"Ауаҩ ҟәыш дагьууандаз, дагьуаӷандаз": ауаҩы иааӡара, иҟазшьа азырбо ажәақәак

CC0 / / Дети играют на полу
Дети играют на полу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаҩы иааӡара, иҵоуроу иҟазшьақәа азырбо ажәақәа ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Аԥсуа ҭаацәарақәа рҿы еснагь рҽазыршәон ахшара ирыхәҭоу ааӡара арыҭара, иҵоуроу аҟазшьақәа рылааӡара, избанзар ахшара аҭаацәа ирхаҿсахьоуп. Аԥсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит: "Ахшара данбзиаха, ажәлар дыртәуп, даныцәгьаха, иани иаби", мамзаргьы "аҵеи дыбзиахар, жәлар шьҭихуеит, дыцәгьахар, ихгьы изышьҭыхуам".

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Рыхшара дыӡӷаб-дыҷкәын гәцаракрыла рҿареиԥш ражәрагьы иҭаргаларатәы ирыларааӡон ауаҩра, аҳалалра, аиашара, апатуеиқәҵара, аихаҵгылара, аԥсадгьыл, ауаажәлар рахь абзиабара уҳәа реиԥш иҟоу аҟазшьа лыԥшаахқәа.

Погода  - Sputnik Аҧсны
Аҿамԥыџь уааҳәра дыргом: иҵоурам ауаҩы ихымҩаԥгашьа аазырԥшуа ажәақәак

Убас, ԥсыуа ҵасла иааӡо, абзиеи ацәгьеи еилзырго, аиҳабы-аиҵбы иҿы ахымҩаԥгашьа здыруа, ԥхьаҟа ҩнаҭак зырԥшӡараны иҟоу аҭыԥҳа лзы "лыӡәӡәага ӡы аахәан иужәып" лзырҳәауан.

Ҳажәлар рҟәыӷара иабаҟоу аԥсуа жәаԥҟақәа рҿы ирнубаалоит иҵоуроу аҟазшьақәа злааӡоу ауаҩы ишҟа ирымаз апатуи аҳаҭыри. Еиқәыҳаԥхьаӡап урҭ рыхәҭак: "Ауаҩ ҟәыш дагьууандаз, дагьуаӷандаз", "Ауаҩ бзиа дуҩызазар, уирбзиоит", "Ауаҩ бзиа ацәгьа уанақәшәо иудгыло иоуп", "Ауаҩ иаҵкьыс еиӷьуп ауаҩра", "Ауаҩы иааӡара уадаҩуп, ибжьыхра мариоуп", "Ауаҩ иаша анасыԥ ицуп", "Ауаҩ иаша ҩысҭаа диԥырхагам", "Ауаҩ қьиа аӡәгьы диҵашьыцуам", "Ауаҩ қьиа иламыс анарцәгьы ицуп", "Ауаҩ ҟәыш ажәа бааԥс дацәыԥхашьоит", "Ауаҩ ҟәыш жәаԥҟада дцәажәом", "Ауаҩ ԥсыцқьа гәыла дыԥшӡоуп", "Ауаҩра амалқәа зегьы ирмалуп", "Аҵеи ибзарӡы иан дарҿоит".

Ажәаԥҟақәа инархыкны ауаҩы иааӡара, иҵоуроу иҟазшьақәа аазырԥшуа ажәақәа рыла ибеиан аԥсуаа ражәаҳәа, уимоу урҭ уаҳа наҭахымкәа иҳәаақәырҵон изызкыз ауаҩы ихаҭара. Амала, уажәы ахархәара зысҭараны сыҟоу ажәақәа уарла-шәарла ада иуԥылом умҳәозар.

