Адгәыр Гәынба: иҭыуҵааша аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа акырӡа ирацәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАдырраҭара "Аспорт адунеи" амҩаԥгаҩ, ажурналист Адгәыр Гәынба
Адырраҭара Аспорт адунеи амҩаԥгаҩ, ажурналист Адгәыр Гәынба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа рыҭҵаареи, дара рҭыхрақәеи ирызку апроект ахьынаӡанеихьоу, насгьы аусура иахьацҵахо ртәы Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥха илзеиҭеиҳәеит адырраҭара "Аспорт адунеи" амҩаԥгаҩ, ажурналист Адгәыр Гәынба.

— Адгәыр, ааигәа ихырқәшахеит аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа рыҭҵааразы аекспедициа ахԥатәи аетап. Иарбан хәмаррақәоу уажәы иҭыухыз?

— Жәлар рыхәмаррақәа рырҿиара, реиқәырхара изызҳауа аҿар рыбжьара агәыбылра ацәыргара хықәкыс ишьҭыхны ажәытә аԥсуаа имҩаԥыргоз, гәашьамхыла, махәҿыла, иахьеицлабуаз ахәмаррақәа иахьатәи аԥсҭазаара аларҵәара азы апроект шьҭыхын. Раԥхьаӡа адгылара азҭаз Аԥсны анаукақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа иуоп.

ажурналист Адгур Гунба - Sputnik Аҧсны
Гәынба: амилаҭ хәмаррақәа аҿар рыбжьара аларҵәара аҭахуп, иӡыргатәуп

Ателехәаԥшраҟны акымкәа-ҩбамкәа аматериал сышьҭхьан ахәмаррақәа ирызкны, уи ашьҭахь иара аапхьара сиҭеит иҵегь инарҭбааны ари азҵаара ҭаҳҵаарц. Авагыларагьы ҳаиҭеит "абазеи аԥсуаа рбызшәақәа аиқәырхареи, рырҿиареи, аҭоурыхтә культура ҭынхеи" захьӡу, амеценат Муса Екзеков напхгара зиҭо апрограмма аҿы аплан иарбан. Анаҩс, аекспедициақәа рымҩаԥгаразы аплан шьақәыргылан.

Уажәтәи аҭҵаарақәа рҿы аԥсуа қыҭақәа рыҟны ԥшь-експедициак мҩаԥган. Анҵамҭақәа ҟаҵоуп ҩба, даҽа ҩба амонтаж ҟаҵатәны иҟоуп. Макьана аусура апроцесс цоит. Ирацәоуп ахәмаррақәа зыҭҵаара аҭаху. Раԥхьатәи ахәмарра иахьӡуп "Бӷарҵа", уи иахыршланы иҟоу ахәмарра "Махцәы-махцәы" ҳәа иҟоу ахәмарра еицҭысхит Лыхны ақыҭан.  

Анаҩс, Џьгьарда ақыҭан иҭыхын, ажәытәын аԥсуаа ахьчацәа иаԥырҵаз "Ауаса рымпал" ахәмарра. Ауаса ахәы иалхны ампыл ҟарҵеит, руасақәеи рыџьмақәеи ахьынӡаҳәоз дара неины ихәмаруан. Ус ауп ишыҟоу ҳәа еиҭарҳәеит ҳзызҵаақәаз. Аԥҟарақәа инҭырҳәцааны издыруа рхыԥхьаӡара маҷуп. Аха излауа ала аҭҵаара ҳаҿуп. Аӡәык ҩыџьак ирдыруазаргьы аԥҟарақәа иамоу акәамаҵамарақәа здыруа маҷуп. Аԥҟара ахаҭаҵәҟа, ихадоу шьаҭас иаҭаны ауп аҭыхрақәагьы шымҩаԥааго. Уажәы ааигәа Дәрыԥшь ақыҭан иҭаҳхит "Аркьыл" захьӡу ахәмарра.

Ари ажәа лассы-лассы иаҳԥымлозаргьы аԥсуаа рхы иадырхәоит. Ахәмаррақәа ашколхәыҷқәа рзы аинтерес змоу хәмарроуп. Иазгәаҭатәуп аҭыхрақәа анымҩаԥаҳгоз ашколхәыҷкәа зегьы, адиректор ианимаркны аинтерес рызцәырҵны ишахәаԥшуаз, рыблақәа амца ахыубаалон. Уажәы ааигәа Қәтол ақыҭан имҩаԥаагеит "Шьапықәсра", ари ахәмарра даара аццакра зҭаху хәмарроуп. Арҭ зегьы гәашьамхтә хәмаррақәоуп. Аекспедициақәа рылҵшәақәа рыла имҩаԥгоуп абарҭ аҭыхрақәа.

