Чхадыл (Чачхадыл)
Амшаҧныҳәа хымш шагу иазгәарҭоит Аҧшьаша Ду – Ицқьоу Аҧшьаша амш. Аҧсуаа рҟны ари амш Чхадыл, мамзаргьы Чачхадыл ахьӡуп. Ари амш зегь раҧхьа иргыланы ихадароу аишәа аргылароуп. Ари амшаҧныҳәа ааира азыҧхьагәазҭо ахҧатәи еишәаргылароуп, шәыла-бысҭалеи кәацла-бысҭалеи иргылаз аишәақәа раамышьҭахь.
Чачхадылеишәа аргылараан ихадароуп, егьырҭ аҩба рҟын еиҧш, аҵәырса мгьал. Иара убас уи иадыргалоит акакан лыхла иҟарҵо ачаҧақәа.
"Аишәа шьыбжьон идыргылоит, заанаҵ. Уа иқәдыргылоит аҧсуа чысқәа: аҳалуа, ақалмышь, ачаҳаржәқәа (ашә ахаҭыҧан акакан агәылаҵаны иҟарҵоит), ачаҧақәа: аҟәыд-чаҧа (аҟәыд еилыршәшәа), абырҷман-чаҧа, ахәылчаҧа, аҟәыдыршьышьы ҟарҵоит. Ахаатә адыргалаӡом. Ашәлыхи акәацлыхи адугаларгьы ҟалаӡом, акаканлых ауп ихадароу, нас аҧсыӡгьы. Абысҭа, арашых, асыӡбал, ашәыр иумоу, аџьықәреи, аҟаб ықәырҵоит", - ҳәа ҳзеиҭалҳәеит Ҭхьына ақыҭа инхо Манана Шәқьериа-Хәараа.
Ари аишәаргылараан, иара убасгьы, уаанӡатәиқәа рҟын еиҧш ацәашьы адыркуеит, асыкәмал хырҵоит,акы нхырҭәалоит, аҩнаҭа иахылаҧшу рыҧсқәа "акрырҿарҵоит".
Иазгәаҭатәуп, асыкәмал хҵара ҳәа иҟоу зегьы ишыҟарымҵо, џьоукы уи аҭахуп ҳәа ирыҧхьаӡоит, даҽа џьоукы иаҭахӡам ҳәа. Абасоуп ишахәҭоу ҳәа иакыу адырра шьақәгыланы иҟаӡам, уи Чхадыл азын мацара акәым, егьырҭ аишәаргыларақәа раангьы, Амшаҧы ахаҭагьы, Нанҳәагьы налаҵаны. Уи зыхҟьо Аҧсны иҟоу еиуеиҧшым адинқәа реилалароуп. Досу иара иахәҭоуп ҳәа шиҧхьаӡо ала, ишибахьо инаигӡоит.
Ажәлакаҧсара
Чачхадыл азы инкауҧсо зегьы бзиахоит, иҟалоит рҳәоит. Традициала ари амш азы аарыхра анцәахәы Џаџа лахь лхы нарханы ауҭраҿы инеины иныҳәаны, ажәлақәа карыҧсон, иларҵон. Иахьагьы ари атрадициа ашьаҭақәа убоит. Ҭхьына ақыҭа еиуоу Ҵәыџьба – Бигәаа Анжелеи Шәқьериа-Хәараа Мананеи ари ақьабз назыгӡақәо иреиуоуп.
"Чачхадыл азыҳәан илауҵо ажәлақәа изакәызаалакгьы нанҳәа аишәаргылараан иқәуҵартә еиҧш иҟаланы иахьӡоит, иаҳа иманшәалоуп, алаҵатәқәа, ажәлақәа рзыҳәаны иаҳа имшы бзиоуп", - ҳәа ҳарҳәеит дара.
