Урыстәылатәи аруаа Аԥсны "аӷа" иминақәа ыҵырхит

© Foto / Пресс-служба ЮВОУрыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа
Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа ирыҭаз адҵа инақәыршәаны, аамҭа кьаҿк иалагӡаны афортификациатә ргыламҭақәа еиҿыркааит, аҽазыҟаҵарақәа раан "аӷа" иминақәа ахьыҵаз 10 000 метр ԥшьыркца иаҵанакуаз аҭыԥ ахь анеирҭақәа ржит.

АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik. Урыстәылатәи асапиорцәа рхы иадырхәеит аминаҵхга "Змей Горыныч" аполигонқәа "Нагвалоуи" "Ҵабали рҟны" "аӷа" иминақәа ахьыҵаз, 10 000 метр ԥшьыркца иаҵанакуаз аҭыԥ ахь анеирҭақәа рыҟаҵаразы. Абри атәы ааицҳаит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафьев.

Учения отряда СОБР управления Росгвардии по Белгородской области - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи артиллеристцәа "еиҭаҵуа аминаршәгақәа" рхы иадырхәоит

"Арратә техникеи аррамаҵзурауааи рныҟәара ашәарҭадаразы ахархәара рыҭан аминақәа рыԥшаагақәа "Коршун", ИМПС, иршәын асапиортә цәамаҭәа ҷыда "Сокол", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 1500-ҩык инареиҳаны аруаа, атехника ҷыда 400 цыра, атанк Т-74 ашьаҭалатәи автомашьынақәа ИМР-2, ирласны иныҟәо атраншеиатә машьынақәа БТМ, аҭыжаагатә машьынақәа МДК.

Адырраҭара апресс-релиз аҟны иарбоуп иаалырҟьаны иҟаҵаз адҵа инақәыршәаны афортификациақәа рыргылара еиҿкаан аамҭа кьаҿла ҳәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0