Ҭырқәтәыла аԥсуа хьыӡқәа: ақыҭақәеи, урҭ рҭагылазаашьеи

© Sputnik / Томас ТхайцукВысокогорное село Псху
Высокогорное село Псху - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла аԥсуа хьыӡқәа иахьа уажәраанӡа ишеиқәхаз атәы Sputnik аматериал аҟны.

Ара Аԥсны ишеидынхалоз еиԥш, уа Ҭырқәтәылагьы хаз-хазы, аха еизааигәаны инхоит асаӡқәеи аҳчыԥсааи. Асаӡқәа даҽакала Хылҵысаа ҳәагьы ирышьҭоуп.

19-тәи ашәышықәсазы Кавказ ҭызҵаауаз аурыс афицар Фиодор Торнау игәалашәарақәа еидызкыло ашәҟәаҿы иазгәаиҭоит: "Асаӡқәа амшын Еиқәа ацәаҳәа ааныркылоит Гагратәи ахрыӷәӷәарҭа инаркны аӡиас Шәача аҟынӡа", ҳәа. 1864 шықәса азы асаӡқәа зегьы Ҭырқәтәылаҟа ихдырҵәоит аурыс аҳратәра анапхгара.

Мрагыларатәи Аԥсны ашьхақәа - Sputnik Аҧсны
Иҿымцәаауа агәыӷра: Дали Ҵабали аԥсҭазаара ыҵхәраа идәықәлашт

Ҭырқәтәыла асаӡқәа нхоит ақалақь Сакариа (Адаԥазар) акәша-мыкәша. 22 қыҭа рҟынӡа ыҟоуп. Аха қыҭақәак рҿы зынӡа иҭацәуп, ауаа ықәҵны ақалақьқәа рахь ицеит. Асаӡ қыҭақәа иреиуоуп Месудие – аԥсышәала Ҭаҳирбеи иқыҭа. Ҭаҳирбеи д-Цанбан. Уаанӡа ари ақыҭа цандаа рқыҭа ахьӡын – Цанқыҭ рҳәон. Ақыҭа Қьемалие, аԥсышәала Хамышьаа рқыҭа. Ионгаллык – аԥсышәала Ҭаԥсаа, ари ақыҭагь Цандаа роуп еиҿызкааз рҳәоит. Деирмандере аԥсышәала Гагра. Ари ақыҭаҿ аԥсуаа аӡәык-ҩыџьак роуп инхаз. Егьырҭ зегьы ықәҵаны ақалақьқәа рахь нхара ицеит. Быуазқьиои – Шьаҳанбеи иқыҭа, Шьаҳанбеи д-Чун. Чыуаа Аԥсны Мцасҭа иҭыҵыз роуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Карадере аԥсышәала Шәмеиха иқыҭа ауп.

Ионгаллық – аԥсышәала Базир иқыҭа, Алаач – аԥсышәала Лаҳә иқыҭа, Гебешь – Арыдаа рқыҭа. Асаӡ қыҭа дуқәа иреиуоуп Кәызулуқәи Бычкыдереи. Кәызулуқә – аԥсышәала Гечрыԥшь, мамзаргьы Гечаа раҳҭынра ҳәа иашьҭоуп. Ари ақыҭаҿы инхо ишырҳәо ала дара арахь иаазгоз, ари ақыҭагьы дзырбаз Геч Рашьыҭ иоуп.

Ақыҭа еиҿызкааз, зыхьӡ ахугьы д-Гечбан Шабаҭ ихьӡын. Аҩбатәи Асаӡ, ахылҵыс қыҭа ду Бычқыдыре Арыдаа рқыҭа ауп. Ақыҭа еиҿызкааз Арыдба Исмаил иоуп. Бычкыдере инхо аԥсуаа Адлер ақыҭа ҳаныҵит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Бычкыдере раҳ ирымаз д-Арыдбан.

Аԥснынтә уа Арыдаа рахьынтә дыҷкәынаны инеиз Шьырынбеи ихьӡын иҟоуп иахьа уажәраанӡа иара дызгәалашәо ауаагьы. Шьырынбеи иаб Исмаил ихьӡын. Убри Исмаил иоуп ақыҭа Бычкыдере аҿы зуаажәлар зманы инанагаз. Ардба ицны уа инанагеит Мқьалаа, Акәыџбақәа, Ашәымхәаа, Аилсырбацәа, Агәышӡаа, Ашәеибацәа, Бышныхәаа, Аграа ыҟоуп ари ақыҭаҿы, аха урҭ ақыҭа анеиҿыркаа ашьҭахь 30-50 шықәса рышьҭахь уа инанагаз роуп.

Хаири Кутарба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Қәҭарба: сроман анысыҩуаз Ҭырқәтәыла сқыҭаҟны инхоз аԥсуаа рхымҩаԥгашьа сазхәыцуан

Арыдаа аамысҭацәан. Ахылҵысқәа рҿы Аубла ажәла еиҳау дыҟаӡам, уи аҳцәа зегьы иреиҳабуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ҭырқәтәыла Ҳендеқь Сивриҭеԥе ахьахьӡу ҭӡы заҵәык аанханы иҟоуп. Зыԥсы ҭоу зегьы иреиҳабу Аубла Иозқан ихьӡуп Адаԥазар дынхоит.

Аамысҭацәа аҳ идгылацәа роуп. Аубла аҳцәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Ари ақыҭаҿы Ачаа ыҟан раԥхьа, аха нас дара Акбалық ақыҭахь ицеит. Бычкыдере инхо ауаа дара рҿы иаҳны ирыԥхьаӡо Арыдаа роуп, аха аҳцәа зегьы, ишаҳҳәаз еиԥш иреиҳаны иԥхьаӡоу Аубла роуп. Арыдаа дгылаҩцәас ирыман: Мқьалаа, Кәыџаа, Ашәымхәаа.

Аамысҭацәеи анхацәеи рыҩныҵҟа аӡәы тәыс диманы днаицо-ааицо ус иҟаӡамызт. Зегьы доусы рыдгьылқәа рыманы еицынхон, ҳәа еиҭарҳәоит ажәабжьҳәацәа уанразҵаауа. Ахылҵысқәеи асаӡқәеи аӡәны иԥхьаӡоуп. Бычкыдере инаркны Доанчаи, Қьемалие, Чаибашьы, Гебешь, Месудие, Ҭашьбурун, Ионгаллық, Карадере, Кәызулуқә абарҭ зегьы хылҵыс қыҭақәаны иԥхьаӡоуп.

Арыдаа рқыҭагь ахылҵысаа рқыҭа ауп ҳәа иԥхьаӡоуп. Аԥсны урҭ ахьықәҵыз рқыҭа Адлер ахьӡ ахьынтәаауагьы дара рыжәла аҟынтәи ауп. Аԥсышәала Арыдаа рымҳәоз аҭырқәцәа Арыдлер рҳәон – дара рбызшәа арацәа хыԥхьаӡаратә суффикс —ler- ацҵаны.

Аурысқәа Адлер ҳәа ирҳәон, усоуп иахьа ишеикәхаз ари атопонимика, уи адагьы иахьала аԥсуак ишьҭа усгьы уаҟа иаанымхеит, аха Ҭырқәтәыла иҟоуп Адлер ақыҭа иқәҵыз ажәлақәа рхылҵшьҭрақәа иахьықәҵызгьы макьана згәалашәараҿы иаанханы иҟоу. Урҭ рацәамзаргь иҟоуп ԥыҭҩык иахьанӡагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0