Амашәыр алԥха иазку акәырбан: аҭаацәара-қьабзтә ныҳәара

CC0 / / Арбаӷь шкәакәа
Арбаӷь шкәакәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар ирымоуп хыԥхьаӡара рацәала аҭаацәара-қьабзтә ныҳәарақәа: ахацәа рныҳәара, хаҵа имцац аԥҳәызбацәа рныҳәара, ахәыҷқәа рныҳәара, аҭаца лныҳәара уҳәа егьырҭгьы. Урҭ аныҳәарақәа рҟынтәи иахьанӡа иааӡаз, еиқәхаз маҷым. Убас, Аҷандара ақыҭан уажәааигәа аҩнаҭа арԥарцәа анырныҳәоз иазку аматериал шәыдылгалоит Есма Ҭодуа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Ҳаиҳа зымчу дыҟоуп рҳәоит аԥсуаа. Досу ауаҩы дзықәшәараны иҟоу илахь иануп. Ауаҩы даниуа ашацәа уи илахьынҵа изыршоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Иҟазшьарбагоуп аԥсуаа традициала ирымоу абарҭ аныҳәаратәи ашәиратәи формулақәа: "Улахь абзиа анылааит", "Улахьынҵа бзиахааит", мамзаргьы "Улахьынҵа цәгьахааит", "Лахьынҵа умоуааит".

Аныҳәара - Sputnik Аҧсны
Анаԥреи агырӡныҳәеи: ачымазарақәа раанкыларазы имҩаԥырго аныҳәара

Аӡәы имацара иакәым, жәлантәык, жәларык шеибгоугьы алахьынҵа рымоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

"Адунеи дуӡӡа амбатәы амчхара ду амоуп. Изыбзоуроу сеидроу ариаҟара амчхара змоу, иара иҟны (Анцәа - аред.) унаишьҭыртә еиԥш иҟам... Ажәлар иаҳԥырхагогь рацәоуп, аԥсҭазаара иаԥырхагоугьы ыҟоуп... Абри акәырбан иҟарҵо ззыҟарҵо, ауасахш (ашкәакәа уаса шьтәа - аред.) акәырбан аныршьуа, быжьҩык ирызхоит, аҭаацәа ирызхоит ҳәа ирыԥхьаӡоит. Убри алагьы алахьынҵа цәгьа рҟәыргоит", - ҳәа еиҭаиҳәон 2001 шықәсазы Ҷлоу ақыҭанхаҩы Гьаргь Џьапуа.

Уажәааигәа Аҷандара ақыҭан Аҩӡаа рҭаацәараҿы ахацәа рыхьӡала акәырбан ҟарҵеит. Иныҳәо ан аҩнаҭа аԥшәмаԥҳәыс лоуп. Уи ишҳалҳәаз ала, аҩнаҭа арԥыс иҟазшьа аҽаԥсахыр, амашәырқәа дрықәшәо даналагалак, абри илахьынҵа бзиахааит ҳәа дырныҳәоит.

"Аныҳәарақәа мҩаԥыргоит еиуеиԥшымкәа, уи зыхҟьо ауаҩытәыҩса дзықәшәо иҭагылазаашьа иаҿырԥшны ауп. Аныҳәара хкқәа: амилаҭ ныҳәарақәа, аҭаацәа ныҳәарақәа, ацуҭа, ақыҭа ма ажәла еидкыланы аныҳәарақәа. Аныҳәара "акәырбан" ҳәа изышьҭоу мҩаԥыргоит аҭаацәа рыҩнуҵҟа, дныҳәоит аԥҳәыс, аҭаацәа ран. Хықәкыла аныҳәара зызку ахацәа роуп: аԥшәма хаҵа, мамзаргьы аҩнаҭатәи арԥарцәа. Аԥсҭазаараҿы иҟамло егьыҟам, аҭаацәа рыҩнуҵҟа аманшәалара ыҟазарц. Мамзаргьы иҟалоит машәырк аӡәы дақәшәар, ҟазшьала иҽиԥсахыр, дманшәаламхо далагар, аҟазшьа ҷыдақәа ицәыриго аҭаацәа ирныԥшуа ианалагалакгьы аԥсуа ҵасла игәаҭаны абри иазхьаԥшуеит аныҳәарала. Абри аныҳәара амчра амоуп ҳәа имҩаԥыргоит", - ҳәа ҳалҳәеит Сусанна Ҳашыг.

