Адгьыл аныҳәара: аҩны ҿыц аҟны анхара иалаго имҩаԥырго ақьабз

© Sputnik / Томас ТхайцукАбхазское село
Абхазское село  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа анхарҭа ҭыԥ анылырхуаз, ма адгьыл ҿыц ахь ианиасуаз адгьыл аныҳәара шымҩаԥыргоз атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Адгьыл ауаҩы дагьааӡоит, дагьафоит рҳәоит. Аҧсуаа аҩны аргыларазы, анхаразы аҭыҧ аналырхуаз ихадаран уи адгьыл аӡәы данымыӡбакәа, ишәины иҟамкәа иҟазарц. Аҧсуаа ишыршьо ала, аҭыҧқәа зегьы еиҧшым, иҟоуп "аҭыҧ ҟьашьқәа", иҟоуп имшу аҭыҧқәа. Уи злардыруазгьы дара рхатәы дыргақәа рыман. Урҭ иреиуоуп идыргыларан иҟаз аҩны акәакьқәа рҟны ишәаны игәаҭаны акәтаӷьқәа рышьҭаҵара. Акәтаӷьқәа рыхқәа икылаҧҽшәа иааҟарҵон. Адырҩаҽны инеины иангәарҭалак акәтаӷь камҭәакәа, ма акы иҭнамгакәа, агәы шҭәыз иаанханы иҟазҭгьы, ари ҭыҧмшуп, анхараз иманшәалоуп ҳәа иазгәарҭон.

аҿа-маҿа - Sputnik Аҧсны
"Џаџа – ҳуҭра рџаџа, ҳамхы рџаџа!": аҽаҩра барақьаҭхарц аныҳәара

Имаҷмызт ахҭысқәа адгьыл еимактәыс ауаа ианроуаз, ашәи анрыбжьалоз. Уи еицәоу акы ыҟам ҳәа иҧхьаӡоуп.

"Ишәиу адгьыл узықәтәаӡом, ҧырхага унаҭоит" рҳәон ажәытәуаа. Убри аҟнытә аҩны аргылара иалагаанӡа имҩаҧыргон ақьабз адгьыл аныҳәара иазкны. Ихадараны иҧхьаӡан адгьыл зтәу, зҿынтә иуоуз (иааухәаз) уи дазыразны дыҟазарц, иунимыӡбарц. Убри аҟнытә адгьыл аныҳәараан даарыҧхьон иаргьы. Адгьыл ныҳәа ҳәа акы ашьа карҭәар акәын. Адгьыл зтәыз аҧара (аҧараҿырп) ирҭон, мамзаргьы жәык иашҭа иҭаргалон "адгьыл аҿыхразы". Уи иршәоз ахаҷаҷҧса ҳәа иашьҭан. Нас иара адгьыл зтәу ихаҭа ддырныҳәон ауаа адгаланы, зегьы ираҳауа, ирбо. Иршьыз агәыи агәаҵәеи аҵәы инахаҵаны инаган идыркуан. Иааҳгап афольклорист Валентин Кәаӷәаниа ианҵамҭақәа руак уи иныҳәашьа иазкны:

"Дад, гәыкҧсыкала уқәсыртәеит, хьаҳәа амам, ҧаҳәа амам. Анцәа уқәирӷьацааит! Бааҧсык сара исыҵам, исҳәом, исҳәозар – сара исымазааит. Азҳара Анцәа иуиҭааит!.." - ҳәа абас дныҳәоит адгьыл зтәу. Абри ашьҭахь иара дшәииргьы ҟалаӡом, дшәиир – иара иҧырхагахоит ҳәа иҧхьаӡан.

Ари аныҳәараҿы иҟарҵон иара убас амгьал. Ас еиҧш иҟаз аныҳәара зыблала избахьаз аетнограф Николаи Џьанашьиа ишиҩуала "Адгьыл аҳкәажә лыхьӡала, ҳамҭас илырҭарц иахьныҳәоз инаргеит абырфынлых абеи, араӡынтәи абҩатәи ҧара ҿырпқәеи: аҧареи абырфынлых абеи иныҳәоз аҳәсақәа ирырҭеит".

Ацәа цқьа иалху ацәашьы - Sputnik Аҧсны
Ацәашьы, амгьал, ашьтәа: "Адгьыл-ҳкәажә" илыдҳәалоу аҵасқәа

Ҳаамҭазгьы ари ақьабз аҧхьатәи усны акәымкәа, ахылҟьа-ҧылҟьа иахылҿиаауа акәны иубоит. Адгьыл аналырхалак џьоукы еибаныҳәошәа ааҟарҵаргьы, аиҳарак ажәа мацароуп. Аныҳәара иаҳа инеиҵыхны иазгәарҭоит аҩны андыргылалак ашьҭахь (аҧшәмацәеи ирзааигәои, адгьыл зтәыз иидыруа аӡә иакәзар оуп ианиаиҳәо ҳәа шамахамзар дубаӡом ара), уигьы џьоукы рҭыҧ рзыбзиахарц ҳәа иныҳәаҵәҟьан иҟарҵозар, аиҳараҩык рҿы ахырҧшӡаратә ҟазшьоуп иамоу. Аамҭа ҧыҭк анцалак ашьҭахь аҭаацәа еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны, ичмазыҩхо, ма амашәырк рхы иадырбало ианалагалак, аҵааҩцәа, аныҳәаҩцәа ирыдҵаало иалагоит. Убасҟан аӡәы иреиҳәар "адгьыл ашәи шәышьҭоуп" ҳәа, аныҳәаҩ дааганы аҩны ддырныҳәоит.

Аҩны аҵакы аҧсуаа рҟны адгьыл иадҳәалоуп: аб иҩны, абиҧарак рыдгьыл. Убри аҟнытә аҭацагьы аҩын ду ахь даннарго адгьыл лзыразразы уи ахьӡалагьы хазы аныҳәара мҩаҧыргоит. Анхәа аҭаца аҩны агәы дакәлыршон ахәыӡ асаан ианыҧсаланы, акәтаӷь аваҵаны, ахәыӡ каҧсо. Нас "бахьааз бадымшылахааит" ҳәа ҳәаны амҳаҧ наллыркуан "иахьарнахыс ари аҩны ахьӡгьы ахьымӡӷгьы зду бара боуп, иаҧшәымоу боуп" ҳәа. Ҳаамҭазы ари аҵас ахархәара амаӡам, ирхашҭхьеит, аха зегь акәымзаргьы ахәҭақәак ҿыц еиҭашьақәургылар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0