Аԥсуа чарахь абилеҭ: ажәытәи аҿатәи реиҿырԥшра амҩала

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазский фестиваль "Апсны"
Абхазский фестиваль Апсны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Традициала аԥсуа чарақәа афатә, ажәтә рыла еинҭәыла имҩаԥысуан ажәытәгьы иахьагьы. Ихадараз акәац, абысҭа, аҩы ракәын. Иахьатәи ачарақәа рҿы ицәырҵуа аҿыцрақәа ртәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа.

"Ԥҳәыс ҳәан аԥҳәыс дышуоурыз, чма шәан ачма узшәондаз"

"Ԥа дзауз – ԥагәырӷьа иуан, ԥҳа дзауз ачма ҵихуан" ҳәа аԥсуаа ражәа иалоуп. Жәынгьы ҿангьы аԥсуаа ҳазмырӷьацо акәны иҟоуп аҭаацәара аԥҵара иацу аматериалтә кәамаҵамарақәа. Усҟангьы уажәгьы аӡәырҩы аҭаацәара алалара рцәыуадаҩуп ачара аура иацу акәамаҵамақәа ирхырҟьаны. Уимоу, ҳаамҭазы атәым милаҭ еиуоу ирыццо, ма иаарго рхыԥхьаӡара еиҳахо иубоит, избанзар ишырҳәо ала, аԥсуа дааугар (ма уиццар), ахарџь рацәаны иацуп ҳәа: амаҳә дааушьҭроуп, анхәа-абхәа раашьҭра, ауа-аҭахы рбара уҳәа.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чара: атрадициақәеи иахьатәи аамҭеи реиҿыбаара

Ажәытәтәи аамҭақәа рзы аматериалтә ган иаҳа издыз ԥҳәыс даазгоз иакәын. Уи аҭаца иҩныҟа лаагаразы ачма ишәар акәын. Усҟантәи аамҭазы ачма иаҵанакуаз аҭаца лзы амаҭәа аҟаҵареи арахә рхыи акәын. XIX ашәышықәсазы уи наӡон жәохә жәыи (ма ацәқәеи), жәохә ҽыи, жәохә мааҭи рҟынӡа. Абхәа изы аҽқәеи ацәқәеи ҳамҭас инаргозҭгьы, аншьцша рзы абџьарматәа ҟарҵон, ани андуи рзы ацәамаҭәақәа. Убас аҭоурыхтә материалқәа рҟны ишарбоу ала, ақыҭанхацәа рыдгьылқәа ҭитәыс ианрықәшәоз ыҟан ачма ашәаразы. Иахәҭоу ачма зегь имшәакәа аҷкәын аҭаца иҩныҟа дизаагомызт. Убри аҟнытә аҷкәын иҩнаҭаҟны ачара ҩба-хԥа шықәса рышьҭахь ианыруаз ыҟан (уаанӡа уи иҩызцәа ицны лбара дцалон ауп).

Аамҭақәа шцоз "ачма" ииасит "аихраҵарахь". Амаҳә аҭаца дааигаразы аҳамҭа ҟаиҵаанӡагьы аҭаца леихраҵага аԥхьа инарышьҭуа иалагеит. Даҽакала иаҳҳәозар, аҭаца данааргоз деихраҵаны даарышьҭуан, нас ԥыҭрак ашьҭахь акәын аҷкәын иабхәараахь иҳамҭақәа иман данцоз.

Иахьатәи аамҭазы арҭ аматериалтә еизыҟазаашьақәа акырӡа рҽырыԥсаххьеит, аха рыхьанҭара еиҵамхаӡеит. Иуҳәар ауеит рыҩганкгьы – аҭаца лҭаацәагьы, амаҳә иҭаацәагьы уи еиҟараны ирыдуп ҳәа (аӡә иган аасҭа егьи аҵамхароуп).

Ачареи аҭацахаршәи

Традициала аԥсуа чарақәа афатә, ажәтә рыла еинҭәыла имҩаԥысуан ажәытәгьы иахьагьы. Ихадараз акәац, абысҭа, аҩы ракәын. Иахьатәи аишәархиара иацлеит, шамахамзар, ачарақәа рҟны уаҩ иимфо, аха арԥшӡараз иқәу еиуеиԥшым европатәи ачысхкқәа ҳамҳәозар. Аха усҟан ачарахь иааиуазгьы рхыԥхьаӡара акыр еиҵан.