© Foto / предоставлено Есмой ТодуаАмашәыр алԥха иазку акәырбан амҩаԥгашьа ҳзеиҭазҳәаз аинформант Сусанна Ҳашыгԥҳа.
Амашәыр алԥха иазку акәырбан: аҭаацәара-қьабзтә ныҳәара - Sputnik Аҧсны
Амашәыр алԥха иазку акәырбан амҩаԥгашьа ҳзеиҭазҳәаз аинформант Сусанна Ҳашыгԥҳа.

"Аглахьа", ма "агылхьа": ани ахәыҷи ирыдҳәалоу аныҳәарақәа рзы азгәаҭақәа>>

Аԥшәмаԥҳәыс уажәшьҭа акыршықәса раахыс есышықәса еиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥылгоит ас еиԥш иҟоу аныҳәара аҩнаҭа ахацәа маншәалахаразы. Аныҳәара ҟарҵоит шәахьала. Уи илныҳәо аҷкәын арбаӷь шкәакәа ихылгоит.

© Foto / предоставлено Есмой ТодуаАҷандара ақыҭан Аҩӡаа рҭаацәараҿы имҩаԥыргаз амашәыр алԥха иазку акәырбан
Амашәыр алԥха иазку акәырбан: аҭаацәара-қьабзтә ныҳәара - Sputnik Аҧсны
Аҷандара ақыҭан Аҩӡаа рҭаацәараҿы имҩаԥыргаз амашәыр алԥха иазку акәырбан

Аныҳәаҩ аҷкәын дналываргыланы, мрагыларахь рхы нарханы дныҳәоит. Лныҳәараан илҳәо ажәақәа еиҳараӡак лгәы змырҭынчуа, аҭаацәа змырҭынчуа, иара иԥырхагоуп ҳәа ирыԥхьаӡо ауп. Убри аганахьала дманшәалахаразы дылныҳәоит.

"Уҭаацәа угымкәа, аизҳара уманы, аманшәалара уманы, уашьа дугымкәа, уаҳәшьа дугымкәа, уани уаби ҳугымкәа! Абзиара аганахь ухы, ухшыҩ зегьы цо! Амҩа алԥха уманы! Уара угәыцқьара, угәыразра иумоу - убри ухәааит!" - ҳәа дныҳәаны, арбаӷь аика аахҵәаны, ашьа иалҵуа илахь иахьшьны иҟалҵоит.

Абарҭқәа анымҩаԥылгалакь, арбаӷь егьырҭ ирыламҩашьарц ҷыдала иалызкаауа дыргак наҭаны, ҳаԥхьа уажәааны абри арбаӷь шьны агәаҵәа дахныҳәаны ҿыц ацымхәра шықәлыргыло ала аҿаҭахьа ҳәаны иноулыжьуеит. Илахь иахьылшьыз ашьа иара уаҟа иадшәыланы иҟалаанӡа амхра ҟалом ҳәа иԥхьаӡоуп.

"Адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара аҵаки амҩаԥгашьеи>>

Аҩнаҭа ахацәа рныҳәара атәы анаҳҳәо, иазгәаҭатәуп аԥсуа аџьынџьныҳәара шрымоугьы. Уи зыҩнаҭаҿы имҩаԥызго Ҭхьына ақыҭан инхо Аполлон Думаа 2006 шықәсазы ишеиҭаиҳәоз ала, аџьҵла зегь раасҭа иӷәӷәоу ҵлоуп ҳәа иԥхьаӡаны, уаҟа ахацәа неины иадгыланы иныҳәоит, акәакәарқәа ҟаҵаны (акакани аџьымшьи агәылаҵаны ирӡуеит). Шаҟаҩ ахацәа ыҟоу аҟара, убриаҟара аҵәымӷқәа убра аџьҵла иаларҵоит ахацәа, рус рҵарц азыҳәан, шаҟаҩ аҳәса ыҟоу аҟара, убриаҟара ацахақәагьы ҟарҵоит, аҳәса аӡахра, аԥара рҵарц азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0