Венесуела аиҳабыра аоппозициа рацәажәара иазыхиоуп

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВенесуела аиҳабыра аоппозициа рацәажәара иазыхиоуп
Венесуела аиҳабыра аоппозициа рацәажәара иазыхиоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Венесуела аоппозициатә партиа аиҳабы Хуан Гуаидо, атәыла ахадас ҳәа зхы рылазҳәаз, идгылаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ажьырныҳәа 30 рзы ажмҩадуқәа рахь ицәырҵны аҿагыларатә акциа еиҭамҩаԥыргарц.

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Хорхе Арреаса аҳәамҭа ҟаиҵеит Венесуела аиҳабыра аоппозициа рацәажәара иазыхиоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, RT адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Венесуела аоппозициатә парламент аиҳабы Хуан Гуаидо - Sputnik Аҧсны
Гуаидо аҿагыларатә акциа ҿыцқәа рылеиҳәеит

Арреаса иазгәеиҭеит Венесуела аиҳабыра уаанӡагьы аиҿцәажәара ишадгылоз.

"Сара даара исҭахуп аоппозициагьы абри аус иадгыларц. ЕАА иҟоу реиҳабыра рҟынтәи азин ылырхааит", - иҳәеит иара.

Арреаса иара убасгьы иазгәеиҭеит атәыла аиҳабыреи аоппозициеи аимадара шрымоу, ԥхынҷкәынымзазы хықәкык иазкылсырц егь шрыгмыз. Аха аҵыхәтәаны аоппозициа аиқәшаҳаҭра мап ацәнакит.

Ажьырныҳәа 23 рзы Венесуела массала ауаа Николас Мадуро иҿагыланы ақәгылара иалагеит. Атәыла апарламент ахада Хуан Гуаидо иара убри аҽны атәыла ахадас иҟоу сара соуп ҳәа рылеиҳәеит. ЕАА аҽа тәылақәаки иара атәыла ахадак иҳасаб ала дазхарҵеит.

Мадуро, Москва адгылара инаҭеит.

Песков: Венесуелаҟа урыстәылатәи аруаа аӡәгьы инеимышьҭӡеит

Ажәабжьқәа зегьы
0