Гуаидо аҳәамҭа ҟаиҵеит аруааи иареи аинырра шрымоу азы

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГуаидо аҳәамҭа ҟаиҵеит аруааи иареи аинырра шрымоу азы
Гуаидо аҳәамҭа ҟаиҵеит аруааи иареи аинырра шрымоу азы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа, ЕАШ Хуан Гуаидо Венесуела ахадак иҳасаб ала дшьаны Венесуела аиҳабыра америкатәи абанкқәа рҟны иаарту рыԥхьаӡарақәа рзы адыррақәа ирҭеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Венесуелатәи аоппозиционер Хуан Гуаидо, аҳәамҭа ҟаиҵеит аруааи иареи аинырра шрымоу азы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Амчра аиура аруаа рҟынтәи адгылара амазароуп. Атәыла аруааи ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәеи сареи аиԥыларақәа мҩаԥаагахьеит", - ҳәа иҩуеит иара New York Times аҟны.

Ажьырныҳәа 23 рзы Венесуела массала ауаа Николас Мадуро иҿагыланы ақәгылара иалагеит. Атәыла апарламент ахада Хуан Гуаидо иара убри аҽны атәыла ахадас иҟоу сара соуп ҳәа рылеиҳәеит. ЕАА аҽа тәылақәаки иара атәыла ахадак иҳасаб ала дазхарҵеит.

Мадуро адгылара инаҭеит Москва.

Гуаидо аҿагыларатә акциа ҿыцқәа рылеиҳәеит

Ажәабжьқәа зегьы
0