Стенин ихьӡ зху аиндаҭлара алахәылацәа рхыԥхьаӡара иацлоит

© Sputnik Международный конкурс фотожурналистики имени Андрея Стенина
Международный конкурс фотожурналистики  имени Андрея Стенина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәсазы Стенин ихьӡ зху аиндаҭлара аԥхьахә заҭәашьахо ироуа аԥара х-миллионк инаӡеит.

АҞӘА, жәабран 22— Sputnik. Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдкылара иалагеит Андреи Стенин ииарамш аҽны. Аусумҭақәа рыдыркылалоит 2018 шықәса жәабранмза 28 рҟынӡа. Иалахәхар ауеит 18-33 шықәса зхыҵуа афоторепортиорцәеи афотоҭыхра бзиа избои.

МКФ имени Стенина - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху афотожурналистика аиндаҭлара афонд х-миллионк инаӡеит

Саудтәи Аравиа, Мианма, Коста-Рика, Руанда рҟынтәи афотожурналистцәа қәыԥшцәа раԥхьаӡа акәны иалахәхеит Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлара.

2000 инарзынаԥшуа сахьа нарышьҭхьеит 50 тәыла рҟынтәи алахәылацәа ҳәа аанацҳауеит жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня". Аиндаҭларахь азыҳәақәа рыдкылара хыркәшахоит 2018 шықәса жәабран 28 рзы. Еиҳарак активла рхы аадырԥшуеит афоторепортиорцәа Урыстәыла, Индиа, Кениа, Бангладеш, Палестина, Сербиа, Ҭырқәтәыла, Америка, Британиа Ду, Иран, Малаизиа, Аладатәи Африка, Китаи, Беларуссиа, Молдова, Ҟазахсҭан рҟынтәи.

Амедиагәыԥ "Россия сегодня" афонд х-миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит сынтәа.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аиндаҭлара хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аиндаҭлара – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс мҩаԥысуеит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ (СМИ), аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала. Аконкурс информациатә партниор хаданы иҟоуп: урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә канал "Россия-Культура", аинформациа-жәабыжьтә портал KP.ru, аинформациатә портал ЖурДом, апортал Russian Photo. Аконкурс жәларбжьаратә информациатә партниор хаданы иҟан: аинформациатә маҵзуреи ардиои Sputnik, аинформациатә маҵзура Askanews, аинформациатә маҵзура EFE, амедиахолдинг Independent Media, аинформациатә маҵзура Notimex, ателеканал, апортал RT, The Royal Photographic Society, Shanghai United Media Group (SUMG).

Аусхкытә информациатә партниорцәа рыҳасабала иара иадгылоит: Урыстәыла афотожурналистцәа рхеидкыла, Москватәи ажурналистцәа рхеидкыла, Аҿари астудентцәеи АИХ рхеидкыла, Академия Фотографии, амаҵзура ГеоФото, апортал Photo-study.ru, аинформациатә портал YOung JOurnalists, афестиваль "Фотопарад в Угличе".

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik —аиндаҭлара жәларбжьаратәи информациатә партниорны иазыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0