"Ҳазшаз иуҳәо уциҳәароуп": Анцәа изку аԥсуаа разгәаҭарақәак

© Sputnik / Томас ТхайцукПогода 12.06.2020
Погода 12.06.2020 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анцәа изкны аԥсуаа ирымоу згәаҭарақәак ртәы дырзааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Аԥсуа рынцәахәқәа рахьтә зегьы дреиҳауп Анцәа. Адунеи ахаҭагьы, уи иаақәу ԥсы зхоуи изхамгьы зшаз иара иоуп. Ԥсы зхоу зегьы шишаз еиԥш, иара дагьырхылаԥшуеит. Убри аҟнытә, Анцәа изы ҳаҭырла "иаҳхылаԥшхәу", "ҳазшаз", "злыԥха ҳаура" изырҳәоит.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Анцәа иҭеиҭыԥш атәы уҳәозар, иара ажәҩан аҿоуп дахьыҟоу азы блала аӡәгьы димбац, аха аԥсуаа рыхдырраҿы уи ауаҩы деиԥшныршьалоит, цхырааҩцәас имоуп аԥааимбарцәа.

Новорожденный - Sputnik Аҧсны
Дыхьӡырҳәаганы Анцәа дҟаҵа: ауаҩытәыҩса иира иадҳәалоу згәаҭарақәак

Аԥсуаа жәынгьы-ҿангьы Анцәа игәра ганы, гәык-ԥсык ала имҵаныҳәоит, иматанеиуеит. Абзиараҿгьы ацәгьараҿгьы аԥсуаа ражәаҳәа иаланы ирҳәоит, "Анцәа ухьышьаргәыҵа ҳакәыхшоуп". Машәырны иҟамлаӡеит аԥсуаа аишәаҿы раԥхьаӡа иааныркыло аныҳәаҿа "Анцәа улԥха ҳаҭ" ҳәа иахьааныркыло. Ҳазшаз иаҳзыҟауҵо зегь рзы "иҭабуп", анеиҩсгьы улаԥш хаа ҳагымхааит, ҳахьчазааит ҳәоуп ҵакыс иамоу ари аныҳәаҿа.

Аӡә дырныҳәозар, уигьы Анцәа ихьӡ ала дырныҳәо ирҳәоит: "Анцәа уиныҳәааит", "Анцәа духылаԥшааит", "Анцәа уимшьааит", "Анцәа илԥха уоуааит", "Анцәа уирӷьацааит". Аҵеи дахьиз акәзар, аҩнаҭаҿы еидныҳәалоит: "Уа, Анцәа Ду, ҳажәла иазырҳа!", "Аԥсынҵры бзиа Анцәа иҭ!", "Дыхьӡырҳәаганы Анцәа дҳаҭ!" ҳәа.

Ацәгьара ҟазҵаз, иашакәым зхы ныҟәызгаз, аԥсуаа ҳҟны ихьӡала дыршәиуан: "Анцәа дуқәшәиааит", "Анцәа уицәымыӷхааит", "Анцәа уқәихааит" ҳәа.

Иаалырҟьан бзиарак иақәшәазар, уигьы Анцәа иџьыршьон, ихьӡ иадырҳәалон. Иаҳҳәап: "Анцәа иџьшьоуп, ҳманшәалахеит", "Анцәа иџьшьоуп, агәабзиара ҳагым", "Анцәа иџьшьоуп, уеибганы уааит". Абзиара иақәшәарц рҭахызар, уигьы Анцәа ихьӡ иадҳәалахон, ирҳәон: "Анцәа иҳәар, убзиахоит" (ичмазҩу изы), "Анцәа иҳәар, аҽаҩра бзиа ҟалоит", "Анцәа иҳәар, зегьы ҳрыхьӡоит" (ауаҩ гәҭакык имазар).

Хыхь иҳәоу ажәақәа рышьақәырӷәӷәаразы иаазгоит Ԥақәашь ақыҭа инхоз абырг Ҭырбеи Ҭаниа шықәсқәак раԥхьа исзымаидаз ҳәамҭақәак.

