"Шьыжь шәаԥшь шьыбжьаанӡа, хәылԥ шәаԥшь жәаха-жәымш": аԥсуа згәаҭарақәак ирызкны

© Sputnik / Томас ТхайцукЗакат на набережной
Закат на набережной  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа амш зеиԥшрахо злардыруаз жәлар разгәаҭарақәак ҳрызхьалырԥшуеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Жәлар рҟны еиқәхаз, иахьагьы зыԥсы ҭоу, изҩыдоу, амш зеиԥшрахо уеилзыркаауа азгәаҭарақәа абиԥарала инеимда-ааимдо еиқәдырхон, ирхадыршҭуамызт. Мал дук ирзаҩызан урҭ адыррақәа. Аиаша ҳҳәар ауми, адырра еиҳау мал ҟамлац.

Амш зеиԥшрахо: аҳауа аҽеиҭакразы ажәлар разгәаҭарақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2019
Амш зеиԥшрахо: аҳауа аҽеиҭакразы ажәлар разгәаҭарақәа

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Абарҭ азгәаҭарақәа рхархәара ауаҩы дымҩақәнаҵон, аамҭа бзиа иқәшәаны, алаҵареи аҽаҩра аингалареи уҳәа реиԥш иҟаз, иахьагьы ҳаԥсҭазаара иацәтәымым аусхкқәа раан. Ус акәзар, иаҳҳәар ҳалшоит, жәлар разгәаҭарақәа ирыҵацәахуп хәы змаӡам адыррақәа, урҭ адыррақәа ирышьаҭоуп ауаҩы иблала аԥсабара дахьацклаԥшуаз, аԥсабара иазааигәоу ашәаԥыџьаԥ, аԥстәқәа, аԥсаатәқәа рхымҩаԥгашьа ахшыҩзышьҭра ахьаиҭоз.

Иарбан милаҭзаалак рхатәы згәаҭарақәа рымоуп. Ашықәсан ачарыц аҽаҩра бзиахар, аӡын асы маҷны иауеит ҳәа азгәарҭоит иапониаа. Анемеццәеи афранцызцәеи иазгәарҭоит акәыкәбаа рацәаны иҿиазар, аӡын асы рацәаны иауеит. Аԥхынра аԥшасрақәа рацәазҭгьы, аӡынра ӷәӷәахоит аҳәоит аҟазах жәлар разгәаҭара. Ататарцәа ргәаанагарала, алаҳәа аҟырра ианалага нахыс дук хара имгакәа амш еилагоит.

Аԥсуаа аԥсҭазаара ирнаҭаз аԥышәеи рдоуҳатә хдырреи идырҿиаз жәлар разгәаҭарақәа иреиуоуп:

  • Шьыжьтәи ашәаԥшь – амшцәгьа иатәуп. Хәылԥазтәи– амш бзиа. Даҽакалагьы ирҳәон, "Шьыжь шәаԥшь шьыбжьаанӡа, хәылԥ шәаԥшь жәаха-жәымш".
  • Амзаҿа ҭакнаҳаны иҟазар, амшцәгьа иатәуп, амзаҿа иашаны икыдлар, убри амза амш бзиа иатәуп.
  • Амш бзиа аан абгахәыҷқәа ауура иалагар – амш цәгьахоит. Амшцәгьа аан ауура иалагар, ақәа хкәоит.
  • Шьыжьнаҵы ақәоура иалагар, ирласны ихкәоит. Хәылԥазы иалагар, лассы ихкәом.

