"Амра аԥсы анҭало": ақьабзтә кәашара "Аибаркыра" ашьҭақәа рыла

© Foto / из книги Шалвы Инал-ипа "Очерки по истории брака и семьи у абхазов""Аибаркыра" – ари ижәытәӡоу аԥсуа жәлар рқьабзтә ныҳәа-кәашарақәа иреиуоуп
Аибаркыра – ари ижәытәӡоу аԥсуа жәлар рқьабзтә ныҳәа-кәашарақәа иреиуоуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2021
Анапаҵаҩра
Ижәытәӡоу аԥсуа жәлар рқьабзтә ныҳәа-кәашара иазку аматериал ҳадылгалоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

"Аибаркыра" – ари ижәытәӡоу аԥсуа жәлар рқьабзтә ныҳәа-кәашарақәа иреиуоуп. Иара гәыԥҩык ауаа злоу кәашароуп.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Афольклор-етнографиатә хыҵхырҭакәа рҟны ишарбоу ала, ачара дуқәа рҿы, ажәпаҩ ахьеиднагалоз аизара дуқәа рҿы "Аибаркыра" акәын акәашарақәа раԥхьа игылаз. Иара аханатә ахәмарратә ҟазшьа аман, асамарҟәыл-шәақәа, ахьӡыртәрақәа ацырҳәон. Акәашарҭа адәаҿы аӡәы иԥхьарца (аҿарпын, ма ачамгәыр) кны даатәон "Уан лҭаца дшыҟоу уасҳәап" ҳәа ахьӡыртәра далагон, егьырҭ иацдырӷызуан. Акәашацәа рыжәҩахырқәа еибаркны еикәагьежьны инагылон, еикәшаны акәашара иалагон.

Аркади Џьапуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2019
Џьапуа Џьаҳашьқьар аныҳәаразы: есаамҭа шықәсык бжьамыжькәа имҩаԥаагоит

Аибаркыра шәақәа ҩ-гәыԥкны ианынарыгӡоз ыҟан ашәа еимданы, азҵаарақәеи аҭакқәеи рыла ишьақәыргыланы. Ас еиԥш ахәмарратә ҟазшьа рнубаалоит ақьабзқәа жәпакы. Иаҳҳәап, ахәмарратә ҟазшьа амоуп Џьапуаа аижәлантә рныҳәараҿы имҩаԥырго акәашара "Гьаргаласа, о-ҳо-ҳоо" ҳәа ажәақәа ацҳәо. Араҟагьы иалахәу гәыԥҩык агьыжь ҟаҵаны игылоит (еикәшаны), амала аӡәы ишьҭахь ҽаӡә дгыланы, еивагыланы акәымкәа. Ашьҭахь игылоу ишьамхы ырхәан, ирҳараикуеит аԥхьа игылоу дисуама уҳәо.

Аӡәырҩы аҵарауаа ишазгәарҭо ала, ахәмарратә ҟазшьала ԥсҭазааратә етапк ахысра аадырԥшуеит, ауадаҩрақәа рхысра ибзиоу алҵшәа аиуразы. Аикәагьежьра, аикәшара акәзар, аԥсабара зда имаҭәам ак еиԥш амра хагьежь акәзар ауеит иаанарԥшуа ҳәа агәаанагара ыҟоуп.

Аӡыни аԥхыни анеилыҵуа ҳәа иԥхьаӡоу аамҭазы ажәытәан амра иадырганы, аԥхаррақәа рааира ирсимволны, алашара адунеи ақәлара, амра аԥсы аҭалара иазкны амцеибаркырақәа ана-ара иҟарҵон.

Жәытәла ари аамҭа ашықәс ҿыц иалагамҭаны иԥхьаӡан. Ари амшгьы аашаанӡа кәашарыла, шәаҳәарыла имҩаԥыргон ныҳәаҵас. Аныҳәарақәа раан ихадараз афатә-ажәтә мацара ацәыргара акәмызт, уи иахәҭакын амагиатә ҵакы змаз махашьахалатәи аусмҩаԥгатә анагӡара.

Цветущий миндаль в мадридском парке Quinta de los Molinos - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2018
Аҿиареи, аизҳареи рынцәахәы Ҭаргьалас: аԥсуаа разхаҵарақәа

Убас, иаҳҳәап, ашьапԥынҵа ақәгылара, ашьацәхыртәра, ашьҭыԥара аҽаҩраашьҭра, аҽаҩра азҳара иадыргоуп, убри аҩызаҵәҟьа аҵакы амоуп аҭыԥҳацәа рнапеиҵыхра, рнапышьҭыхрагьы. Аурыс ҵарауаҩ Пиотр Богатыриов ишазгәаиҭоз ала, заҟа иҳаракны акәашаҩ дышьҭыԥраауаз ала, аҵиаақәа ибзианы реизҳазыӷьара иазеиӷьхон ҳәа иршьон.

Иахьа ачаракәашара ҳәа ирыԥхьаӡо зынӡаск даҽакуп, аха иазгәаҭатәуп абри "Аибаркыра" кәашара шакәу ишнеи-шнеиуаз ичара кәашараны иҟалаз аԥсуаа рҿы. Ачарақәа раан абас агьежьыра ҟаҵаны жәпаҩык неивагылон аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи. Аҷкәын инапы иаԥхьаҟа инеиҵихуан, аӡӷабгьы лнапы неиҵыхны уи инақәылҵон, убас еивагылаз зегьы еикәшон, мамзаргьы рнапқәа еибадыркуан (ари ашьҭахьтәиуп). Агьыжь агәҭа идыргылон еибагаз арԥыси аԥҳәызбеи. Ари иахьатәи ачараҿы имҩаԥысуа аритуал ааугәаланаршәоит, амала аԥсуа чараҿы аурыс, ма европатәи ашәа арҳәара аасҭа "Аибаркыра" ашәа ҳәо икәашозар иаҳа иԥшӡахон.

Сгәанала ари зышьақәыргылара, зеиҭарҿыцра алшо акәашарақәа иреиуоуп. Иахьазы иара аҳәынҭқарратә акәашаратә ашәаҳәаратә ансамбль ррепертуар иаланы иуԥылоит, аха аныҳәатә, ма ачаратә кәашарақәа рҿы уаанӡеиԥш аларҵәара амам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0