Барселона аполитиказ иҭаку аурышьҭырц ақәгылара мҩаԥыргеит

© AFP 2023 / LLUIS GENEАкции протеста в Барселоне, 23 марта 2018 года
Акции протеста в Барселоне, 23 марта 2018 года - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акциа мҩаԥысит цәыббра 20 рзы, шықәсык аԥхьа Каталониа имҩаԥысуаз ахҭысқәа ргәаларшәаразы. Усҟан Аграждантә гвардиа ареферендум амҩаԥгара аҽазыҟаҵара иадҳәаланы имҩаԥнагон аԥшаарақәеи аҭакрақәеи.

АҞӘА, цәыббра 21 — Sputnik. Цәыббра 20 рзы имҩаԥысуаз акциа рхы аладырхәит зықьҩыла ауаа. Дара дҵаны иқәдыргылеит ҵыԥх Каталониа ахьыԥшымразы имҩаԥгаз ареферендум инадҳәаланы абахҭа иҭаркыз аполитикцәа роушьҭра. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Акциа мҩаԥысит цәыббра 20 рзы, шықәсык аԥхьа Каталониа имҩаԥысуаз ахҭысқәа ргәаларшәаразы. Усҟан Аграждантә гвардиа ареферендум амҩаԥгара аҽазыҟаҵара иадҳәаланы имҩаԥнагон аԥшаарақәеи аҭакрақәеи. Хаҭала аԥшаарақәа мҩаԥган автономиа аекономиказ Ахеилак ахыбраҿ. Ахыбра иакәшаны усҟан игылеит шәҩыла ауаа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа "Каталонская национальная ассамблея"; Omnium Cultural иҟарҵаз ааԥхьарала. Амитинг алахәылацәа испаниатәи азинхьчаратә органқәа ахыбрахь инарышьҭуамызт. Ауаажәларратә еиҿкаарақәа раԥхьагылаҩцәа Жорди Санчеси Жорди Куишари рганахь ала аамҭақәак рышьҭахь ахарадҵа рыдҟаҵалан иҭакын. Иара убасгьы рус ӡбан каталониатәи азинхьчаратә органқәа Mossos d'Esquadra рнапхгаҩцәа.

"Цәыббра 20 рзы ҳара еилаҳкааит аҳәынҭқарра ареферендум аанкыларазы акаҿы ишаанымгылоз", — ҳәеит амитинг аҿы иқәгылаз "Каталониатәи амилаҭтә ассамблеиа" ахада Елисенда Палузие.

Omnium иахьазы иахагыло Марсель Маури иҳәеит убри амш азы Испаниа аҭагылазаашьа анапахьы аагара шаӡбаз.

Аԥшьашаҽны имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа иахҟьаны Каталониа аҳҭнықалақь амҩадуқәа жәпакы аркын ҳәа адырра ҟарҵеит Ақалақьтә гвардиаҿы.

Каталониа Испаниа иалҵырц азы 2017 шықәса жьҭаара 1 азы имҩаԥгаз ареферендум аҟны зыбжьы зҭииз рҟынтәи 90% ахьыԥшымраз иқәгылеит.

Иааидкыланы абжьыҭира рхы аладырхәит 2,3 миллионҩык Каталониа ауааԥсыра. Хара имгакәа Каталониа Испаниа ишадҵуазы аҳәамҭа ҟанаҵараны иҟоуп иҳәеит усҟан аженералитет аиҳабы Карлес Пучдемон.

Жьҭаара 1 азы Каталониа ахьыԥшымразы ареферендум амҩаԥысраан алхырҭатә ҭыԥқәак рҟны алхыҩцәеи аполициеи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит. Иҟан ахәрақәа зауз.

Испаниа акрал Фелипе VI ижәлар рахь иҟаиҵаз аҳәамҭаҿ иазгәеиҭеит Каталониа аиҳабыра ареферендум амҩаԥгарала Испаниа акзаара ҵыршәааит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0