Вышински иус аԥхьаразы аҿҳәара ԥкым

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВышински иус аԥхьаразы аҿҳәара ԥкымо
Вышински иус аԥхьаразы аҿҳәара ԥкымо - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украинатәи апрокуратура аҳәара ҟанаҵон Вышински иус ардырразы х-усуратә мшы иҭазарц.

АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Херсонтәи ақалақьтә ӡбарҭа апрокуратура мап ацәнакит апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иус аматериалқәа рдырразы иҭоу аҿҳәара ԥкымзарц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аӡбарҭа мап ацәнакит апрокуратура иҟанаҵаз азыҳәа", - ҳәа иҳәеит адукат Андреи Домански.

Кирилл Вышински - Sputnik Аҧсны
Вышински ирбаандаҩра аҿҳәара ацҵараз адукатцәа рзыҳәа иахәаԥшраны иҟоуп

Аматериалқәа рдырразы ҿҳәара шьақәыргылам. Ахьчаратә ган адыррақәа рыла Вышински иус 31 том рыла ишьақәгылоуп — 25 ихадаратәқәоуи 6 атехникатә ҟазшьа змоуи. Иахьатәи аамҭазы ажурналист 15 том ҭиҵаахьеит.

Уаанӡа Херсон ақалақьтә ӡбарҭа жәабран 16 рҟынӡа ажурналист ирбаандаҩра аҿҳәара инахахьан.

Уи адагьы Украина Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ нашьҭуп иҭакра инадҳәаланы. Ашшыԥхьыӡ иахәаԥшраны иҟоуп хәажәкыра 20 рзы. Вышински аӡбарҭа аилатәара иалахәразы Киевҟа днаргоит.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазыԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахь ала ахымҩаԥгашьазы. Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭтәызарц.

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Вышински аӡбарҭа аилатәара далахәхоит

 

Ажәабжьқәа зегьы
0