Аиҵыбра ныҟәымгакәа, аиҳабра узныҟәгаӡом: аҭаацәара иахҳәаау жәлар разгәаҭарақәак

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Абхазии впервые появится долгосрочная стратегия развития.
В Абхазии впервые появится долгосрочная стратегия развития. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭаацәара аиҳабацәеи алахәылацәеи ирыхҳәаау жәлар разгәаҭарақәак ирызкны аматериал ҳзеидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аҭаацәара зегьы ишырхыҵхырҭоу дырны, аҭаацәараԥҵара, аҭаацәара алахәылацәа реизыҟазаашьа, реихӡыӡаашьа, ргәеизыбылра, рҳәатәеиқәшәара аԥсуаа лымкаала хшыҩзышьҭра арҭон. Аҭаацәараҿы апатуеиқәҵара, аҭынчра ыҟазарц азы акырӡа аҵанакуеит иҟәыӷоу абырг иажәа.

Рассвет  - Sputnik Аҧсны
Амреи амзеи ахьыҟам бзазара ыҟам: жәҩантә цәырҵрақәа ирызку ажәлар разгәаҭарақәа

Аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы, уимоу, иааидкылан аԥсуараҿы ахаҵа-аԥҳәыс ҳәа неилых ҟамҵакәа аиҳабы пату иқәуп. Аиҳабацәа рыԥсҭазаараҟны ирбаз-ираҳаз, идырҳаз рыԥсҭазааратә ԥышәа еснагь аиҵабацәа рзы имҩақәҵаган. "Аиҵыбра ныҟәымгакәа, аиҳабра узныҟәгаӡом" ҳәа рыԥхьаӡон аԥсуаа. Зегьы дырны уаҩы дзиӡом, уи икәша-мыкәша иибо, дзынҟьаз-дзынԥаз иабзоураны иҟаиҵароуп ихатәы лкаақәа, ирҳароуп ихатә ԥышәа. Зыҽны ииз мышкы зны изалшом ажәра ишәхымс иааламгылар. Ус ишоуп аԥсҭазаара.

Абырг, аиҳабы пату рықәҵара иазку еиқәаҳаԥхьаӡаз ахшыҩзышьҭрақәа ҳәаақәаҳҵар алшоит абас еиԥш иҟоу ажәаԥҟақәа рыла: "Аиҳабы дызмам Анцәа димам", "Аиҳаб бзиа дыԥраҳәа разуп", "Аиҳабы бзиа дԥызоуп", "Аиҳабы дышәшьыроуп", "Аиҳабы дахьыҟам аиҵбы бзабаа ибом", "Аиҳабы пату иқәуҵар, Анцәагьы пату уқәиҵоит".

Анасыԥ ахь ҳамҩа нагоуп: аҭаацәара алалара иадҳәалоу жәлар разгәаҭарақәа - Sputnik Аҧсны
"Анасыԥ ахь ҳамҩа нагоуп": аҭаацәара алалара иадҳәалоу жәлар разгәаҭарақәа

Жәлар рҟәыӷара зныԥшуа афольклортә жанрқәа иреиуоу ажәлар разгәаҭарақәа рҿгьы ицәырымҵырц залшомызт абырг, аҭаацәара урҭ рыхӡыӡаара атәы зҳәо ахшыҩзышьҭрақәа.

Жәлар разгәаҭарақәа рҿы иаагоу аиҳабацәеи, аҭаацәареи, уи алахәылацәеи ирыдҳәалоу агәрагарақәа, жәаҳәарада, еиуеиԥшым, иаагозар, абаҳчаҿы абиаҵла еиҭазҳаша зықәра акыр зфахьоу абырг иоуп, ақәыԥш еиҭеиҳар ҵасым, избан акәзар, ашьаҭа ашәпара еиҭазҳаз ихәда иаҟарахар, дашәиуеит рҳәоит. Иара убас, аҭаацәара аиҳабацәеи алахәылацәеи ирызкны ирҳәо азгәаҭарақәа иреиуоуп:

  • Акәасҭхала амца уасуа уалагар, аҭаацәа иреиҳабу ихы ихьуа далагоит.
  • Абысҭа нанҵаны ачуан амҳабысҭа нҭаршәны иаанужьыр, ҵасым, "аҭаацәа реиҳабы ииҳәо дақәымшәо дҟалоит".
  • Архнышьна гьалозар, аҭаацәа реиҳабы ихы ихьуа далагоит, мамзаргьы аҭаацәа аԥхьаӡоит, иреиҵбу дашәиуеит рҳәоит.
  • Амца иахакнаҳау архнышьна абжьы гар бзиоуп, аҭаацәа реизҳара иатәуп.
  • Аҭаацәа иреиҳабу даныԥсуа аҩны аҭӡамцқәа рыбжьы "аҿҿаҳәа" игоит рҳәоит.
  • Асаан каҳан иԥҽызшәа абжьы уаҳар, аҩнаҭаҿы ԥҳәыск дыԥсуеит рҳәоит.
  • Ахаҵа илахь дафар ма аԥҳәыс лыӡӷы дафар, иахьырцарҭоу ԥсрак раҳауеит.
  • Аҩны иаҭааз асас асапын ҳамҭас иуҭар ҵасым, изҭиуа изыҳәа алаӷырӡ иатәуп рҳәоит.
  • Аӡы амца иахьахакнаҳау агәара-гәараҳәа аҭаацәа ирылашыр ҵасым рҳәоит.
  • Агәыр аҭӡы иалоуҵар, аҭаацәараҿы аҭыӡшәа роуеит рҳәоит.
  • Ажәҵыс ахьымнеиз аҩны ашықәсан аӡә дыԥсуеит.
  • Аԥсуа иҩны амаҭ неир, аӡә дыԥсуеит рҳәоит.
  • Амаркатыл аҭаацәа акрахьырфо аишәа иқәуҵар, аҭаацәа аҭыӡшәа роуеит рҳәоит.
  • Амца аҟынтәи амцабз ыҵыҟьҟьозар, аҭаацәа рҿы ҭыӡшәак ҟалоит.
  • Аҭаацәара алахәыла, мамзаргьы асас аҩны ддәылҵны данцалак ашьҭахь аҩны аԥссара ҵасым, "арахь ухьамԥшааит" аанагоит рҳәоит.
  • Ала ашҭаҿы ианууа ацәгьара иазкуп. Ацәгьара ҟамларцы ашәхымс аҟны аҳәызба адәныҟа ахы рханы ишьҭоуҵар, иԥнаҟоит.
  • Аҩны азааигәа аԥсаҵла еиҭауҳар бзиам, аҭаацәа зыҿиом "знык уҩны ахыбра сзахысыр, нас уқьаԥҭастәуеит" аҳәоит.

Абас иҟоуп аҭаацәара аиҳабацәеи алахәылацәеи ирызкны ирҳәо ажәлар ирылаҵәаны иҟоу азгәаҭарақәак. Ажәлар разгәаҭарақәа реиԥш иҟоу атема аинтерес ду ахьаҵоу азы ԥхьаҟагьы еиуеиԥшым атемақәа ирықәшәо, илыԥшааху жәлар разгәаҭарақәа шәыдаагалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0