Ауҭраҿы анхашәатә усурақәа мҩаҧызго аҧҳәыс шлакәу ала, ари ақьабз мҩаҧызгогьы аҧҳәыс лоуп. Уи иалкаау ныҳәаратә формак аманы иҟаӡам, импровизациала иныҳәоит ауп "ҳаарыхра бзиахо" ҳәа, досу ихатә ажәақәа ацҵаны.
Ахәшә аҵхра
Чачхадыл азы имҩаҧырго ақьабзқәа рахь иаҵанакуеит иара убас ахәшә аҵхра. Аҧсуаа жәытәнатәаахыс ирылан жәлар рмедицина азҟазацәа, аҧсуа хәшәқәа ҟазҵо ауаа. Ажәытәан еиҧш, иахьагьы Чачхадыл азы аҧсуа хәшәқәа злыҵуа аҵиаақәа ирышьҭаланы ахәшә аҵхра ицоит уи атәы здыруа, знапы алакыу. Еиҧшымзаарас ирымоу атәы ҳҳәозар, аетнографиатә нҵамҭақәа ишаҳдырбо ала, ажәытәан гәыҧҩыкны еиццон. Иаҳҳәап, аетнограф Валери Бигәаа Николаи Џьанашьиа иетнографиатә нҵамҭақәа рҟны аӡбахә шиҳәо еишҵәҟьа иазгәаиҭоит, аҧҳәыс еиҳабык гәыҧҩык аҳәсахәыҷқәа драҧхьагыланы ахәшә аҵхра ицон ҳәа. Иахьа ахәшә аҵхра ицо шамаха лара (ма иара) издыруа ихала иоуп.
Иахьагьы жәаҧҟаны ирҳәоит "ахәшә ахьыҵырхуа, аџьыка ыҵарҵоит" ҳәа. Ҳаамҭазы ари ажәаҧҟа абстракттә ҵакы аманы рхы иадырхәоит. Аха иара ахьынтәаауа абри ахәшә аҵхра аҟынтәи ауп. Ахәшә ыҵызхуа ауаҩы иара аҭыҧ аҟны аџьыка (аџьыкхыш) карыҧсоит. Иуҳәар ҟалоит абри ала иҵырхуа ахәшә "ахә ахыршәаауеит" ҳәа. Идыруп аамҭақәа аџьыка аиура аныцәгьаз. Уи атәы бзианы иаанарҧшуеит ажәеицааира "џьыкала иааухәама?". Убри аан аџьыка аныҵарыҧсо аҭыҧ иахылаҧшхәу "Адгьыл-Дедоҧал бхәы баҳҭеит" рҳәоит.
Жәлар разгәаҭарақәа
Ҳаамҭазы иаҳа ахархәара ҭбаа рыманы иубоит Ицқьоу Аҧшьаша иарҿиаз азгәаҭарақәа. Урҭ иреиуоуп Ицқьоу Аҧшьашазы уҩнгьы уаргьы уцқьазароуп ҳәа. Даҽакала иаҳҳәозар, аҧсымцқьарас иҟоу зегьы рхырцоит, амра гылаанӡа рҽыркәабоит, рҽыдрыцқьоит, аҩнқәа зегьы еилдыргоит, ирыӡәӡәоит. Ирҳәоит абри амш уцқьаны уаҧылар, ашықәс зегьы уцқьазаауеит ҳәа.
Ари амш азы аҩны акы дәылганы аӡәы иҭара ҟалаӡом ҳәагьы рҳәоит. Уҩны еилургозаргьы шьыбжьаанӡа иҟауҵо ауп акәымзар, уинахыс акгьы унапы алоукыр ҟалом. Ари нахыс уусқәа зегьы аныҳәатә чыс архиара иазукуеит, Амшаҧ аҽны иурхио. Амала иҳәатәуп, зегь раасҭа ихадароу аҩныҵҟатәи-гәаҭалатәи ацқьара акәхап адәахьтәи аҽеиҧшытәра аасҭа.