00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсуа шахматасыҩцәа онлаин-хәмарраҿы Ҭаҭарсҭан акоманда ириааит

CC0 / / Шахматы
Шахматы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Онлаин-турнир аҿы ихәмаруаз Аԥснытәи акоманда иалахәын жәаҩык ашахматасыҩцәа, аԥышәа змоу риеԥш аҿаргьы.

АҞӘА, жьҭаара 8 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи ашахматасыҩцәа ркоманда Ҭаҭарсҭанаа ркоманда ириааит онлаин-турнир аҿы. Атурнир еиҿкаан Россотрудничество ацхыраарала ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит атурнир администратор Алмас Багаҭелиа.

Иара иажәақәа рыла, сынтәа иӡбан ачемпионат онлаин формат ала имҩаԥгазарц.

Шахматы - Sputnik Аҧсны
Есҽынтәи онлаин-турнир мҩаԥыслоит ашахмат азы

Онлаин-турнир аҿы ихәмаруаз Аԥснытәи акоманда иалахәын жәаҩык ашахматасыҩцәа, аԥышәа змоу риеԥш аҿаргьы. Акоманда иалахәын Аԥсны ашахмат азы Афедерациа ахада Константин Ҭыжәба, Россотрудничество ахаҭарнак Борис Наҟоԥиа, ашахматасыҩцәа Артиом Табариани Ҭемыр Лакербаиеи, аҿар: Нестор Багаҭелиеи Сарида Лакәатааԥҳаи.

Аиааиҩы далкаан азеиԥш балл ахыԥхьаӡарала. Аԥснытәи акоманда аиааира агеит 14:6 ҳәа.

"Ахәмарыҩцәа ҩба-ҩба партиа ихәмаруан – аиқәаҵәақәеи ашкәакәақәеи рыла. Ҭаҭарсҭан акоманда алахәылацәа акыр аԥышәа рымоуп, иҟоуп аспорт азҟазаразы акандидатцәагьы. Ҳара ҳахәмарыҩцәа уажәшьҭа онлаин-формат иашьцылеит", - ҳәа иҳәеит Багаҭелиа.

Багаҭелиа иажәақәа рыла, иазыԥхьагәаҭоуп онлаин турнир ҿыцқәа рымҩаԥгара Россотрудничествои ареспублика Ашахматтә федерациеи рыцхыраарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0