Аҭарчеи, абазшьҭыхра: аԥсуа ҽырхәмарра хкқәа ирызкны

© Sputnik / Илона ХварцкияСкачки
Скачки - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа аҽырхәмарра хкқәа ирызкуп Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рыҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭа.

Аԥсуаа ирымоуп ибеиоу, акрызхыҵуа аҽыбӷаҟазаратә традициа. Урҭ инрылукаауеит ажәлар ҽылатәи рыхәмаррақәа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Иахьа имҩаԥырго ҽылатәи аспорттә хәмаррақәа рҟны иуԥылоит аԥсуаа иртәу еиԥш, егьырҭ ажәларқәа рҟынтәи иаланагалаз ахәмаррақәа. Ҽылатәи ахәмаррақәа ҳаамҭазы аспорттә хкқәа иреиуаны имҩаԥыргоит, аха ажәытәла иара ахыхьчареи аибашьреи-ақәылареи ирхылҿиааит. Аԥсыуала аҽырхәмарра аӷәӷәара, аиҿамсра, агәымшәара, аҟазара – абарҭ аҟазшьақәа аҽыбӷаҿы аарԥшра иатәуп. 

Скачки в селе Моква  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2021
"Нарҭаа рымпыл": аԥсуа жәлар рыхәмаррақәак ирызкны

Ажәытә аҽырхәмаррақәа ҟарҵон аизара дуқәа рҿы, ачарақәа рҿы, аԥсхәра-аимҭахарақәа рҿынгьы. Аҽырхәмарразы аԥхьа аҭыԥ рырҭоит қәрала еиҳабу абыргцәа, асасцәа, харантә иааз, нас еибарԥшны еиҳаб-еиҵбыла инықәлоит аҽыбӷаҟазацәа ҿарацәагьы. Абри апатуеиқәҵаратә принцип иахьагьы иқәныҟәоит аҽыбӷаҟазацәа. Аҽырхәмарра хкқәа иреиуоуп: аҽырыҩра, аԥсыуала аҽырхәмарра, аҽымпыл, аҽҳәҵәы, абазшьҭыхра, аҭарчеи, аҳәаҟьара, аҵәыршәра, аԥара.
Аҽырҩраҿы аҽцәа азар ашәа ҳәо гәыԥ-гәыԥла инеиуан. Аԥсуаа агәра зларго ала, аҽыҩ иазыӡырҩуеит, иаҳауеит азар, агәы шьҭнахуеит. Ари ашәа рҳәон аҽыбӷаҟаза дахьԥсыз, амала аԥсраҿы ирҳәоз азари аҽырҩра (агәырӷьараҿ) ирҳәози аиԥшымзаара рымоуп.

Абазшьҭыхра

Ари ахәмарра хкы аҟазара дуи аҽазыҟаҵара бзиеи аҭахуп. Абазшьҭыхразы иахьыманшәалоу, иахьиашароу ҭыԥк алырхуеит, уаҟа абазк, ма игьежьу ҵәаҟьак шьҭарҵон. Аҽыуаҩ ҽыла харантә дыҵҟьаны, аҽы ишалшо абаз ианавҟьо, иҽыларҟәны иарӷьа напала абаз аашьҭиԥаауеит, нас хара дымцацәакәа иҽыриашаны аҽы ажәлар рахь иааирхынҳәыр ауп. Реиҳа ихьӡуп зныкала ашьҭыхра, зныкала иззышьҭымхыз, иара игәаԥхарала даҽазныкгьы иҽԥишәар ауеит.

Аҽқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2019
Аҽышьашьана: аҽқәа рааӡара иадҳәалоу ақьабзқәеи урҭ рныҳәареи