Амшцәгьа иадҳәалоу жәлар разгәаҭарақәа

  • Ауаџьаҟ инҭыҵуа алҩа ҵаҟа ицозар, амш цәгьахоит.
  • Абысҭа аныкнухуа, ахылҩа-ԥсылҩа рацәаны иахылҵуазар, амшҵәгьа иатәуп.
  • Аҳәа аҟәынџь-мынџь еизнаго иалагар, амш цәгьахоит.
  • Амшын-ҳәақәа тоуԥуа, амшын иҭыԥо иалагар, амш цәгьахоит.
  • Арахә шьыбжьон аԥсшьаразы игәарло иалагар – амшцәгьа иатәуп.
  • Агаҿантә уԥшны аҭырқәа ишьхақәа убозар, амшцәгьа иатәуп.
  • Акәытқәа асаба иалахәаҭхәаҭуа иалагар, амш цәгьахоит.
  • Аҟызқәа еибархәмаруа аԥырра иалагар – амшцәгьа иатәуп.
  • Акәатақәа аӡы иҭоушәа, аҳаскьынраҿы инылатәаны аҽыкәабара иалагар – амшцәгьа иатәуп.
  • Аҳәақәа еибарыҩуа ахәмарра иалагар, амш цәгьа иатәуп.
  • Аҵларкәыкә аҵла ианасуа, абжьы каууа хара ицо иалагар – амш цәгьахоит.
  • Аӡы иашьыз аӡы даманаҵы амш еилгом рҳәоит.
  • Аԥша ԥха, аԥша ҟәанда асуа иалагар – амш цәгьахоит.
  • Ашьхақәа алҩеиԥш ижәпаӡа аԥсҭҳәақәа рхаԥар, амшцәгьа иатәуп.
  • Амш анбзиоу ажәҩан аԥсҭҳәа аланы акаҭа еиԥш ихылар, аиҳарак амраҭашәарахьтә – амшцәгьа иатәуп.
  • Адаӷьқәа абжьыргара хҭаркыр – амшцәгьа иазҳәоуп.
  • Аарҩара аан адаӷь шьны агәы ажәҩан ахь иҩарханы ишьҭоуҵар, ақәа ауеит рҳәоит.
  • Аарҩара аан уахыла ихәыҵашоурахо иалагар, амш цәгьахоит.
  • Ашьыжьымҭан амра ирласны ицәырҟьар – амшцәгьа иатәуп.
  • Асабша, ма аҩаша амш еилахуар – мчыбжьык цқьа изеилгом.
  • Улымҳа аҩнуҵҟа уафо уалагар, амш цәгьахоит.
  • Абна раса, иара убас ахьа рацәа аныҟало ашықәсан аӡынра цәгьахоит.
  • Хышықәса инеиԥынкыланы иаарҩаразар, аԥшьбатәи ашықәс ӡысаамҭахоит рҳәалоит абжьыуаа аӡәырҩы.

Амш анбзиахо злардыруаз азгәаҭарақәа

  • Аарҩара аныҟоу уахынла хьшәашәарахозар, акраамҭа ақәа ауам.
  • Амшцәгьа аан, ақәа кыдҵәаны ианауа, мыцхәы адыдра хҭанакыр, ирласны ақәа хкәоит.
  • Амшцәгьа аан аӡқәа хыҵыр, амш еилгоит.

Асы анауа ма ианамуа злардыруаз

  • Аӡын акамбашь зқәыршәшәо иалагар, "асы абоит" рҳәоит.
  • Ӡны мшык азы аҽы аҿҭра аҭыҵра ацәымӷхар, дук мырҵыкәа асы ауеит.
  • Аӡын асы анышьҭоу ахәылԥазы ажәҩан аеҵәақәа рацәаны, ижәпаны икыдзар – ҵхыбжьон нахыс асы аура иалагоит рҳәоит.

Абас иҟан амш зеиԥшрахо атәы ҳаҵазҳәо жәлар разгәаҭарақәа рыхәҭак. Амала, исымҳәар сгәы иауам, адәахьы иагьа мшы цәгьа, мшы бааԥсы ыҟазаргьы, зегь реиҳа узырԥхо аҩны аҩнуҵҟа, аҭаацәара рыбжьара иҟоу аԥхарреи аҳәатәеиқәшәареи роуп. Убри шәыгымзааит, ҳаҭыр зқәу ҳаԥхьаҩцәа!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0