  • Абзҩыца – иҟәышу, ҿаԥыцла иӷәӷәоу, инагоу ауаҩы изырҳәоит. "Абзҩыца" ишабалак ауаҩы ихьӡырҵомызт, ус еиԥш иҟаз ауаҩы днарыԥхьон ашьа, ахҟа зыбжьаз реиныршәараҿы.
  • Абыргьагьа – дыԥҳәыс, дхаҵа иарбан усзаалак аҟны иҿырԥшыгоу, аԥхьагылара змоу, знапкымҭа цқьоу, ԥыҭҩык ируа зхалазаҵәык иҟазҵо "абыргьагьа" ҳәа и(л)зырҳәон.
  • Аӷьас – акы иацәымшәо, еилҟьа-еилӷәыцәу. Ахаҵараҿы аԥхьа игылоу, ажәаҿы акы иузаҿамкуа. Ус иҟоу иаҳаҭыр ҳаракуп, игәра ргоит, илаҽхәоит. Уск азы данырышьҭуа ишьҭарҳәоит: "Арԥыс ӷьаск иоуп, дахьнеиуа иус ҟамҵакәа дааӡом".
  • Акәамӷьас – ари ажәа иамоуп ҩ-ҵакык, рыҩбагьы еицәтәымым иҵоуроу аҟазшьақәа ирызкуп. Актәи аҵакаҿы "акәамӷьас" иаанагоу еилҟьа-еилӷәыцәу, акы иацәымаашьо, аибашьраҿы ахы иузаҿамкуа, узықәгәыӷша. Ари ажәа ззынархо еиҳарак зарԥысра иҭагылоу ауаҩы иоуп ("акәамӷьас" урыс бызшәала: "боевой").

Ари ажәа аҩбатәи аҵакаҿы "акәамӷьас" ҳәа ишьҭоуп зқәыԥшра аамҭазы акыр ауаҩрақәа ҟазҵахьаз, аиҩызараҿы, напынҵак аҟаҵаразы ахьаҳә-хачара злам зуаҩыбжара иахысхьоу ауаҩы.

  • Амҩашьах – зҟазшьа бзиоу, иаамысҭашәоу, зыхшара ракәзар ҽаӡәы иламҩашьо изааӡоу ирызкуп, даҽакала иуҳәозар "имҩашьахым аҭаацәа ирылҵыз" ирызку ажәоуп. Ани аби мҽеирак ҟазҵаз рыхшара ианрылабжьо "Амҩашьахцәа ирааӡаз шәреиԥшхарауазеи" ҳәа рзырҳәоит.
  • Амсахәыр – зеиҿартәышьа ссиру, ԥшрала анцәахша ззуҳәаша, зҭеиҭыԥш иақәнагахаша ацәажәашьеи ахымҩаԥгашьеи змоу аԥҳәызба илызку ажәоуп.
  • Амсырхәа – мацқьа-шьацқьа зхы ҳаҭырла имҩаԥызго, мыцхәы ацәажәара ԥхазшьо, аиҳабы пату иқәызҵо, зыҿцәажәара хаау аԥҳәыс "амсырхәа" ҳәа илышьҭоуп.
  • Аҭаҟәшәышә – аҟазшьа бзиақәа ирылаҟоу, аиҩызара ззыҳаҭыру, зура-зҳәара уамшьуа, ауаҩра зызқәашьу изырҳәоит – "ауаҩы ҭаҟәшәышә" ҳәа. Ажәа аауеит "аҟәымшәышә" аҟынтәи. Анкьа, ари ажәа иахаршалан Ҭаҟәшәышә ҳәа аҳәса хьӡы ыҟан.
  • Удлаԥса – ауаҩра пату ақәызҵо, ауаа рҿы инагоу, изуа-изҳәо здыруа, "Удлаԥса ҳагымхааит!" ҳәа рхы здырныҳәало ауаҩы "удлаԥса" ҳәа ишьҭоуп. Ажәа "удлаԥса" - "уаҵкьыс иаԥсоу дыҟам" ҳәоуп иаанаго.

Астатиа аиқәыршәараҿы ахархәара аман ашәҟәыҩҩы-ажурналист Шьаликәа Камкиа ишәҟәы "Ажәақәа рдунеи".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0