АҞӘА, мшаԥы 20— Sputnik. Кәыба ахада, 86-шықәса ирҭагылаз Рауль Кастро иҭыԥ аанижьит. Иара диԥсахит 57-шықәса зхыҵуа Мигель Диас-Канель ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Диас-Канель Рауль Кастро диԥсахыр алшоит ҳәа аинформациа раԥхьаӡа акәны ицәырҵит 2013 шықәса рзы, Кәыба аҳәынҭеидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс даныҟала ашьҭахь.
Иара убасҟан ауп "Кастро иарӷьажәҩа" ҳәа изырҳәо ианалагазгьы.
Диас-Канель диит 1960 шықәса, мшаԥымзазы, Вилиа-Клара апровинциаҿы.