Шьтәак ззушьша аӡә дузаауеит: аишәеи арыжәтәи ирыхҳәаау жәлар разгәаҭарақәа

© Sputnik / А. Бочинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазская АССР. Село Ачандара в Гудаутском районе. Один из старейших жителей села отмечает 101-ый день рождения.
Абхазская АССР. Село Ачандара в Гудаутском районе. Один из старейших жителей села отмечает 101-ый день рождения. - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2021
Анапаҵаҩра
Аишәеи арыжәтәи ирыхҳәаау жәлар разгәаҭарақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Асасдкылара жәытә-натә аахысгьы аԥсуа ԥсҭазаара дац-ԥашәла иаларсу, зымҽхак ҭбаау ақьабзқәа ируакуп. "Асас дахьнеиуа быжь-насыԥк ицуп, данцо, руак аԥшәма изаанижьуеит" аҷараҳәа ицәажәоит жәлар ражәаԥҟа.

В Абхазии впервые появится долгосрочная стратегия развития. - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2020
Аиҵыбра ныҟәымгакәа, аиҳабра узныҟәгаӡом: аҭаацәара иахҳәаау жәлар разгәаҭарақәак

Аԥсуа нхаҩы иҩны ашҟа имҩахыҵырц згәы иҭазкыз асас аԥшәмацәа срыдыркылоу, срыдрымкылоу ҳәа азҵаара иаԥхьа ицәырҵуамызт. Аԥшәма иашҭа иҭалаз асас блеиҵыхла диԥылоит, имоу ичеиџьыка ихәыҷы-иду дахибаауам.

Асас ҽыла дыҟазар, зыԥшра ҟамҵаӡакәа аԥшәмацәа иԥылан аҩныҟа дымҩахыргон. Иҽы аҽхырԥарҭахь инаргон, акәадыр ақәырхуан, аԥсы адыршьон, аџьықәреи ҿырп аҿарҵон, акыр иацклаԥшуан.

Аҭаацәа зынӡа изцәыԥхашьо, уажәраанӡа рыҩны имааицыз сас дахьк дырҭаазар, ргәылацәа адырра рырҭон, урҭгьы ааны, асас "Бзиала уаабеит!" ҳәа иарҳәон. Иҟалалон аҭаацәа агәылацәа рыцырхырааны, имҩахыҵыз асас дахь ихәы архиара ианалагоз. Иаагозар, ашьтәы ршьуеит, аҳәса ачысҟаҵара нап адыркуеит.

Фатәыла-жәтәыла аишәа андырхиалак, еиҳабы-еиҵбыла еибарԥшны рнапқәа рыӡәӡәоит. Раԥхьа анапыӡәӡәара ихәҭоуп аԥшәмацәа қәрала иреиҳабу, уи ишьҭахь асас, нас егьырҭгьы.

Новорожденный - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.08.2020
Дыхьӡырҳәаганы Анцәа дҟаҵа: ауаҩытәыҩса иира иадҳәалоу згәаҭарақәак

Аишәа аханы дтәоит аԥшәмацәа қәрала иреиҳабу, уи иармарахь ала диддыртәалоит асас, егьырҭгьы еиҳабы-еиҵбыла еибарԥшны, аишәа иакәшаны иаатәоит.

Иазгәаҭатәуп, ачеиџьыка зықәдыргыло, саси-ԥшәымеи еидызкыло аишәа иахҳәааны аԥсуа жәлар ишрымоу азгәаҭарақәа жәпакы. Хшыҩзышьҭра раҳҭап:

Аишәа ашьапы, мамзаргьы аҭӡаҿы ацгәы аԥхьатәи ашьапқәа рыла икны иахозар, шьтәак ззушьша аӡә дузаауеит рҳәоит.

  • Аишәаҿы иаанхаз ахәашақәа напыла еизугар, аԥара уоуам рҳәоит.
  • Аишәа қьаадла арыцқьара амлакра иазҳәоуп.
  • Аишәа иахатәаны аԥсы иӡбахә шуҳәо аӡә деимсар, ҿаҵак ихдырууаауеит, илымҳа иаханы "ҳара уаҳтәуп" ҳәа хынтә иҳәаны.
  • Аишәа аҵкар аҿы утәар, быжьшықәса ԥҳәыс дузаагом.
  • Аишәаҿы уҭыԥ уԥсахыр, уԥҳәыс дуԥсахуеит рҳәоит.
  • Аишәаҟынтә, мамзаргьы иумпыҵҟьаз асаан каҳан иԥымҽзар ҵасым, иԥҽтәуп рҳәоит.

Аишәаҿы ицәыргоу ачеиџьыка иацуп, жәаҳәарада, арыжәтә бзиа. Аԥсуа изы арыжәтә ус баша ақьафҟаҵара иатәым, асасдкылара иадыргоуп. Жәлар ргәаанагарала "арыжәтә ужәыроуп, иара уамжәроуп". Арыжәтә мыцхәы зҽадызцалаз дымҩахҟьоит, ауаа раԥхьа имаз апату ицәнарӡуеит. Арыжәтә аҟазшьа азырбо жәаԥҟақәоуп уҳәар алшоит: "Аҩы гра хтыгоуп", "Арыжәтә амаӡа азыҵәахуам", "Арыжәтә мыцхәы зжәыз иажәа нҵәара ақәым", "Арыжәтә ркәашагоуп, иблаҟьагоуп".

Иҟоуп арыжәтә иахҳәаау жәлар разгәаҭарақәагьы. Аиашазы, дара даара аинтерес рыҵоуп. Иаагозар:

  • Арыжәтә зҭоу аҵәца ак хшәалан аӡәы иқәшәар, ԥа диоуеит рҳәоит.
  • Арыжәтә рацәаны изжәуа, аԥсы дахьыкҿоу аҩы иҵаргылан, нас иуржәыр даҟәнахуеит.
  • Арыжәтә рацәаны изжәуа, иара имырбаӡакәа аӡахәа амахә хәыҷык иџьыба иҭауршәыр, арыжәтә ажәра игәамԥхо дҟалоит рҳәоит.
  • Ауатка зҭоу аԥаҭлыка ацәа цқьа ҭауршәыр, ҵаҟа ицар - иџьбароуп, хыхь ихалар - иԥсыҽуп.
  • Арыжәтә рацәаны изжәуа, аԥсы дызҭоу акәыба даҵысыр даҟәнахуеит.
  • Ахаҵа ачарахь данцо, имырбаӡакәа аӡахәа амахә хәыҷык аахҵәаны иџьыба иҭоуҵар, аҩы дашьӡом рҳәоит.

/Астатиа аҩраҿы ахархәара аҭоуп афольклорист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба истатиа "Ирӡым аҿаԥыцтә ԥҵамҭақәа"/.

Ажәабжьқәа зегьы
0