Сакасала, аӡы дырганы: Аԥсны АҶА Урыстәыла атәылауаҩ ашьхараҟны дшеиқәдырхаз

Анапаҵаҩра
Екатеринбург ақалақь аҿы инхо Елена Ларина лшьапы аҟәартәрақәа ахьеиҵылхыз азы лхала аныҟәара лылшомызт. Амашәыр ҟалеит Иаӷьатәи аӡхыҽҽа (Аӡкылҟьа) ԥшь-километрак инахыганы ашьхараҿы.

Амашәыр шыҟалаз азы атәыла АҶА ахь адырра ҟалеит амҽыша лаҵара 9 рзы асааҭ 18:20 рзы.

Ааха зауз аԥҳәыс дрыԥшааит Гагра ақалақь иатәу АҶА аԥшаара-аиқәырхаратә гәыԥ аусзуҩцәа, аӡы дырыргеит, анаҩс асакаса данҵаны хә-километрак дрыманы шьапыла дылбааргеит автотрассаҟынӡа.

Уантәи Гагратәи араионтә хәышәтәырҭахь дыргеит. Аԥшаара-аиқәырхаратә операциа хыркәшан ашәахьа ашьыжь лаҵара 10 рзы асааҭ 03:50 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0