Ашәарыцаратә бызшәа амаӡақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАшәарыцара
Ашәарыцара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәарыцаратә бызшәа, абна бызшәа ҳәа изышьҭоу рхы ишадырхәоз атәы еилылкаауан Sputnik аналитик Нонна Ҭхәазԥҳа ашәарыцара иадҳәалоу аҵасқәа ҭызҵаауа Аполлон Шьынқәба иҿы.

Нонна Ҭхәазԥҳа, Sputnik 

Ашәарыцацәа аҩны иандәылҵ нахыс ашәарыцаратә бызшәала еигәныҩуан. Ашьхаеи, абнеи, ашәарыцареи рынцәахәы Ажәеиԥшьаа иҭыԥ ԥшьаҿы аԥсуаа злацәажәо абызшәагьы хазызароуп. Уи абна бызшәа, ашәарыцаратә бызшәа хәа иашьҭоуп. Уаҟа аӡәи-аӡәи хьыӡҳәала еиқәҿырҭӡом, атрышә иасноуп адырра шрибаҭо, ҳәа азгәеиҭеит Аполлон Шьынқәба.

"Ашәарыцацәа реиҳабы ацәымш ҳәа ишьҭоуп, иреиҵбу агәаҷ хәа иарҳәоит, рымаҵ зуа азаҷ ихьӡуп. Ашәарыцаратә бызшәа зхы иазырхәо ашәарыцацәа Ажәеиԥшьаа еиҳа ирманшәалоит, ашәарах ранашьаит ҳәа иԥхьаӡоуп. Ашьха рхы иадырхәо зегьы ашәарыцаратә бызшәала хьӡык-хьӡык рымоуп.

Охота - Sputnik Аҧсны
Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа дшышәииз: ашәарыцара иазку жәлар рҳәамҭақәак

Иаҳҳәап: амца — алаҳаҷ ахьӡуп, ачуан — аҟәшәа, аҳәызба — ачага, амҳабысҭа — аҭархәлаг, аџьыка — аӡлаба, ахырҵәы — шлаба, аҽы — шьапыда, аҽада — амҳацә ду, ашьабысҭа — ашьаҩа, абӷаб — хылкь, адомбеи — ацәыблы, ацыӷ — ахәымш, ала — амаӡа, ахҭырԥа — ахрыԥхага", — иҳәеит Шьынқәба.

Аполлон Шьынқәба иажәақәа рыла, иахьа фрагментлоуп акәымзар ашәарыцаратә бызшәа Кавказтәи ашьхарыуаа жәларқәа рҟны инымхаӡеит. Инханы иахьыҟоу аԥсуаа ҳҟны ауаԥсқәа рҟны ауп ашәарыцаратә лексика. Ус иҳаԥхьаӡозар атерминқәа аԥсуаа рҟны зегь раҵкыс еиҳаны инхеит. Ауаԥсқәа рҿы иҟоуп 40-45 рҟынӡа. Ҳара ҳҟны 120-125 рҟынӡа атерминқәа нхеит. Уи иаҳәо уи ауп аԥсуаа рҿы иахьа уажәраанӡагьы ари акультура ԥсахәага еиқәханы иҟоуп.

"Абри аԥсуа бызшәа ҳазлацәажәо иаҩызан абна бызшәа. Изыҟалеи убри абна бызшәа ҳәа азҵаара ықәдыргылоит аҵарауаагьы. Ԥыҭҩык лафшакә ицәырҵит рҳәоит, аха лафшақә ицәырмыҵӡеит. Аԥсуаа еснагь абри аԥсабара абжьы раҳауан. Аҵлаҵәҟьа иацәажәон, ашьха иацәажәон, амшын иацәажәон. Урҭ рымч агәра ргәон. Агәра ганы иҟан ашәарах ашьха иаҿоу зегьы аҭыԥантәи абызшәа еилыркаауеит ҳәа. Убарҭ ашәарахқәеи агыгшәыгқәеи ржьаразыҳәан ииашан ахьӡ мҳәакәа, иаҳҳәап амшә рҳәарц рҭахызар ашьапажә рҳәон, абӷаб — шьапкьаҿ ирбар, избаз деиҵбуп деиҳабуп ҳәа амаӡам избаз аԥхьа дхысуеит еицәыхараны иҟазар", — ҳәа азгәеиҭеит Шьынқәба.

Аԥсуа шәарыцаҩ - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа шәарыцаҩ "ианҵамҭақәа"

Аполлон Шьынқәба иажәақәа рыла, Ажәеиԥшьаа ԥшь-шьапык зҵоу абнатә ԥстәқәа зегьы рынцәахә иоуп. Иҟалахьеит амашәырқәа рцәаны. Ԥсҳәы ақыҭа аханы иҟоу Инал- ҟәыба аҟны ашәарыцацәа изымхынҳәыз рацәоуп. Убра ашәарах аҿаны, ишьны иаазгахьоу аӡәгьы дыҟаӡам.

