Аҿкы чымазара ҳаҟәгазааит ҳәа аԥсыуала аныҳәара

© Sputnik / Томас ТхайцукАхуаж
Ахуаж - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиуеиԥшым амилаҭқәа ачымазара ҿкы акоронавирус иаҿагылоит досу рдин ала жәлар рныҳәарақәа мҩаԥго. Мшаԥымза 3 рзы аԥсуа жәлар имҩаԥыргар ирҭаху аныҳәара ҵакыс иамоу атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа рныҳәарақәа рҟны иҟоуп амзартә цикл иадҳәалам аамҭа-аамҭалатәи аныҳәарақәа. Урҭ иреиуоуп "акәырбан", мамзаргьы "Анцәа аҿа (аҿаҭахьа) иҭара" ҳәа изышьҭоу. Убас еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы, аӡәы мамзаргьы жәларык ашәарҭара ианҭагылоу аҿаҭахьа ҟарҵоит. Иахьа адунеи зегьы иахыҵәаз ачымазара ҿкы акоронавирус ауаа ашәарҭара иҭанаргылеит. Еиуеиԥшым амилаҭқәа ари ачымазара иаҿагылоит аҳәынҭқарратә мчқәа рыцхыраарала адагьы, досу рдин ала жәлар рныҳәарақәа мҩаԥго.

Аҧшьаҭыҧ аныҳәаҩ хада Борис Қәҭелиа - Sputnik Аҧсны
Акәырбан – аҿаҭахьа шрықәырҵои, уи анагӡашьеи ирызку зҵаарақәак

Арҭ амшқәа рзы аҭелтә еимадарақәа рыла инеимда-ааимдо ажәлар иаԥшьыргеит аԥсуа дахьыҟазаалак аныҳәара мҩаԥыргарц ажәытәан ишыҟарҵалоз еиԥш "аамҭа бааԥс ҳазҭагылоу ҳаибганы ҳалҵааит" ҳәа. Аныҳәара шымҩаԥгатәу атәы ҳзеиҭалҳәеит Оҭҳара ақыҭа инхо 84 шықәса зхыҵуа Ламара Ажьиԥҳа.

"Арыцҳарақәа ҟалеит, аамҭак ҳҭагылоуп. Аныҳәара есымша ибзиоуп. Абри ишырҳәаз, ахарҵәы ӡҩаны, ацха-ӡҩа, ачаҳаржә, икәакәарынгьы иҟауҵар ҟалоит, абас стол хәыҷык адәахьы инаргыланы, шьаршьафзаргьы, столқәыршәзаргьы ипашәу акы нақәыршәны, касы шкәакәак, ма мпахьшьызаргьы иааухауҵоит... Зегьы иҟарҵар сҭахуп. Ҳазшаз ҳрыцҳашьа шәҳәа, иҳагыу рацәоуп, аха Ҳазшаз уаҳхылаԥш ҳәа шәҳәа", – ҳәа абас зегьы ныҳәартә ирабжьалгоит лара.

Иҟоуп шьтәак шьны агәыи агәаҵәеи арбаны аныҳәара мҩаԥызгарц згәы иҭақәоугьы.

Аха уажәы ачгара (аҿбаара) ишыҵоу ала, ари аныҳәара мҩаԥугар ҟалома ҳәа азҵаара зызцәырҵыз ҟалеит. Убри азы ари иахиҳәаауа еилаҳкаарц ҳаӡбеит "Аԥшьаҭыԥ" анапхгаҩы Даур Латариа иҟны. Уи ишиҳәо ала, аԥсуаа ачгара (аҿбаара) рымаӡам. Аҿбаара змоу ақьырсианцәа роуп, ачгара – аԥсылманцәа.

"Аԥсуа ныҳәарақәа рҿы ачгареи аҿбаареи ҳа иаҳтәӡам. Ари ақьырсиан дин ала имҩаԥызго, уи итәы хазуп, уи апап дцан диазҵаауеит иҟасҵои, ишԥаҟасҵои ҳәа. Аԥсылман адин ала иҟазҵо ахәаџьа иҿы днеины диазҵаауеит. Аԥсуала аныҳәараҿы ҳара еиҳабацәас иҳамоу ҳдин аҿы аныхаԥааҩцәа роуп. Аха уажә ирҳәаз аҿгьы уи ачгарагьы иаҿагылаӡом, избанзар акгьы ршьӡом, уажәы Ҳазшаз ҿа ирҭоит "Ҳазшаз уаҳхылаԥш, ҳаиқәханы, ҳаибганы ҳаилгар агәыи агәаҵәеи шуҳарбо" ҳәа. Агәыи агәаҵәеи азырбо ыҟазар, уи ԥырхага амаӡам, избанзар ишныҳәо аԥсыуалоуп. Акызаҵәык рымшшьара аҽназы ашьа карымҭәааит, убриоуп", – ҳәа ҳаиҳәеит иара.

Иара убас Даур Латариа ишаҳзеиҭеиҳәаз ала, хара имгакәа аныхаԥааҩцәагьы еидгыланы, аныхаҿ ицаны иныҳәарц ргәы иҭоуп. Иара ихаҭагьы зегьы ирабжьигоит иарбан динс изҵазкуазаалагь аныҳәарақәа мҩаԥыргаларц.

Арбаӷь шкәакәа - Sputnik Аҧсны
Амашәыр алԥха иазку акәырбан: аҭаацәара-қьабзтә ныҳәара

"Аныҳәара мыцхәы ыҟаӡам. Ақьырсианцәагьы ныҳәалааит, аԥсылманцәагьы ныҳәалааит. Анцәа аӡә иоуп, ҳазшаз аӡә иоуп, иарбан бызшәоу узланыҳәалакгьы иаҳауеит, иарбан ҵасу узланыҳәалакгьы иаҳауеит, зегьы Ҳазшаз ҳиҵаԥшуеит. Иныҳәалааит, иныҳәалааит уахгьы-ҽынгьы, есшьыжьгьы. Насгьы абыржә аҭагылазаашьа иҟоу, аԥсуаа ҳжәытә-ҳҵас ахь ҳгьыжьратәы, ҳхы ҳазхәыцратәы, ҳҵасқәа рахь ашьшьыҳәа ҳгьежьыр акәхошәа убысшәа збоит. Агәкажьра аҭахӡам, ашәара аҭахӡам, аха ауаа хәыҷык рхы иахылаԥшыроуп, раԥсуа ҵас, рқьабз, раԥсшәаҳәашьахь ииасыроуп" - ҳәа азгәаиҭоит иара.

Иҳәатәуп, Аԥсны еиуеиԥшым адинқәа ныҟәызго ауаа шеиларсоу ала, досу иара идин ишаҵанакуа дышныҳәо. Насгьы иҟаӡам иакыу аныҳәара. Ҭаацәацыԥхьаӡа досу ҳаиҳабацәа ишаҳдырбаз ҳәа, дара рҿы ишаԥу алоуп ишныҳәо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0