә"
Ансамбль Ерцахә - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ркультура иузаҟәымҭхо иалагылоуп рышәаҳәаратә культура. Уи ажәытәан ишыҟази уажәы ишыҟоуи атәы шәаԥхьа Sputnik Аԥсны аматериал аҟны.

Sputnik

Аԥсуа жәлар жәытә-натә аахыс ирыцуп ашәаҳәаратә культура. Аамҭа цацыԥхьаӡа ажәлар рашәа есааира аҳаҭыр шьҭыҵуеит. Избанзар ажәлар рашәа ҵаулоуп, адоуҳа аизҳараҿы аҵакы рацәоуп, ахәра арӷьоит, ичмазаҩу ихьаа иханаршҭуеит, игәырӷьо игәы ардоит. Аха иахьатәи ҳаамҭазы, ажәлар рашәа дара рыҩнуҵҟа аҿиара анкьа ишамаз еиԥш иамам, хәыҷы-хәыҷла ирхашҭуа иалагеит.

Уаанӡа ажәлар изҿызаалак иахьакәзаалак ашәа рыцын аԥсҭазаараҿы, анхара-анҵыраҿы, аибашьраҿы, агәырӷьараҿы, ачараҿы. Ауаҩы ашәада дызнымхошәа агәаанагара узцәырнагоит аԥсуа жәлар рашәаҳәаратә культура уанагәылаԥшлак. Ашәа ԥсҿыхган есымша аԥсуаа рзын цәгьароума, гәырӷьароума зегьы рҿы.

Аԥсуа жәлар рашәаҳәаратә культура ашьаҭа даараӡа иҵаулоуп, жәлар рҿаԥыцтә ҟазараҿы уи ибзианы иазгәаҭоуп. Абри ажәлар рҟазараҿы ашәа аԥҵара, ацәырҵра Нарҭаа ирыдырҳәалоит. Ирҳәоит Нарҭаа рашьа зегь реиҳа ишәарыцаҩыз, зыхҿа баша икамшәоз, геи-шьхеи ззеиԥшыз Қьаҭуан еиҳарак ихьӡ злагаз аҿарпын ахьаԥиҵаз азоуп, ашәаҳәара ахьаԥиҵаз азоуп ҳәа.

Нарҭ Қьаҭуан шәарыцара дшыҟаз ҽнак зны амаҭ ицҳаит. Дахьиаз даара дгәаҟуан. Усҟан хьаа хҽыгас иҳәон "Уа, Рарира, Раида, Рашьа" ҳәа.

Аԥсуа кәашаҩцәа Есма Ақырҭааи Ҭемыр Аргәыни - Sputnik Аҧсны
Аҳаҳаи, амарџьақәа, шәеиҵамхан: аԥсуа кәашара иаци иахьеи

Рыбжьы ныҵак имырӷәӷәакәа иацдырӷызуан иара иашьцәа "Уа, Рарира, Раида, Рашьа" ҳәа. Ирҭахын иара убри ала рашьа Қьаҭуан иԥсы идыргарц. Убас Нарҭ Қьаҭуан ихьӡ иадҳәалоуп аҿарпын аԥҵарагьы. Уигьы шыҟалаз абас ауп:

"Нарҭ Қьаҭуан Нарҭааи Аиргьааи рырахә ирҳәлон. Ҽнак дшыцәаз, ԥхыӡла бжьык игәы иаақәҩит: "Ҳаит! Иухьзеи Қьаҭауан? Ухьӡ змырӡшаз акы ыҟан. Угыла ауаса иуцәырфоит", - ҳәа. Ахьышәҭҳәа дҩаҵҟьан, иуасақәа данрылахх, урҭ аҿарпын ықәхны афара иаҿын. Инханы иҟаз акы заҵәык акәын. Уи иаҳәызбала дласын ианԥиҟа, ишикыз ауаса аакылсын имнахырц иалагеит, аха иаимҭеит. Ахаԥыц ашьҭақәа ахьаннаҵаз аԥша анҭас абжьы го иалагеит. Қьаҭуангьы ари аниаҳа уамашәа ибан, иаҳәызбала иааҿаҟәа-ааҿаҟәаны инеиҿеикын ауасарҳәыга наирҳәеит.

