Урыстәыла ААР: С-300 Шьамтәыла аҳауаҽацәыхьчара аус иацхраауеит

© Sputnik / Министерство обороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМинобороны РФ доставилo комплексы ЗРК С-300 в Сирию
Минобороны РФ доставилo комплексы ЗРК С-300 в Сирию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны агәра ганы иҟоуп С-300 Шьамтәылаҟа анашьҭра ишашьҭанеиуа егьырҭ, атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу зыӡбахә иҳәахьоу ашьаҿақәагьы.

АҞӘА, жьҭаара 4— Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Вершинин аҳәамҭа ҟаиҵеит С-300 Шьамтәыла аҳауаҽацәыхьчара аус иацхраауеит ҳәа. Абир атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Аракето-зениттә комплексқәа С-300 Шьамтәыла амазаара аҳауаҽацәыхьчара ахаҭабзиара акыр иҳаранакуеит. Уи адагьы С-300 Шьамтәылаҟа анашьҭра иашьҭанеиуеит егьырҭ, атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу зыӡбахә иҳәахьоу ашьаҿақәагьы" — иҳәеит иара.

Бронетранспортер БТР-82 и зенитно-ракетные комплексы ПВО С-300 во время тренировки механизированной колонны войск Санкт-Петербургского гарнизона для участия в военном параде в честь 70-й годовщины Победы в Великой Отечественной войне - Sputnik Аҧсны
Москва Дамаск ианаҭоит аракетатә-зениттә комплексқәа С-300

Цәыббрамзазы Урыстәылатәи аган Шьамтәылатәи аган иазынанашьҭит ҳаамҭазтәи аҳауаҽацәыхьчаратә комплексқәа С-300.

"Амза нҵәаанӡа Урыстәылатәи аган Шьамтәылатәи аган иазынанашьҭраны иҟоуп ҳаамҭазтәи аҳауаҽацәыхьчаратә зениттә-ракетатә комплексқәа С-300. Иара иамоуп алшара 250 километра аҟынӡа ахьыбжьоу ақәылараз ишьҭу амыруга аанкылара", — иҳәеит Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу.

Шоигу иажәақәа рыла, С-300 Шьамтәылатәи ПВО алшарақәа акыр иарӷәӷәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0