Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik
Ауаҩы наџьнатә аахыс дзызхәыцуаз, иаԥхьа иқәиргылоз азҵаарақәа ируакын ԥхьаҟатәи иԥсҭазаара аиҿкаара, аҭаацәаратә разҟы аиура. Анасыԥ, аҭаацәараԥҵара уҳәа ирыдҳәалоу даҽаӡәы иламҩашьо, рхатәы жәлар разгәаҭарақәа адунеи ахьынӡанаӡааӡо иқәынхо ажәларқәа зегьы ирымоуп ҳәа азуԥхьаӡар алшоит. Урҭ азгәаҭарақәа зегьы аинтерес ду рыҵоуп, досу ркультура иарҿиаз атрадициақәа ирықәшәоит.
Иаагозар, авенгерцәа рҟны ҿыц еибагаз арԥызбеи аԥҳәызбеи раԥхьаҟа амали ахшара рацәеи роурц азы абрынџь рықәрыԥсоит. Ашведцәа рҟны акәзар, аҭыԥҳа лчара аҽны илышьалҵараны иҟоу ашьаҵақәа руак лаб араӡын мааҭ ҭаиршәыр, лынасыԥ уаҳа назҭахым акәхоит ҳәа рыԥхьаӡоит. Аполиакцәа ашәахьеи ахәашеи аҭаацәара аԥызҵаз дманшәалахом ҳәа агәрагара рымоуп, насыԥ зцу мшны ирыԥхьаӡоит асабша.
Аԥсуаа ҳакәзар, ас еиԥш иҟоу ажәлар разгәаҭарақәа рыла даара ҳбеиоуп. Урҭ иахьа бжеиҳан иаҳзеиҭазҳәо, иҳамаздо ҳаиҳабацәа роуп, аха иҟоуп зегьы еицаадыруагьы. Еиуеиԥшым ахшыҩзцарақәа узырбо, жәытәаахыс еиқәырханы иааргаз аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа иуабжьыргоит анасыԥ аиуразы иҟаҵатәу, мамзаргьы уи иаԥырхагахар алшо.
Анасыԥ аиура, ма аҭаацәара алалара иадҳәалоу жәлар разгәаҭарақәа
- Аҭаца данааргоз аҽны аҩны ашьақар ҩнарыԥсон, дхаахоит ҳәа.
- Аҭаца аҩны данхаргало леимаа ашьхәала асаан ԥылыххаар, аҭаацәара иалалаз рҳәатәы еиқәшәаны, бзиа иҟалоит ҳәа рыԥхьаӡоит (ари аҵас ааигәа иҳаланагалаз акоуп - аред.).
- Ирҳәоит, аҩнра иҩнанагалаз аҭаца иԥылҽыз асаан аԥҽыха ганы хаҵа имцац аҭыԥҳа ма арԥыс ҿымҭ рыхчы иаҵаҵан ицәар, ирынасыԥу дырбоит ҳәа.
- Аҭаца раԥхьа ахаҵарԥыс длоурц азы данааргалак, аҷкәын хәыҷ лшьамхы дықәдыртәон, еиҳарак дызгаз ирыжәлантәу.
- Ачара аҽны амш бзиахарц азы, аҭаацәара иатәу аԥҳәыс бырг ааигәа инхо агәылацәа рҟнытә идмырбаӡакәа иажәхьоу аҩымсаг лӷьычыр акәын.
- Адаӷь иаҵәа хәыҷы кны, акы илҭартәаны хаҵа имцац аҭыԥҳа лыхчы иаҵаҵаны дыцәар, илынасыԥу ԥхыӡ дылбоит рҳәоит.
- Аҭаца аҩны даныҩнаргало ацха лҿауҵар, ма лқьышә иқәушьыр, "лыбз хаахоит" рҳәоит.
Арԥыси аҭыԥҳаи рынасыԥ иаԥырхагахоит ҳәа иршьо жәлар разгәаҭарақәа
● Аӡӷаб ала иршәны акралҭар ҟалаӡом, "са сеиԥш бышуа аҩны быҩнахааит" ҳәа аҳәоит.
● Аӡӷаб, абысҭа аныкнырхлак, иаразнак амҳабысҭа мрыцқьакәа инлыжьлозар, заа хаҵа дызцаӡом.
● Аӡӷаб, мамзаргьы аҷкәын изныԥшыло асаркьа рцәыԥҽыр, ԥхьаҟа насыԥ роуам рҳәоит.
● Хаҵа имцац аӡӷаб ачуан иҭырго абысҭа аҵыхәтәантәи аҿахра афара бзиа илбозар, акыраамҭа дҭаацәарахом.
● Аҭаца аҩны данхаргало, асаан анԥылҽуа, асаан аԥҽыха рацәамхар хәарҭам.
● Аҭыԥҳа, ма арԥыс ихала ихы ҵирффар, насыԥ иоуам рҳәоит.
● Амза аҭахамҭазы аԥҳәыс дааугар бзиам, аҿиараҿы уманшәалахом.
● Аишәа аҵкар аҿы утәар, быжь-шықәса ԥҳәыс дузаагом, ма хаҵа узцом рҳәоит.
Жәлар разгәаҭарақәа инарываргыланы ажәытәан аҿар игәра ргон абзиабара анцәахәы - Анымираҳ. Аҭыԥхацәа уи ихьӡала анасыԥ азы аԥшрақәа ҟарҵон. Шьалуа Иналиԥа иусумҭа "Аԥсуаа рҭаацәаралалара иазку аочеркқәа" аҟны иҩуан: "Есышықәса хәажәкырамзазы аҭыԥҳацәа маӡала иҟарҵон ахәажәақәа ҵааны, аџьыка рыҭаны, изцәыԥхашьоз ҭаца ҿыцк лымҳараҿы иеизаны Нымираҳ изкны аныҳәара мҩаԥыргон, иматанеиуан ԥхыӡла рынасыԥ дырбарц азы".
Иналиԥа ишазгәаиҭо ала, Нымираҳ, мамзаргьы Лымираҳ - ари ахаҵацареи аԥҳәысаагареи (аҭаацәа алалара) ирыдҳәалоу аусқәа знапы иану, ирхылаԥшхәу аԥсуаа рмырҭаҭратә нцәахә иоуп. Аҿар рынасыԥ злеилыркаауаз, ма идеилзыркаауаз анцәахәы иӡбахә иахьагьы еиқәханы иҟоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсҭазаара зеиԥшрахо аилкаара: Анмираҳ - абзиабара анцәахәы идҳәалоу аҵасқәа
-
"Шәеидымшылахааит", ма аԥсуа чараҿы аныҳәаҿақәа реишьҭагылашьа