Жәлар рҿаԥыцтә ҟазараҟны абас иазгәаҭоуп аԥсуа жәлар рашәа арҳәага амаҭәарқәа рышьақәгылара атәы. Аха, жәлар рашәа арҳәагатә инструментқәа рышьақәгылара, рира раԥхьатәи ауаатәыҩса адунеи аҿы рхәы рыԥшаа, инхо ианалагаз аамҭа иадырҳәалоит. Раԥхьаӡатәи ауаатәыҩсатә еилазаара, ахаан иаԥырҵаз амузыка арҳәагақәа рахь иаҵанакуеит: аинҟьага – аӷәы алаба ҳәа изышьҭоу, абыкь, ашьамшьыг (свирель). Раԥхьа дара зызкыз, ҵакыс ирымаз аибадырра анырҭахыз иадырҳәон еибадыргас ирыман. Анхара-анҵыра аҿы еиԥш аибашьрақәа раангьы рхы иадырхәон".

Аԥсуа чара - Sputnik Аҧсны
Скәашом ҳәа ҭоуба шышьҭасҵаз: иахьатәи ҳчарақәа рҟны акәашаратә етикет иазкны

Анаҩс, аԥсҭазаара ҿио аҽаԥсахуа ианалага, амузыка арҳәагатә маҭәахәқәа агәырӷьаратә шәаҳәаратә-кәашаратә ҵакы шьҭырхуа иалагеит. Ауаажәларратә ҿиаратә мҩаҿы анаҩс ицәырҵуа иалагеит еиҳа зхархәара мариамыз арахәыц зҿаз амузыкатә арҳәагақәа: аҩымаа, ахымаа, аԥхьарца уҳәа. Арҭ аҽхәыц зҿоу амузыкатә арҳәагақәа рахьтә иаҳа ахархәара ӷәӷәа аиуит аԥхьарца, насгьы ажәлар рҿы аҩаӡара еиҳа еиҳаны иршьон аҩымааи ахымааи раасҭа. Аҩымааи ахымааи еиҳа ихьанҭоу, зарҳәара мариам маҭәахәқәаны иԥхьаӡоуп. Аҩымааи ахымааи аамҭак азы ажәлар рыҩнуҵҟа ахархәара иалҵны иҟан, аха нас еиҭашьақәдыргылеит.

Иҟоуп, иара убас, аԥсуа музыкатә рҳәагатә маҭәахәқәа рахьтә аамҭа анца ҽаџьарантә иаланагалаз арҳәагақәагьы. Урҭ адаул, ачамгәыр, амырзакан роуп. Арҭ арҳәагатә маҭәарқәа шаҳаҭра руеит жәытә аахыс Кавказтәи ажәларқәа еиҳарак аԥсуа-аедыгь жәларқәа ркультура, рдоуҳатә еимадарақәа рышьаҭа шеивҵоу, ишеидҳәалоу. Аԥсуа-аедыгь жәларқәа ҭоурыхла еидыҵаанӡа, жәларыкны ианыҟаз, еицырзеиԥшыз адоуҳатә культура андырҿиоз, рашәаҳәаратә традициақәа шеихылҵуаз, ишеицыҿиоз рныԥшуеит дара еицырзеиԥшу рмузыкатә арҳәагақәагьы ҳәа иԥхьаӡоуп.