Свадьба  - Sputnik Аҧсны
Иԥыххаа, мамзар бнасыԥдахоит: ачанах аԥҽра ақьабз азы

Иахьатәи ачарақәа 500 инадыркны 2000-ҩык рҟынӡа ауаа рзы аишәачыс дырхиоит. Ачара ахьыруаз аҭаца даазгаз аԥшәма иҩнаҭаҟны акәын, ашьаԥа ргыланы. Ачара аилашыкьымҭазы аҭацеи амаҳәи рҩызцәа итәаз инрылсуан асаан, мамзаргьы ауапа еиҵых икны, асасцәа уахь ианырҵон рхаршә. Аамҭак ашьҭахь, аҭаца дахьгылаз ауадаҿы инеины ахаршә ршәо иҟалеит.

Иахьа ҳара XXI ашәышықәса ҳҭагылоуп, ҳчарақәа ацивилизациа рылыжжны ицоит. Аԥшәмацәа рашҭаҟны ашьаԥа ргыланы ачара зуа макьана ишыҟоугьы, аиҳарак, ақыҭаҟны инхогьы ачараурҭатә залқәа рҟны уи ахәԥса ахшәааны ачара руеит. Аҭыԥ арԥшӡара ахаҭагьы досу ифантазиа ахьынӡанаӡо ала еиқәиршәоит.

Уаанӡа ачарақәа рҿы итәаз асасцәа рқьаф аныҟарҵалак ачара ашәак ааҭдырҟьозҭгьы, еинҟьаны икәашозҭгьы, ҩажәиактәи ашәышықәсазы ашәаҳәацәеи акәашацәеи аԥара урзыхшәаауазар, учарахь иаауԥхьар ауеит. Асасцәа ируалу анапеинҟьароуп (абжьааԥны ашәаҳәацәеи акәашацәеи рконцертқәа рҭааразы алшара змам, араҟа урҭ рбаразы алшара бзиа имоуп, артистцәа ракәзар рҟазаратә мҩа арҿиаразы мааҭқәак аладырҳауеит).

Аԥсуа чара - Sputnik Аҧсны
Амреи Амзеи реиԥш еидажәлааит, ма ачара шчароу злаудыруа

Аҟазацәа рпрограмма еиҵыхцәамхар, асасцәагьы ргәырӷьара аарԥшразы аамҭа роур ауеит. Аха "ас еиԥш аконцерт" асас изы иаухәыдаԥсадахыу, ахаршә аӡәгьы иаԥимхӡац (амал змоугьы ахаршә игоит, измам – уи ауп дзықәгәыӷуагьы). Ҳәарада афилормониаҿы аҟазацәа рықәгыларазы абилеҭ ааухәар, ахә еиҳа еиҵахоит, ачараҟны унапы ирзеинуҟьо иахәу аасҭа.

Акырӡа ԥхьаҟа ицахьо Европатәи атәылақәа рчараураан ачарахь инеиуа асасцәа рмениу дара рхала иалырхыр рылшоит, нас уи иартәо ахәгьы аԥшәма асас иааигаразы еиҳәоит (заа еибырҳәоит). Ҳарҭ иҿыцхаз аԥсуаагьы убарҭ ҳрыхьӡарц ҳаҿызар акәхап, ацивилизациа ҳахнаԥаауа ҳашнеиуа. Аха аԥсуа деиқәзырхо ҟазшьак иман еснагь – агәҟәышра. Уи бзиан иаарԥшуп Самсон Ҷанба иҩымҭа "Хамыжә уҽдыр" аҟны: аҩымҭа афырхаҵа дахнаԥаацәошәа анибалак, асаба иакны, икәыжә-кәыжә акәакь аҿы икҿакнаҳаз ихамы днаснасуан "ее, Хамыжә, уҽдыр" (узакәыз ухамышҭын) ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0