Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа аԥҳәысаагара атрадициа иахьа ишныҟәырго

CC0 / / Архивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik ишәыднагалоит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рыҩнуҵҟа иахьа уажәраанӡа еиқәханы иҟоу ажәытә аԥсуаа рыԥҳәысаагашьеи аԥҳәызба лцашьа иадҳәалоу формақәаки.

Қыҭак еицатәу арԥызбеи аԥҳәызбеи еибагаӡом, иахьа уажәраанӡагь. Арԥызбеи аԥҳәызбеи еибабон ачарақәа рҿы, ауаа ахьеизоз, аҭацамҳарақәа рҿы, сасра иахьцоз рыуацәа, рзыҟацәа рҿы уҳәа. Арԥызбеи аԥҳәызбеи дара еибабаны ианеигәаԥхеибашьалак ашьҭахь рҩызак ила аиҳабацәа адырра рырҭоит. Арԥызбеи аԥҳәызбеи раби рани рҿы акгьы рҳәаӡом. Ас иҟоу аусқәа ирылацәажәаӡом.

Свадьба  - Sputnik Аҧсны
Иԥыххаа, мамзар бнасыԥдахоит: ачанах аԥҽра ақьабз азы

Нас аҭаацәа ашьҭаҵаауеит, дара рыҷкәын  игәаԥхаз аԥҳәызба дызлыҵыз зусҭцәоу еилыркаауеит. Аԥҳәызба  лҭаацәагьы убас. Ианеилыркаалакь ашьҭахь, еиуацәахар алшоит ҳәа аназырыӡбалакь арԥыс иҭаацәа аԥҳәызба лыҩныҟа аиҳабацәа рышьҭуеит. Реибагара шалшо, ԥырхага шамам ала ажәа ԥырҵәоит. Иа-лырхыз аиҳабы — ԥшьҩык хәҩык рҟынӡа ауаа ицны аҭыԥҳа лҭаацәа рахь ицоит. Иахьнеиуа ақыҭа рԥылан идырсасуеит. Ашьтәа рзыршьуеит.

Аԥсуаа рҟны  иҟоуп хҩык – заԥхьа  узмиасуа ҳәа иԥхьаӡоу. Аӡәы аусқәа зыӡбо реиҳабы – усӡбара ицо рҳәоит. Аҩбатәи – ашәаџьҳәаҩ. Ахԥатәи – ацҳаражәҳәаҩ.

Арҭ апҳәызба лнапы иаҳәарц лыҩныҟа ицо цҳаражәҳәацәоуп. Ацҳаражәҳәаҩ даазышьҭуа аус зтәу имацара иакәӡам – уи ақыҭа зегьы ирусуп – жәларык даарышьҭит ҳәа иԥхьаӡоуп. Ақыҭа ражәаҳәаҩ иоуп иара. Убри азын иаԥхьа ииасӡом сасдахьны дрыԥхьаӡоит. Уи аиҳабыра иара итәуп.

Амала иара ихаҭа аӡәы ииҭаргьы ҟалоит, иимҭаргьы ҟалоит. Ақыҭа данынарышьҭ ихыҵуазаалакь уи деиҳабуп хымԥада ашьтәа изыршьуеит. Абас ианааиуа – иззааиз зегьы ирдыруеит, аха ажәлар ирыларымҳәаӡац. Арҭ аҭыԥҳа лнапы иаҳәарц ицо заанаҵы иҭырҵаауеит аус рықәҿио ирықәымҿио. Ирықәҿио усзар заанаҵ акрырфаргьы ауеит. Аха аус рықәҿио ирықәымҿио рзымдыруазар иззааиз аус иаламцәажәакәа акрырфаӡом. (Баша ицаны ашьтәа ыфаны иааит ҳәа рымҳәалои).

Ансамбль Ерцахә - Sputnik Аҧсны
Еснагь иԥсҿыхган: аԥсуаа рҟны ашәа ацәырҵшьеи аҵаки

Абас асасцәа ахьааиуа ауаа еизаны иҟоуп. Асасцәа реиҳабы иажәа цәыригоит – ҳаззааиз аус зегьы ижәдыруеит – ҳәа ауаа  ираҳауа лнапы даҳәоит – ауаа зегьы ираҳәаны диҭаххоит. Даргьы арҭ аҩ-ҭацәарак реиуахара агәахәа ҳнаҭоит азы ҳаизеит рҳәоит.

Аԥҳәызба лнапы иаҳәарц иаауа реиҳабы дзацәажәо лара лаб иакәӡам. Уи ақыҭа иреиҳабу иалихыз пату зқәу аӡәы иоуп. Иара харантәи даазаргьы ҟалоит. Асасцәа иааз реиҳаби иареи роуп ажәа еимыздо. Ианеиқәышаҳаҭхалак, аус аныҟалалакь ашьҭахь нас асасцәа аауеит аԥҳәызба дырҳәоит. Раԥхьатәи иахьӡу аԥҳәызба лҭаххароуп. Аҩнтә раан аԥҳәызба дырҳәоит.

Аԥҳәызба лҳәара ианцо акьарахә шьҭырхуеит. Иеицу еиҵбугьы аӡәы дрыцуп. Аус анынҵәалакь еицу реиҵбы ддәылҵны дхысуеит. Акьарахә ааганы аишәа инықәиҵоит. Аԥҳәызба ирҳәо лашьа дыҟазар акьарахә иара ирҭоит. Акьарахә зырҭо аҩнаҭа иазынхо арԥыс иоуп. иҟалалоит аԥшәмацәа  иргьежьны ианрырҭогьы. Акь-арахә ала ахысра ашьакаҭәара аҟамлара иасимволуп. Избанзар аԥҳәызба дрырмҭо иалагар  ашьакаҭәараҟынӡа ианнанагозгьы ыҟан азы.

Аԥсуа чара - Sputnik Аҧсны
Амреи Амзеи реиԥш еидажәлааит, ма ачара шчароу злаудыруа

Абарҭ аԥҳәызба лҳәара иаауаз лҭаацәа рҟынтәи иааргон ачма. Ачма – ари аҭыԥҳа лаб изы иааргоз ҳамҭан. Аԥҳәызба ари аҟара аамҭа дзааӡаз ауаа дрылҵны дахьцоз азын – шәарҭ аҭыԥҳа даҳзышәааӡеит, аха ҳаргьы абри шәанаҳшьоит ҳәа ирырҭон арахәҭиаа – ажәқәа, ацәқәа, акамбашьқәа, аҽқәа уҳәа ирацәаны. Уа абџьар, ашәақь, акьарахә анацызгьы ыҟан. Ҳаӡӷаб лгара ус ишымариам жәбарц азоуп ҳәа иԥхьаӡаны. Аԥҳәызба ҳа даҳтәуп уи ус лгара мариам ҳәа аанагон. 

Абас, аҭыԥҳа дҳәаны, рычма шәаны ианыгьежьлак арԥыс иаб иқыҭа иуа-иҭахы еизганы ираиҳәоит ачара сгәы иҭоуп, шәсывагыла ҳәа. Ақыҭауаа ицхраауеит, уара ишуҳәо – ҳувагылоит анырҳәалакь ачара аҿҳәара ԥырҵәоит, аҽазыҟаҵара иалагоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0