Лавров Вышински изы: аиаша ахьиҳәоз азоуп дызҭаку

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМинистр иностранных дел РФ Сергей Лавров
Министр иностранных дел РФ Сергей Лавров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Москва украинатәи амчрақәа рахь адҵа ҟанаҵахьан апортала РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински ихы дақәиҭыртәырц.

АҞӘА, абҵара 2 — Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит Кирилл Вышински дызкыдырцало ауаа иҟаҵәҟьоу аартны ирзеиҭеиҳәарц ахьиҭаху ауп, аиашоуп дзыхҟьаз ҳәа иҳәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Кирилл Вышински даанкылоуп ипрофессионалтә уалԥшьа ишахәҭаз еиԥш иахьынеигӡоз азы, иҟоу аҭагылазаашьеи ахҭысқәеи ихатәы хәшьара аартны иахьриҭоз азы. Украина аиаша заҳар зҭаху ирымам алшара уи адырразы, избанзар уа амедиатә ҵакыра ҭахкаауп, аиҳаракгьы урыстәылатәи АИХқәа рҟынтәи", — ҳәа иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ОБСЕ амаӡаныҟәгаҩ хада Томас Гремингер иԥылараан.

Апортала РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра аԥсахра мҩаԥигоит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазыԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Херсонтәи ақалақьтә ӡбарҭа лаҵара 17 рзы Вышински даанкылатәуп ҳәа аӡбара аднакылеит. Аӡбарҭа аилатәараан Вышински Урыстәыла ахада иахь ацхыраара даҳәеит. Иара убасгьы аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина атәылауаҩра мап шацәикуазы.

Владимир Путин аҭагылазаашьа зеиԥш ҟамлац ауп ҳәа ахиҳәааит. Москва Киев аҿагыларатә нота азынанашьҭит, апресса ахаҭарнакцәа рықәымчра иаҟәыҵырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0