Иазгәаҭатәуп, Аԥснытәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳатрадициақәа жәпакы иҿыцны рыԥсы шырхалаз, аԥсуаа ирызҷыдароу афырхаҵаратә ҟазшьа шырныԥшыз. Убас, "Аибашьра акорреспондент Кәасҭа Габниа имшынҵақәа" (аиқәыршәаҩ Е. В. Ҭодуа, 2016 ш.) рҿы иуԥылоит анҵамҭа: Аиааира ааигәахара рацәак шагмыз, цәыббра 21, 1993 шықәсазы аԥсуа еибашьыҩцәа ажәылара ашьҭахь имҩаԥыргаз ахәмарра иазкны (уи аҽны дара аҽқәа рыла гәыԥ-гәыԥла рҽеихшаны аснариадқәа Каманынтәи иааргон): "Аибашьыҩцәа ар рымца еиқәҵаны итәоуп. Ус еицәажәо иштәаз рациала адырра ҟалеит Тарнаа ирота аӷа изушкеи БМП-ки ҭадырхеит ҳәа. Ари ажәабжь ҳаибашьыҩцәа даара ргәы шьҭнахит, ргәалаҟазаара еиҳагьы иацнаҵеит… Аккара ҳахьыҵатәоу "Шьараҭынаа" ррота амырзаҟан аԥсуа аркәашага адырҳәоит. Аҩбатәи абаталион аибашьыҩцәеи ҳазԥсахуази еикәшаны инагылт, амырзаҟан аркәашагабжьы хараны игон. Ашәаҳәара, акәашара лассаамҭа еиԥҟьомызт. Уи аамышьҭахь аҽырхәмарра ҟарҵеит. Автандик Лакрбеи уи иашьа Кокеи аҽқәа дырхәмарт. Урҭ рышьҭахь Гәырам Ҳагба аҽы дақәтәаны дыҩны ҵаҟа адгьыл аҿы ишьҭарҵаз ачабра иақәыз абаз шьҭихт. Ныҳәак еиԥш ахәмаррақәа цон…" – ҳәа иҩуеит амшынҵақәа равтор, ари ахҭыс иалахәыз.

Адырраҭара Аспорт адунеи амҩаԥгаҩ, ажурналист Адгәыр Гәынба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2017
Адгәыр Гәынба: иҭыуҵааша аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа акырӡа ирацәоуп

Аҭарчеи

Аҭарчеи ҟарҵон аԥсхәра дуқәа рҿы, аҽыбӷаҟаза иԥсхәра ахьыруаз, ма ашықәс ацәашьы ахьышьҭырхуаз – аимҭахара ду ахьыҟарҵоз. Аҭарчеи рҽаладырхәуан жәаҩык, жәохәҩык иреиҵамкәа аҭарчеи-ҷкәынцәа. Иԥсыз иҽгьы иара изааигәаз-иуа дақәдыртәон. Аҭарчеи-ҷкәынцәа анҽыжәлалак хаҵаки ԥҳәыски урҭ инрызҵаауан "Аҭарчеи зҭахыда?" ҳәа, мамзаргьы аԥшәма ихала иҭарчеи аӡәы ииҭон. Аҭарчеи ҳәа изҿыз, адима ҳәа хьӡыс измаз ақәыршә (асатина) аҽы акәадыр иаҵадыршәуан, аҽы аҵыхәеи аԥрыцәқәеи хнаҩо, мамзаргьы аҭарчеи аныҟәгаразы иалырхыз аҷкәын инапаҿы икуан атлаз ҽыҭк.

Аҭарчеи шьыбжьышьҭахь акәын ианыхәмаруаз. Уи иалахәыз аҽыҩҷкәынцәа азар ашәа ҳәо анышәынҭраҿ инеиуан, нас аҭарчеи ҷкәынс иалхыу дрылҟьаны дыҩуан, егьырҭ ҽырххыла ишьҭалон аҭарчеи ицәыргаразы. Ихьӡаз уи икәадыр иаҵаршәу амԥижәаарц далагон (ма инапаҿы иикыу аҭарчеи ицәигарц), ишеибгоу изгар еиҳагьы патуны иԥхьаӡан. Аҭарчеи-ҷкәынцәа рахьтә аӡәы дихьӡаны иҭарчеи игар, иара уигьы егьырҭ аҭарчеи иалахәу аҷкәынцәа ишьҭалон имхразы. Убас, убас мацара, аҵыхәтәан иҭазгалоз иакәын аҿанҵа (аҳамҭа) зауаз. Усҟан ҳамҭас иҟарҵон арахәҭиаа, аԥара, амаҭәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0