Аибашьра ианалагаз: Аԥсны зхы ақәызҵаз ргәалашәара амш

Анапаҵаҩра
29 шықәса раԥхьа – нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа Аԥсны еибашьрала иақәлеит. 413 мши ҵхи ицоз Аџьынџьтәылатә еибашьра хыркәшан цәыббра 30 1993 шықәса рзы Аԥсны аиааирала.
1992 шықәса нанҳәа 14 рзы аихамҩа ахьчара мзызс иҟаҵаны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет аруаа Аԥсны Аҳәынҭқарра бџьаршьҭыхла иақәлеит. Аоперациа акодтә хьӡы аман - "Меч". Ари аҩыза аҭагылазаашьа анышьақәгыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Владислав Арӡынба Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аӡәк иеиԥш Аԥсадгьыл ахьчаразы игыларц.
ОВНА - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2021
Аибашьра афотоқәа рҿы: 413 мши ҵхи Аԥсны ахақәиҭразы
Абас иалагеит ишьаарҵәырахаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра.
Ақырҭуа ар ахьааиз аԥсуа еибашьцәеи Нхыҵ Кавкази Алада Урыстәылеи рҟынтәи хәатәгәаԥхарала иҳадгыларц иааз ҳашьцәеи рҿагылеит. Аибашьра цон 413 мши ҵхи. Аибашьра хыркәшан Қырҭтәыла аҵахарала, Аԥсны аиааира агеит цәыббра 30 1993 шықәса рзы. 
Аибашьра аан ааха ду аҭан атәыла ааглыхра, атуризм уҳәа аинфраструктурақәа. Зышьақәыргылара алымшо аԥхасҭа аҭан аҭҵаарадырра, аҟазара, акультура аусхкқәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны анапхгареи ауаажәларреи иҭахаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0