Абоксиор Харитон Агрба кубатәи аолимпиатә чемпион иҟны аиааира игеит

© Фото : предоставлено Харитоном АгрбаБой Харитона Агрба
Бой Харитона Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Кубеи еизгоу ркомандақәа реиԥылара мҩаԥысуан асабша, цәыббра 15 рзы, Волгоград.

АҞӘА, цәыббра 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәыла еизгоу акоманда иалахәу абоксиор Харитон Агрба, Волгоградтәи аиԥыларақәа раан х-раундк рыла дииааиит кубатәи аолимпиатә чемпион Рониель Иглесиас Сотолонго.

"Кубатәи абокстә школ адунеи аҟны иреиӷьу ҳәа иршьо ируакуп. Ари аспортсмен индаҭлара сара сзы аинтерес аҵан. Даара исҭахын схы ԥысшәарц", — ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Харитон Агрба.

Иара иазгәеиҭеит акыр ишиҭаху Шәача, 2019 шықәса цәыббрамзазы имҩаԥысраны иҟоу адунеи Ачемпионат алахәхара.

"Кубаа реиԥш иҟоу аспортсменцәа рындаҭлара ахьҳалшо агәыӷра ду ҳнаҭоит, Ачемпионат алахәхаразгьы алшара ҳнаҭоны иаабоит", — иҳәеит аспортсмен.

Тренировки Батала Чежия и Игоря Адлейба - Sputnik Аҧсны
Игор Адлеиба Аладатәи Афедералтә округ абокс азы аиндаҭлараҿ аиааира игеит

Харитон Агрба иахьазы Урыстәылатәи еизгоу акомандаҿ аҩбатәи аномер иоуп, Шәачатәи ачемпионат алахәхаразы актәи аномер ҳәа дҟалароуп. Убри азы иара игәҭакуп қәҿиарала Урыстәыла ачемпионат аҿы ақәгылара.

"Жьҭаарамзазы атәыла ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп. Ҳара абоксиорцәа рреитинг ҳамоуп. Аочкоқәа еиҳаны изауа аԥыжәарагьы иоуеит. Уажәтәи ақәгылараан кубатәи аспортсмен сахьииааиз аочкоқәа снаҭеит. Аиааира агара схықәкуп, зегь бзиахап ҳәа сгәыӷуеит", — иҳәеит абоксер.

Харитон Агрба иеиҭеиҳәеит абокс ахь аныҟәара дшалагаз Волгодонск даныҟаз, уажәы Ростов дынхоит. 2016 шықәса рзы Таиланд абоксиор адунеи дачемпионхеит 19-25 шықәса зхыҵуа рыбжьара. 2017 шықәса рзы Урыстәыла иреиӷьу абоксиор ҳәа далыркааит.

Аспортсмен иазыҟаҵаҩ Елизбар Џьологәуа иҳәеит Харитон Агрба ақәгылара аԥхьа аиааира дақәгәыӷуа дшыҟаз, уи шихәаз.

"Иара аиааира дақәгәыӷуан. Абыржәтәи илшарақәа иалдыршоит Урыстәыла еизгоу акоманда алахәхара, нас Аолимпиада алахәхарагьы. Араундқәа рыхԥагьы рҿы аиааира цқьаны игеит", — иҳәоит азыҟаҵаҩ.

Харитон Агрба 69 кьыла зкапануа рыбжьара дықәгылоит, 25 шықәса ихыҵуеит.

"Иаԥхьаҟа ақәҿиарақәа изыԥшуп. Сеигәыӷуеит адунеи Ачемпионат еиԥш Аолимпиатә хәмаррақәа рҿгьы даабап ҳәа",  —иҳәоит азыҟаҵаҩ.

Аиндаҭларақәа хыркәшахеит кубатәии урыстәылатәии аспортсменцәа хәба-хәба иааира рыманы.

Ажәабжьқәа зегьы
0