АКХ хадаҟны Жәларбжьаратәи апресс-центр аҟны Ҭамаз Гогьиа иқәгылара хыркәшоуп

Анапаҵаҩра
АКХ заанаҵ иҟаҵоу адыррақәа рыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы алхрақәа рахь абжьаҭаҩцәа рааира иартәеит 56%, ас еиԥш ахыԥхьаӡараан алхрақәа официалла имҩаԥысит ҳәа иԥхьаӡоуп.

Нанҳәа 25 рзы абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартын асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат. АКХ заанаҵ иҟаҵоу адыррақәа рыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы алхрақәа рахь абжьаҭаҩцәа рааира иартәеит 56%, ас еиԥш ахыԥхьаӡараан алхрақәа официалла имҩаԥысит ҳәа иԥхьаӡоуп.

Атәыла ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥгахоит ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Ахадас иалххо аҩбатәи атур аан асиа иану алхыҩцәа рҟынтәи 25 процент иреиҵамкәа абжьы зауз иоуп. Аҩбатәи атур аан акандидат дырзаллымхыр АКХ аиҭалхрақәа рыланаҳәоит.

Аԥсны ахада иалхразы актәи атур мҩаԥысит амҽыша, нанҳәа 25 рзы.

Аԥсны алхратә комиссиа хадаҟны аус ауеит Жәларбжьаратәи апресс-центр. Алхрақәа шымҩаԥысуа рзы ргәаанагарақәа рҳәеит Урыстәыла, Приднестровиа, Германиа, Австриа, Ҟрым атәылақәа рҟнытәи алхрақәа ирылаху анаԥшыҩцәа. Иара убас, иқәгылан Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы аминистр Гарри Аршбеи, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рзы аминистр Даур Ақаҩбеи.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0