Убраҟа ашәарах азы шәарыцара ҟалаӡом ҳәа иԥхьаӡоуп. Сабацәа ирҳәогьы саҳахьеит, са сызхаанугьы ыҟоуп уаҟа хҩык-ԥшьҩык шаҿалаз рбеит, арахь рышьҭахь аӡәгьы зыхынҳәӡом, убри аҟара амч амоуп. Ала ахьҭашуа абга ҭоуп рҳәоит, мчык ыҟоуп, уаҩы изеилымкаауа. Иахьагьы иаҳзеилымкаауа амчрақәа рацәоуп ҳаԥсабараҿы. Ауаа дшырбоз абар — иахьыҟоу, абна сцаны ишьны иаазгоит ҳәа дцоит, аха иӡырҭа иԥсырҭа ыҟаӡамқәа длабжьаӡ дцоит, уи амч аус ауазар акәхап.

"Ашәарыцаҩ ианакәзаалакгьы иԥсы цкьаны иныҟәигароуп. Иҽеилыхны ажәҩан дамбароуп. Ацыха ҳәан иҟоу аӡыхь, ашьха ӡыхь иҿы ҭаиӡәӡәар ҟалаӡом. Кәарак иҭаиӡәӡәар ҟалоит, аха амшын ҳашҭало еиԥш, аӡиас ҳашҭало еиԥш уҿеилыхны уҭалар ҟалаӡом. Уи амашәыргьы ахылҵуеит, амш бааԥс ҟалоит, адыдра, амацәысра, аӡхыҵра, есқьынагьы убри ҳацәдыршәон, аӡы ҳҭалар руӡомызт. Ашьха ацқьара бзиа иабоит ҳәа иԥхьаӡоуп, ауаҩы ихы раӡаны иныҟәигароуп. Ашьха амч агәра ргоит ҳауаажәлар ирацәаны", — иҳәеит Шьынқәба.

Аԥшьаҭыԥ Инал-кәыбахь - Sputnik Аҧсны
Инал-кәыба – Аԥсны аԥшьаҭыԥ ду

Аполлон Шьынқәба фы-шықәса анихыҵуаз раԥхьаӡа ашьха дыргеит. Убра ибеит ашәарыцацәа дуқәа Кьамшьышь Гәарамиа, иабду иашьа Лука Шьынқәба, иаб иашьа Сырбеи Шьынқәба, Зала Аршба иԥацәа Костиеи Страхи, Аргәын Гәаза, Аргәын Ҭаҭараа ҩыџьа Тҟәарчалаа ыҟан.

Амҷба Грышьа Арасаӡыхьтәын, дыҟан Дарсалиа Паҷ ҳәа. Еиргьҳәа игәалашәоит уи акырӡа ихыҵуан, дшәарыцаҩ дуун угьы. Дыҟан Амҷ Ӷәакь ибзиаӡаны дызхаану. Иара дахьыцәоз убра ивараҿы дирцәон. Амҷ Ӷәакь убри аҟара дшәарыцаҩ ӷәӷәан, иахьагьы Аҩада иҟоуп Ӷәакь ихысырҭа захьӡу ахра. Ӷәакь икаҵәара, Ӷәакь иҩада ҳәа иахьагьы хьӡны инхеит. Иара убри аҟарагьы дазыманшәалан. Зхала ишәарыцоз уаҩын уи. Агәыԥ дрыцны дшәарыцаӡомызт. Ихала аӡәгьы димбаӡақәа дныҵыҵны дцон, даауан.

Уаҳа арахә ашәахә акгьы даҿӡамызт, агәыԥ ирчон. Агәыԥ захьӡыз хәыжәлантәык — фыжәлантәык рырахә ааилаҵаны шьхак аҿы ицон. Уаҟа иаднагалон 25-ҩык, 30-ҩык хәыҷи дуи. Убарҭ зегьы шәарах жьыла ирчон. Иара уаҩ кьаҿк иакәын, аха дыԥшӡан. Иԥаҵақәа ыршаны, дыҟан. Иара ишьҭихуаз ашәарах аӡәгьы изышьҭыхуамызт. Ашәарах егьа ишәарахзаргьы, амгәа ааҭырбганы длаҵалан аҭыԥ аҟынӡа иааигон, абаҩҷыда илоуп ҳәа дыԥхьаӡан.

Ашәарыцара даараӡа иҳараку аҩаӡара аманы иныҟәыргон аԥсуаа жәытә-натә аахыс. Иаҳзынрыжьит изықәныҟәатәу, еилаугар амуа ашәарыцара иадҳәалоу аԥҟарақәа рацәаны. Урҭ ирықәныҟәо, шәарыцара бнеи шьхеи ирызцо зегьы ашәарахи, абнеи, ашьхеи рынцәахәы Ажәеиԥшьаа иылԥха рыгымзааит есқьынагьы!

Ажәабжьқәа зегьы
0