"Хаҵеи ԥҳәыси ыҟан, қәахь хәыҷык иҩнан. Ақәахь изыҩназ рбганы, ҩны бзиак ҳаргылоит ҳәа ргәы иҭан. Аха абри ргәы иҭоижьҭеи, ажәҵарақәа ааин рхәышҭаара аханыҵәҟьа аҭра ҟарҵеит. Аҭра ҟарҵан аԥшқақәа хырхит. Абарҭ аҭаацәа анааидтәалоз ус рҳәон: "Уаҵәы иаашар ҳқәацә рбганы гәылацәақәакгьы ааганы аҩны ҟаҳҵароуп!" ҳәа. Арҭ ажәҵарақәа ираҳан, иаарцәымыӷхеит. Ақәацә дырбгар, аԥшқақәа ихырхыз абаргоз! Ажәҵарақәа Анцәа иахь иԥрырц рыӡбеит. Иахьнеиз изықәшәаз изеиҭарҳәеит.

Ахәажә - Sputnik Аҧсны
Анцәа иахь иуқәуҵаз ажәа: аҿаҭахьа аҵаки анагӡашьеи

Ари заҳаз Анцәа дааԥышәарччан, ус ҿааиҭит: "Урҭ хаҵеи ԥҳәыси рҳәатәы рҳәоит, рыҩны ҟарҵарц рҭахгәышьоуп. Ҳаҩны ҟаҳҵоит уаҵәы "Анцәа иҳаҭәаишьозар" ҳәа рымҳәакәа ҟаҵашьа рымаӡам. Уаанӡа акы шәацәымшәан, шәыԥшқақәагь рымч ҭалоит! – иҳәеит. Есыуаха еидтәаланы "Ҳқәацә ҳарбгароуп!" – рҳәоит аҭаацәа, аха макьана ус иҟоуп, анцәа ихьӡ рҳәаӡом. Аамҭа цоит. Ажәҵара ԥшқақәа рымч ҭаланы иԥырратәы иҟалахьан еиԥш, уахык аҭаацәа ааидтәалан акранырфа ашьҭахь ахаҵа ҿааиҭит:

— Иагьарааны иаҳҳәахьазаргьы уаҵәы ҳгәылацәагь ираҳәаны, абри ҳқәацә рбганы аҩн ҿыц алаҳхыроуп. Анцәа Ҳазшаз иҳәозар, уаҵәы иахаҳгарым! - иҳәеит.

Ианааша, агәылацәа ирызҿыҭны иаарган аҩныргылара нап адыркит. Зымч ҭалахьаз ажәҵара ԥшқақәагьы ҩышьҭыԥраа ицеит. Дад, ус баша ирҳәом, "Анцәа Ҳазшаз иуҳәо уциҳәароуп" ҳәа", - абас иажәабжь ахиркәшеит абырг.

Ажьырныхуа в селе Эшера. - Sputnik Аҧсны
"Машәыр анцәа иуқәимҵааит", ма Амашәыр анцәахәы аԥсуаа рҟны

Ҳазшаз ақьиареи аиашареи реиԥш илоуп уаҩы иимбара аџьбарагьы. Иҳәатәы иацымныҟәо, ацәгьа - мыцәгьа ҟазҵо, дырзыӷьашкуеит уи атәы уеилнаркаауеит Ҭырбеи Ҭаниа анеиҩстәи иажәабжь.

"Зны Ҳазшаз адунеи иқәыз, зыԥсы ҭаз зегьы рхәы ишон. Амшәи аҳәеи агхеит. Егьырҭ зегь рхәы рыҭаны иоуишьҭын, ицахьан. Анҭ агханы ианааи: "Шәынзырхазеи?" - иҳәеит. Иааиз изҵаара аҭак аҟаҵаха рмоуа акы еимырххо иркын. Еимаркуеит-еиҿаркуеит шашьа рзамҭеит. Иаарымихын, длахәаԥшын, ихәхәаӡа иҟаз дацын. Адац ыршәны абна илаижьит, адунеи иқәнаҵ еимактәызааит, иҳәан днақәшәит. Убри еимаркуаз адац ӡахәазаарын. Иахьагьы убас иаанхеит. Аӡахәа иҿало ажь, нас уи иалҵуа арыжәтә ауаа ианрылыжжлак аимак-аиҿак ахылҿиаауеит!", - азгәеиҭеит абырг иажәабжь аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0