Ахҷаҭхылԥа, акасы еицарса, ашьал: аҳәса рхаҵатәы азы ажәақәак

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеиаа рныҳәара. Акасқәа зхоу аҳәса
Леиаа рныҳәара. Акасқәа зхоу аҳәса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәсақәеи аҭыԥҳацәеи рыбзазараҿы ахархәара рыман атрадициатә хаҵатәқәа. Иарбақәаныз урҭ? Убри атәы даҳзааҭгылоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуа ҭыԥҳа лҭеиҭыԥш ашьақәгылараҿы акырӡа аҵанакуан лыхцәы. Ахцәы еизҳарц азы аныҟәгара бзиа аҭахын. Ажәытәан ахцә ду змаз рыхцәы мчыбжьык ахь знык-ҩынтә нышәаԥшьла ирҿышуан. Аҳәса быргцәа изларҳәо ала, ахцәы еизҳарц азы иара убас иалдыршон абжьеи ахәац аӡи.

Аԥсуаҵасла аҭыԥҳацәа рыхцәы ҵдырффомызт. Ахцәы аныҟәгарала аԥҳәызба леиҿкаашьа ахәшьара арҭон, зыхцәы зеихда илахысуа измаз лыхә ҳаракны иршьон, ахьӡ лоуан.

Коса - Sputnik Аҧсны
Соура уоураны, сыҭбаара уҭбаараны: ахцәы иадҳәалоу аԥсуаа рыгәрагарақәа

Зегь раасҭа иԥшӡоуп ҳәа ирыԥхьаӡон ахцәы еиқәаҵәа, ахцәы хьыԥшшәыла. Зыхцәы дуу аԥҳәызба лзы ирҳәалон: "ахахәы рацәа зқәу - дымшуп", "зхахәы еилаарцыруа иҟоу - лгәы цқьоуп" ҳәа.

Аҭаацәара иаланагалахьаз аҳәса рыхцәы зныкны ирԥон, ма рышьҭахьҟа иганы алаҵақәа рыла иҵаркуан. Зынасыԥ змыԥшаацыз аҭыԥҳацәа рыхцәы ҩбаны иԥаны наҟ – ааҟ ирықәырҵон.

Аԥсуа ҳәсақәеи аҭыԥҳацәеи рыбзазараҿы ахархәара рыман атрадициатә хаҵатәқәа – акасқәа, ашьалқәа уҳәа. Аԥхынразы еиҳарак аԥҳәызба лхахәы хтын, аха аԥҳәыс хымԥада касыла лыхцәы ҵакызар акәын, уи адаҳҳәалар алшоит лара акҿаҩра, афатә ҟаҵара дахьадҳәалоу. Афатә аҟаҵараан аԥҳәыс бзиа лхахәы ҵалкуеит.

Аӡынразы аҳәса акасы еиуеиԥшымкәа ирхарҵон. Иҟалон раԥхьа х-ԥшьык змаз акасы еицарса анырхарҵоз, уи ахыхь дырҩеигь ижәпоу, аласа иалху ашьал ацырхарҵон. Уи зегь зыҟарҵоз иарԥхарц азы акәын. Ашьал ахаҭыԥан ашәҭқәа зныз акасы зхазҵозгьы ыҟан.

Даҽа хаҵашьа формакгьы ыҟан, акасы еицарсала рылахь хырҩон, нас аҵыхәақәа рышьҭахьҟа ииаганы, рыхцәы илыҵакны иҿарҳәон. Ашьал касы ус ирҽны рыжәҩахырқәа ианрықәдыршәуан.

Аҵла - Sputnik Аҧсны
Агәыблаа, аԥхныга, алагьан, нас акасы: ижәытәу аԥшаҿаҳәара ақьабз иазкны

Ажәытәтәи аамҭақәа рзы аӡынра ахьҭа ӷәӷәа аныҟаз, аҭыԥҳацәа аӡәырҩы акасы ахаҭыԥан ахҭарԥа рхарҵон, уи аҿаҳәашьа акасы еиԥшытәны. Ахҭарԥа нархаҵаны, аҿацәқәа ацламҳәаҵаҟа иныҵданы, рышьҭахьҟа ииаганы иҿарҳәон.

Асовет мчра Аԥсны ианышьақәгыла ашьҭахь аԥсуа ҭыԥҳацәа аӡәырҩы акасы ахаҭыԥан усҟантәи амода иацныҟәаны ирхарҵо иалагеит аберет иеиԥшыз ахылԥақәа, урҭ ахҷаҭхылԥақәа (азгә. ус захьӡыртәыз еилкаам) ҳәа ирышьҭан. Убасҟантәи аамҭақәа рзоуп ахцәыркьаҿра амодагьы анцәырц.

Иахьатәи аԥсуа ҭыԥҳацәа аҭагылазаашьа рымоуп афабрикақәа иҭрыжьуа ахаҵатәқәа рныҟәгара, иҭрыжьуа аалыҵ еиуеиԥшым, абыз змоу еиԥш, иҟоуп абыз змам ахылԥақәагьы. Аха уеизгьы, аԥсуа традициатә хаҵатәқәагьы зынӡа игәыгәҭажьуп сызҳәом, еиҳаракгьы акасқәеи ашьалқәеи бзиа ибаны иныҟәыргоит ақыҭаҳәсақәа. Иара убрасгьы, ԥсрак-бзарак аҳәса амаҵ аныруа аԥыраҳәақәа рымӷарҵоит. Аӡынразы ихәарҭоу, иԥхоу ашьалқәеи аласа қалԥадқәеи имаҷзаргьы, иахьагьы напыла изԥо аҳәсақәа ыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0