— Аҭыхрақәа ирылаху аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа роуп. Аԥҟарақәа шԥарызнауго, аҭыхрақәа иашԥазыҟауҵо?

Адырраҭара Аспорт адунеи амҩаԥгаҩ, ажурналист Адгур Гунба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гәынба: аԥсуа хәмаррақәа рԥырӷы жжаӡа иҟалар ауп иаҳтахыу, ҳзышьҭоу иароуп

— Ииашаны, аҭыхрақәа ирылаху аиҳабыратә аклассқәа реиҳабацәа роуп. Аԥҟарақәа баша уаныхәмаруа рацәак иуадаҩымзаргьы, аҭыхрақәа раан уи даҽакуп. Ирзеилкааӡом ақәыргылара ишаҭаху, дара адруҳәа ихәмарыр рҭахуп аха, ус иауӡом. Иҟарҵаз еиҭах зныкымкәа ҩынтәымкәа идҳарҟаҵоит. Раԥхьа ҳаналаго ицәгьуп, аха нас еилыркаауеит. Исҭаху зегьы араскадровка ҟасҵоит, асценара сыҩуеит. Ажәакала, ари аус зегьы етап-етапла ишьақәгылоуп.

— Аԥҟарақәа здыруа аекспертцәа шԥауԥшаауеит?

— Ақыҭақәа рхадацәа рыла заа адырра ҟасҵоит, абыргцәа зцәажәара бзиоу, ахәмаррақәа ирхаану, ахәмаррақәа ртәы здыруа сыҵарҳәарц. Сахьнеиуа џьара-џьара зынӡа иззымдыруагьы ыҟоуп, сгьежьны санаауагьы ҟалалоит.  Апҟарақәа здыруагьы инҭырҳәцааны  иҟоуп, анаҩс аҭыхрақәа амҩаԥгаразы сымҩақәызҵо.  

— Асиужетқәа анеиқәуршәалакгьы афильм ҳасабла иҟалоума?

— Асиужетқәа ҳанаарылгалак аформа азыԥшааны, еилаҵаны, мамзаргьы хаз-хазы жәлар рыхәмаррақәа ирызку фильм хәыҷык аҳасабала иалҵыртә аихшьаалатә аҟаҵара. Ари аусура аанкылахаӡом. Иҳаҩсаз ашықәс анҵәамҭазы Аԥсны имҩаԥган астол гьежь аԥсуааи абазақәеи еицымҩаԥырго апроект ала. Уаҟа ажәахә сыман сықәгылан, аихшьаала ҟаҵан сусура, анаҩс аилацәажәара ашьҭахь иазыӡбан сынтәтаәи ашықәсазгьы аусура иацҵахоит ҳәа. 

Аԥсуа милаҭтә хәмарра Мцы-мца - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа: "Мцы-мца"

— Ахԥатәи аетап азы иарбан хәмаррақәоу ҳәа аплан шьақәургылахьоума?

— Ҳҵакыра, ҳгеографиа ҳарҭбааит ҳәа уҳәар алшоит, Аԥсны мацара акәымкәа анҭыҵ аҭҵаарақәа рымҩаԥгара. Ари апроект абазақәеи ҳареи иаҳзеиԥшуп аҟынтәи, иаҳгәиҭоуп Ҟарачы-Черқьесск аҭыхрақәа рымҩаԥгара. Уи баша ҽнакала иузынамгӡо усуп, мчыбжьыла уахь ацара аҭаххоит.

Уажәы сызҿу асиужетқәа анхсырқәшалак ашьҭахь аекспедициа мҩаԥгатәуп, мамзар аамҭа ҳацәцар алшоит. Уажәнатә уахь адырра ҟасҵахьеит, еизугаша аматериал ыҟоуп. Аԥсны еиԥш ирацәамзаргьы, ҩба-хԥа хәмарра ҭуҵааратәы иҟоуп. 

— Ажәакала, иҭыуҵааша аԥсуа жәлар рыхәмаррақәа рацәоуп, уаԥхьаҟа аус ду шьҭоуп

"Аспорт адунеи" амҩаԥгаҩ, ажурналист Адгәыр Гәынба Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

— Ааи, ирацәоуп иҭыуҵааша аинтерес зҵоу ахәмаррақәа. Зегьы маншәалахап ҳәа сгәы иаанагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0