"Махәи ҵыси еиқәиртәом": аҵакы еиҭарсны иаазырԥшуа еилымшәо аԥсыуа жәеицааирақәак

© Sputnik / Томас ТхайцукЛыхнашта
Лыхнашта  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абызшәа иалоу ихиоу, имазеиу ажәаҳәаҿы ахархәарада ак згым ажәеицааирақәа ирызкны гәаанагарақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ, аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Абызшәа аԥсҭазаара ахыҵхырҭаҿы игылоуп, иарада ауаа реицәажәара зыҟалом, ргәы иҭоу рзеибыҳәом, рԥышәа аимдара залыршахом. Егьырҭ ажәларқәа зегьы рхатәы бызшәа шрымоу еиԥш, аԥсуаагьы даҽа жәларык излареиԥшым ирдырга ҷыдоуп ибеиоу рхатәы бызшәа – аԥсшәа.

Амулеты, драгоценные камни и декоративные элементы из фаянса, бронзы, кости и янтаря найденные в результате раскопок в Помпеях - Sputnik Аҧсны
"Ауарцеи", "асақь", "аҟаса": аҵакырацәа зныԥшуа аԥсыуа ажәақәак

Азқьышықәсақәа рӡеибафареи аамҭа цәгьеи иргәылсны ҳаԥсадгьыл аҿы иаԥшәымаха иҟаз ҳбызшәа-бырлаш ҟәышрыла ҳажәлар рҿахәы ҳәо рымаҵ ауеит иахьа уажәраанӡа.

Ҳбызшәа шәыга рацәала иҩычоуп, ибеиоуп, иҵаулоуп. Иарала иузымҳәара маҷуп. Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа раарԥшразы абызшәа иалоуп ихиоу, имазеиу, ажәаҳәаҿы ахархәарада ак зҭахым ажәахиақәа (иаҳа ииашаны иуҳәозар, афразеологиатә жәеидҳәалақәа). Ҳарзааҭгылап урҭ:

Напы мацара; напы мацара дааит – акгьы укымкәа, унапы ҭацәны иаалырҟьаны џьара сасра неитәыс иануқәшәа "ҳаи, сышԥаԥси, напы мацара сааит" рҳәоит.

Ҳәызбада ихәда ԥиҟеит – ауаҩы даара игәы иалсшаз ажәабжьк аниаҳа ма ажәала, уск ала ихәҭамыз аӡәы данақәиршәа, "ҳаи, ҳәызбада сыхәда шԥаԥиҟеи" иҳәоит.

Инапаҿы дааигеит – диргәыбзыӷит, иҳәатәаҿы дааигеит аанагоит.

Атымитыша дҭаҳаит – уск иахҟьаны дызлымҵша ауадаҩра дақәшәеит.

Аҽада дақәтәеит; аҽада дақәиртәеит – ауаҩы дзырԥхашьаша уск данақәшәалак, мамзаргьы дандырԥхашьалак, "аҽада сышԥақәуртәеи" ҳәа иҳәоит ҭакс.

Лахь ииҭеит – диацәҳаит, диабжьеит аанагоит.

Погода  - Sputnik Аҧсны
Аҿамԥыџь уааҳәра дыргом: иҵоурам ауаҩы ихымҩаԥгашьа аазырԥшуа ажәақәак

Гәалагәала дцәажәеит – ауаҩы дгәааны даныҟоу ма игәамырԥхаӡакәа уск даналацәажәо абас рҳәоит.

Ҷанҷаны еибафоит – еицәҳауеит, еисуеит, иааибуам аанагоит.

Ԥынҵала аӡы ижәуам – даара дҟәыӷоуп, ииҳәо-ииуа идыруеит ҳәа аӡәы дурҽхәарц ануҭаху абас еиԥш иҟоу ажәеицааира ухы иаурхәар алшоит.

Ҳаи, уабаҟаз рҳәааит; уччаԥшь еиқәаҵәахааит; ӡибнаҟа дцааит – уӡааит, ухнымҳәааит, ацәгьара уаҳааит, иузыҟалааит аанагоит абас еиԥш иҟоу ажәақәа. Дара ашәиратә елемент ҳасабала рхы иадырхәоит.

Мшызҳа изҳаит – ирласны ддухеит.

Ашьеи ахши еилаҭәо – иқәыԥшу, зцәа-зжьы патәу, ишкәакәоу, зӡамҩақәа ҟаԥшьу аӡӷаб абас лзырҳәоит.

Дызлааз амҩа ихадыршҭит – ддыршәеит.

Ибыз дафоит – амыцхә дцәажәоит, амыцхә иҳәоит.

Игәы цқьам – дҳарамуп, аӡәы изы абзиа иҭахым.

Кәрыжәаа дрықәлоуп; Кәрыжәаа ирықәлоуп – зықәра наскьахьоу ауаҩы, мамзаргьы ижәытәтәиу амаҭәар иазкны абри еиԥш иҟоу ажәеицааира рхы иадырхәоит.

Аԥсы мыжда ҵаауп; игәы ҭҟьеит – ашәара, акы даршәеит.

Ауа иуа, кьантыжә маҟа – иаагозар, ачарахь аԥшәмацәа иаҭахугьы иаҭахымгьы ааԥхьара анрырҭа, "ауа иуа кьантыжә маҟакгьы даанырмыжьит", зегьы ирарҳәеит рҳәоит.

Махәи ҵыси еиқәиртәом; аҵыс мҩас асахьа ҭихуеит – дшәарыцаҩ бзиоуп аанагоит.

Леиаа рныҳәара. Акасқәа зхоу аҳәса - Sputnik Аҧсны
Ахҷаҭхылԥа, акасы еицарса, ашьал: аҳәса рхаҵатәы азы ажәақәак

Мыцла деибаркуп – амцҳәара бзиа избо изы.

Акьаброу асра; акьаброу дасуеит – амшгара, амш игоит, ак аҟаҵара иҭахым.

Иԥсахы еибакит – игәы ԥжәеит, дгәамҵит.

Ибыз ихәоит – иҿабызшәа ырхааны ихы иахәаша ҟаиҵоит.

Аман иирҳәеит – диргәаҟит, дирааԥсеит аанагоит.

Изшьапык адамра иҭагылоуп – аԥсра ахықә дхықәгылоуп.

Ихы дубеиа ибоит – иҽирԥагьоит, ихы дуны ибоит.

Хыхь еиқәыԥхьаӡоу аҿырԥштәқәа инарҭбааны рхы иадырхәоит ԥсышәа цқьала ицәажәо, иара убас зықәра зфахьоу ҳбызшәа аҵаулара бзианы изнырхьоу абыргцәа ражәаҳәаҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0