Аӡын агәеисыбжь: асы, ачалт аргылара, ашәарыцара абзиабаҩцәа

© Foto / Есма ҬодуаԥҳаРауль Аиба
Рауль Аиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Оҭҳара ақыҭан инхо, ашәарыцара абзиабаҩцәа иреиуоу Раули Аиба аӡын дыззышәарыцои, аԥҟарақәа дышрықәнаҟәои ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Аԥсны шамахамзар аҵаа ӷәӷәақәа ҟалаӡом, асы леиргьы ҽнак-ҩымш рыла инышьҭыҵуеит, ашьха қыҭақәа рахь еиҳа аҽаннакылоит акәымзар.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Акрааҵуан ҳаԥсабара сыла ишәыбны иҳамбеижьҭеи. Иблахкыгахаз аӡын агәеисыбжьгьы аҭҳара-аҭҳараҳәа иуаҳауа иҟалеит. Аӡын ҽа ԥсык ахалеит: ашәарыцаҩ изаԥ дназыԥшит, ахәыҷы асеигәыдҵарахь деихеит, ахәыҷы моу, адугьы асырбылгьа ирапар цәгьа имбеит.

© Foto / Есма ҬодуаԥҳаОҭҳара ақыҭан илеиз асы
Аӡын агәеисыбжь: асы, ачалт аргылара, ашәарыцара абзиабаҩцәа - Sputnik Аҧсны
Оҭҳара ақыҭан илеиз асы

"Ҳхаан ас дуқәа леиуан, аҵаа ҟалон, ҳанхәыҷыз ачалт ҳаргылон, аҵарақәа ҳкуан. Уажә ҳа ҳхәыҷқәа ачалт закәу рыздырӡом, аӷәқәа рыла еидыргыланы, ашашәа аҵданы, алаба хәыҷқәа аҵаргыланы, ардәынақәа ааиуан, аҵарақәа. Уажә амода ҽакала иҟалоу, ахәыҷқәа уи аинтерес рымам. Анкьа асы злеиуаз еиԥш уажәы илеиӡом, сынтәа хәҷык ицәгьақәам. Уажәы асы илеиз ачымазарақәа крыкаҟазар иқәнагоит, ашәыргьы иазеиӷьуп, адгьыл иазеиӷьуп, аҽаҩрақәа ирзеиӷьуп, ахәаҷамаҷақәа ықәнахуеит, иара ауаагьы ирзеиӷьуп", – иҳәоит Оҭҳара инхо Раули Аиба.

© Foto / Есма ҬодуаԥҳаОҭҳара ақыҭан, Есма лҭаацәараҿы ачалт дыргылеит
Аӡын агәеисыбжь: асы, ачалт аргылара, ашәарыцара абзиабаҩцәа - Sputnik Аҧсны
Оҭҳара ақыҭан, Есма лҭаацәараҿы ачалт дыргылеит

Раули Аиба ашәарыцара абзиабаҩцәа дреиуоуп. Иара имоуп ала шәарыцақәагьы. Уажәтәи аамҭазы хара имцакәа, ааигәа-сигәа ишәарыцо иршьуа ардәына, аҳәыҳә, акәатақәа роуп иҳәоит. Аамҭацыԥхьаӡа иара ахатә гьама амоуп ҳәа азгәаиҭоит иара.

© Foto / Есма ҬодуаԥҳаБармышь ақыҭан акәаҭақәа рзы ишәарыцоит
Аӡын агәеисыбжь: асы, ачалт аргылара, ашәарыцара абзиабаҩцәа - Sputnik Аҧсны
Бармышь ақыҭан акәаҭақәа рзы ишәарыцоит

"Амнахь, Аџьхәа ҳәа иашьҭоуп, уажә сцан игәаҭаны сааит, абнаҳәақәа амоуп. Уахь амшә инаркны, ашәарахқәа рацәаны иамоуп, ашәарацыцәагьы рацәоуп, аха иаргьы ыҟоуп. Уажә сахьыҟаз рышьҭақәа ҳәа акагь сымбаӡеит, нас ҽазнык сцароуп. Нас ҳара ақәыџьмақәа цәгьала аԥхасҭа ҳарҭоит. Сынтәа ԥшь-хык ҳцәырфеит убыс. Уи аԥхасҭа ҟамларц азы уахеҩароуп, игәауҭалоуп. Ашәақь амашәыр ацуп, уахьхысуа, ушхысуа гәауҭароуп, агәыз ҳәа ухысит ҳәа иҟалаӡом, анахьхьигьы аӡә дгылазар гәауҭароуп, ашьацма еиԥхьыттоит, ана абардра ыҟазар ҟалоит, ана аҵлақәа гылоуп, ауаҩы аӡәы дгылазар даҵәахыр ҟалоит, ишәарҭоуп, убри аҟнытә зегьы ишәаны-изаны иҟауҵароуп, уахьхысуа гәауҭароуп", – еиҭеиҳәоит ашәарыцаҩ.

© Foto / Есма ҬодуаԥҳаОҭҳара илеиз асы
Аӡын агәеисыбжь: асы, ачалт аргылара, ашәарыцара абзиабаҩцәа - Sputnik Аҧсны
Оҭҳара илеиз асы

Ааигәа дыҟа, хара дыҟа ашәарыцаҩ аԥҟарақәа дрықәныҟәозароуп уеизгьы. Ирҳәоит аӡын шӡыну имҩасыр, адгьылгьы иазеиӷьхоит, аԥсабара иазеиӷьхоит, аҳауагьы аҽарыцқьоит ҳәа.

Ашықәс ҿыц алагамҭа агәыӷра унаҭоит уи иацааиуа аамҭақәагьы лҵшәа бзиала имҩасып ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0