Ашықәс ҿыц жәытәла: Лымдныҳәа, Каланда шазгәарҭоз

© Sputnik / Томас ТхайцукРассвет
Рассвет  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡәырҩы ажәларқәа реиԥш, аԥсуаагьы жәытәла ашықәс ҿыц аныҳәа азгәарҭон аӡынтәи амрагыларала. Есма Ҭодуа иҳадылгалоит аԥсуаа рҿы жәытәла ари аныҳәа шазгәарҭоз иазку анҵамҭа.

 

Есма Ҭодуа, Sputnik

Лымдныҳәа

Аӡәырҩы ажәларқәа реиԥш, аԥсуаагьы, жәытәла ашықәс ҿыц аныҳәа азгәарҭон аӡынтәи амрагыларала. Ишдыру еиԥш, ԥхынҷкәын 22 рзы амши аҵхи анеиҟарахо ҳәа иԥхьаӡоуп. Абри амш азы алашьцареи алашареи анеиманакуа, амра аиааира агарц азы ианеисо ауп. Ажәытә-уаа уи ацхыраара арҭон ҩнаҭацыԥхьаӡа амцақәа жжаӡа еиқәҵаны.

Абхазский стол  - Sputnik Аҧсны
Гәныҳәа – ашықәс ҿыцазтәи шьыжьхьа

Аетнолог Валерии Бигәаа  аԥсуаа ртрадициатә қьабзқәа ирызку иҭҵааратә усумҭаҟны ишиҩуа ала, Лымдныҳәа азгәарҭон ԥхынҷкәын 25 рзы, амш ацлара ианалагоз инаркны. Атермин "лымд", "м" – амапкратә форма аазырԥшуа ацрухыр, иаанхоит "лада" – алада (юг). Лымдныҳәа амра аира иазку ныҳәоуп уҳәар ауеит. Иара ԥхынҷкәынмза ахаҭагьы лымдамза ҳәагьы хьыӡшьарас иамоуп (аԥсыуала амзақәа рыхьӡқәа гәауҭозар). Ари аамҭа "амра аангыламҭа", "амра аԥсымҭа" ҳәа азырҳәоит. Анцәа иҳәон "амра аԥсы ҭаларц". Ҿатәла иуԥхьаӡозар, ари амш зықәшәо Қьырсаныҳәа ауп.

Каланда

Иара убас жәытәла иазгәарҭон даҽа мшыкгьы, абжьыуаа рҟны уи иашьҭан Каланда ҳәа. Соломон Ажәанба ишәҟәы "Аетнографиатә етиудқәа" рҟны ишазгәеиҭо ала, ари аныҳәа аназгәарҭоз уаххьа ашьҭахь акәын, шаанӡагьы иаԥылон. Ҩнаҭацыԥхьаӡа ԥшь-кәакьк змоу амгьал ду ашә агәылаҵаны ирӡуан.

Амшра зцу аҭыԥ, ауаҩы, аԥстәы: ақьабзқәеи азгәаҭарақәеи - Sputnik Аҧсны
Амшра зцу аҭыԥ, ауаҩы, аԥстәы: ақьабзқәеи азгәаҭарақәеи

Ашарԥазы, арбаӷьқәа аҿыҭра ианалагалак, амгьал ацәашьы аркны инақәыргыланы иныҳәон. Аҭаацәа зегьы ишьамхнышланы инагылон, реиҳабы урҭ дрықәныҳәон Каланда ирманшәаларц. Данныҳәалак ашьҭахь, ацәа акәысҭӷақәа инрықәҵан, ахылҩа-ԥсылҩа ишьҭуан. Нас изыхныҳәаз амгьалгьы рфон, иаанхоз убасҵәҟьа ирбылуан. Ари аныҳәагатә амра гылаанӡа имҩаԥыргар акәын.

Абжьыуаа рҟны Каланда згәалашәо иахьагьы иуԥылоит. Уи здыркыло амышьҭа ауп. Ҿатәла иугозар, ажьырныҳәа адырҩаҽны иахьа иазгәарҭо амш ауп. Абжьыуаа рҟны уи "кәычхьа" ҳәа азырҳәоит.

Кәтол ақыҭа еиуоу, уажәы Гәылрыԥшь араион, Дранда ақыҭан инхо, 75 шықәса зхыҵуа Лариса Бзаркал иаҳзеиҭалҳәеит уи шазгәарҭоз атәы:

© Foto / Предоставлено Индирой КутелияЛариса Бзаркал
Ашықәс ҿыц жәытәла: Лымдныҳәа, Каланда шазгәарҭоз - Sputnik Аҧсны
Лариса Бзаркал

 

"Ари жәытәнатәаахыс иҟан, ҳабацәа, урҭ рабацәа раангьы. Ари иахьӡуп "амшьҭа", зымшьҭа бзиоу, зымшьҭа цәгьоу ҳәа иҟоуп. Урҭ еицуп дара – кәычхьеи Каландеи. Зымшьҭа бзиоу дааир, укьаҭеит, аха зымшьҭа цәгьоу дааиргьы, ухыбгалеит. Убри аамышьҭахь абри кәычхьа шыҟауҵаз еиԥш, ашәчқәа уманы аборахь уцоит, ужәқәа укәычхьуеит, нас уаагьежьуеит, укәытҵарахь унеиуеит, иукәычхьуеит. Убас уҳәоит: "имшхааит, иҿиааит", - ҳәа. Нас уҩныҟа уааиуеит, ашәчқәа инаугаз уа инаҭан иҟауҵоит. Аҩны аҽны хәлаанӡа аус ууӡом, абри Каланда аҽны. Аԥхьа кәычхьоуп иҟарҵо, адырҩаҽноуп Каланда", – ҳәа ҳалҳәеит лара.

Ашықәс ҿыц аԥылара иацу аныҳәақәа Лымдныҳәа, Гәныҳәа, Қьырса уҳәа жәытәлагьы иахьагьы еиҿурԥшуазар, ҳәарада аԥсахрақәа рыхҭысит. Аха ихадароу гәыцәны урҭ зегьы иргәылсуа амзартә ҳәаак ахысра – аӡынтәи амрагылара аԥхынрахь ахьаҳәра, аԥсабара аҿыхара, ауаҩы иҿиара, мышьҭабзиала ҳәаак дынҭысны даҽа аамҭатә ҳәаак ахь ииасра ақәныҳәара, азгәаҭара ауп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0