Аԥсуа-аедыгь жәларқәа ҿырҳәалатәи рҟазара зқьышықәсала иҿион, иазҳауан. Уи даараӡа иҵаулоу, ганрацәала еилоу ҟазароуп. Аԥсуа-едыгь жәларқәа ркультура даара еизааигәан аиԥшрагьы рацәаны ирыман азеижәтәи ашәышықәса азыбжанӡа, аха азеижәтәи ашәышықәсазы еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны арҭ ажәларқәа атәым ҳәынҭқаррақәа рахь иахнагеит. Атәым ҳәынҭқаррақәа рахь иахьагаз зегь раасҭа ирацәаҩны иахьеиланхо Ҭырқәтәылан даара уаҩы иааџьеишьаратәы еиқәдырхеит ркультура зегьы еиԥш, рашәаҳәаратә ҟазарагьы.

Араҟа иахьааизалак агәырӷьара иадҳәалоу зегьы рҿы ашәа мҳәакәа, имкәашакәа еидыҵӡом. Усҟан дара ирыцуп, иахьала уаҟа еиқәханы иҟоуп амузыкатә арҳәагақәа. Уаҟа иахьала еиқәханы иҟоу амузыкатә арҳәагақәа хԥа роуп: аинҟьага – аӷәи алабеи ҳәа изышьҭоу, аҟьаԥҟьаԥ, амырзакан. Акәашарақәа зегь раан еиҳараӡак аӷәи алабеи еинҟьаны иадырҳәоит. Ари Аинҟьага мамзаргьы аԥсуа кәашара ҳәа иашьҭоуп. Аӷәи алабеи рарҳәаразы ҭыԥк ааԥшааны аӷәы аҟәардәқәа ирықәҵаны наҟ-ааҟ арԥарцәа акәшаны итәоит. Нас аӡәы алабақәа ааганы ириҭоит. Алабақәа анырзыршалак, арԥарцәа аинҟьаратә музыка адырҳәоит, аӷәи алабеи еинҟьо.

Аибашьра иацынҵәаз Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иацынҵәаз: Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых

Убри аамҭазы аҭыԥҳацәагьы рҽырхианы арыӷьарахь ала игылоуп. Урҭ рханы дгылоуп амырзакан азырҳәо аҭыԥҳа. Анкьа аҭыԥҳацәа реиҳараҩык зегьы амырзакан адырҳәон. Амырзакан арҳәаны, иқәгьежьааны икәашон. Аӷәи алабеи анадырҳәо арԥарцәа алабақәа рзызшаз арԥыс ирхагылоу агәҭа дааҭагьежьны днеины, аӷәи алабеи еинызҟьао аӡәы дааидгыланы даахырхәоит, уи дҩагыланы илаба иара инаиркны агәҭа дааҭагьежьны аҭыԥҳацәа раԥхьа игылоу длеихырхәоит, акәашарахь дааиԥхьоит, нас урҭ аӷәи алабеи ирыцкәшоит, уи аамҭазы аҭыԥҳа амырзакангьы алырҳәоит. Урҭ акәашара аныхдыркәшалак, арԥыс днеины дтәоит. Аҭыԥҳагьы акәашаразы игылоу аҭыԥҳацәа рышьҭахьҟа днагылоит.

Агәҭа иҭагылоу арԥыс еиҭа даақәгьежьаауеит, нас днеины даҽа арԥыск аӷәи алабеи еинызҟьо днаидгылоит, уигьы илаба иара инеииркуеит, дҩагылан даақәгьежьааны анаҩс игылоу аԥҳәызба длеихырхәаны акәашарахь дааиԥхьоит. Убас аӷәы иадтәалоу, икәашо арԥарцәа зегьы аҭыԥҳацәеи дареи хаз-хазы еицыкәашоит. Урҭ  хәҩык-фҩык-быжьҩык рҿынӡа ианынаӡогьы ыҟоуп, ианеиҳаугьы ыҟоуп.

