Украина апрокуратура хада Вышински иус аҭҵааразы имаз аамҭа аркьаҿырц аҭахуп

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРассмотрение апелляции на продление ареста журналиста К. Вышинского
Рассмотрение апелляции на продление ареста журналиста К. Вышинского - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Урыстәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Татиана Москалькова ООН, ОБСЕ, Евроеидгыла ахеилак рахь ааԥхьара ҟалҵахьан апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински ихы иақәиҭтәраҿы ацхыраара рурц.

 

АҞӘА, жәабран 19 – Sputnik. Херсонтәи ақалақьтә усӡбарҭа жәабран 21 рзы иахәаԥшраны иҟоуп апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински иус адырразы имоу аамҭа аркьаҿра. Абри атәы РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Вышински идукат Андреи Домански.

Вышински иус аԥхьаразы аҿҳәара ԥкымо - Sputnik Аҧсны
Вышински иус аԥхьаразы аҿҳәара ԥкым

"Херсонынтәи исзаарыцҳаит жәабран 21, асааҭ 13.00 рзы апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински иус адырразы имоу аамҭа аркьаҿра азҵаара иалацәажәараны ишыҟоу", - ҳәа иҳәоит Домански.

Иара иажәаәқа рыла, макьаназ еилкаам апрокуратура уи аамҭа ахьынӡаркьаҿуа. Апрокуратура ҩынтә аӡбарҭахь ашәҟәы нанашьҭхьан аус адырраз аамҭа хымш ҿҳәарас иамазарц аха аӡбарҭа аҩынтә раангьы уи мап ацәнакхьан.

Вышински иус шьақәгылоуп 31 том рыла. Урҭ рҟынтәи 21 ихадақәоу роуп, 6 атехникатә ҟазшьа рымоуп.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазыԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп. Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп аха  макьаназ уи аҭак ҟаҵам. Урыстәыла ахада аҭагылазаашьа  еиԥшу ҿырԥшык ыҟан иҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкыло ипрфессионалтә усураз ауп" ҳәа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахь ала ахымҩаԥгашьазы. Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭтәызарц.

Ажьырныҳәа 14 рзы Украина апрокуратура аҳәамҭа ҟанаҵеит Вышински иус хыркәшоуп ҳәа. 30 том рҟынӡа инаӡо ажурналист иусшәҟәқәа иара ихаҭа иеиԥш идукатцәагьы аԥхьарц ирырҭеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0