Ас ҟарҵоит Диузџьи Адаԥазари рыкәша-мыкәша инхо аԥсуаа. Дали Ҵабали иҭыҵыз Есқьишьеҳир, Инегиоль, Бурса рыкәша-мыкәша инхо аԥсуаа игыланы ауп аӷәи алабеи ишасуа. Аҭыԥҳацәеи дареигьы хаз-хазы еицыкәашоит, аха ҩыџьа-хҩыла иқәларгьы ҟалоит. Амала, аӡәы егьи диаԥыҩло, дызцыкәашо димхны дицкәашо еиларгаӡом, уи ԥшӡаӡам ҳәа иԥхьаӡоуп. Еинааланы, еиқәыршәаны икәашоит.

Высокогорное село Псху - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла аԥсуа хьыӡқәа: ақыҭақәеи, урҭ рҭагылазаашьеи

Ҭырқәтәыла инхо ҳауаажәлар, арантәи ианцоз ирацәоуп иргаз амузыкатә арҳәагақәа. Уа ргәалашәараҿы иҟоуп аҿарпын аԥхьарца уҳәа иазырҳәозгьы рыӡбахә рҳәоит, аха иахьа ахархәараҿы иаанханы иҟаӡам. Ахархәараҿы иаанханы иҟоуп ишаҳҳәаз еиԥш аинҟьага – аӷәи-алабеи ҳәа изышьҭоуи, аҟьаԥҟьаԥи, амырзакани. Еиҳараӡак ибзианы рхы иадырхәо аӷәи-алабеи амырзакани роуп. Урҭ макьана ибзиаӡаны ахархәара рымоуп, амырзакан азырҳәо аҭыԥҳацәа рхыԥхьаӡара маҷхо ишалагазгьы.

Ашәаҳәара аганахьалагьы ибеиоуп уаҟа еиқәханы иҟоу аҟазара. Ибзиаӡаны ирдыруеит аҭцаагарашәа "Уарадеида", "Аураашьа", "Ахәра ашәа" уҳәа. Ирҳәоит еиуеиԥшым афырхаҵаратә, анхаратә, ахьӡыртәратә ашәақәа. Ибзианы иргәалашәоит ауаз ашәақәа, афырхацәа ирызку ашәақәа. Рашәа иалоуп есымша Нарҭаа дуқәа рашәа "Уа Рарира, Раида, Рерашьа".

Гәыԥҩык ахьааидтәало амырзакан арҳәаны ашьшьыҳәа акәашара иналагоит. Уи ирццаку акәашара "Рынаа" ахьӡуп. "Рынаа" акәашара ианалагалак, шьоукы иахьтәоу ирдыруа аԥсуа ашәақәа рыбжьы ныҵак аҳәара ианалгогьы ыҟоуп. Нас итәоу идырӷызуеит. Акәашара згәы аҳәогьы кәашоит.

Ажәак ала, ҳдиаспора рыԥсҭазаара иаҵубаауеит аԥсуа жәлар рышәаҳәаратә, рыкәашаратә культура иамаз алахҿыхра, агәырӷьара иара убас ауаз, ахьаа. Иара ашәа ахаҭагьы еиҳарак "азар" ҳәоуп ишашьҭоу. Аӡәы изын ашәақәа идыруеит рҳәарц анырҭаху, уи азарқәа идыруеит рҳәоит. Ари агәаҟрақәеи аибашьрақәеи ус ишьақәдыргылеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп.

Ачара анынҵәо, хымԥада, "Аураашьа" рҳәоит, иацкәашоит, уи алагьы ихдыркәшоит. Аха ҳдиаспора ахаҭарнакцәа "Аураашьа" макьанагьы зехьынџьара ирыцуп. Гәырӷьарак аҿы ианааизалак, ианырымҳәо ыҟаӡам. Ажәакала, уаҟа ажәлар рыҩнуҵҟа макьана ирацәаҩуп ажәытәтәи аԥсуа шәаҳәаратә-кәашаратә рҿиара ныҟәызго ауаа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0