Симониан Вышински идгыларазы акциа мҩаԥгазарц ааԥхьара ҟалҵеит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАтелеканал RT, МИА "Россия сегодня" рредактор хада Маргарита Симониан
Ателеканал RT, МИА Россия сегодня рредактор хада Маргарита Симониан  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рзы азинмчы змоу Татиана Москалькова апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински иус иеиԥшу адунеижәларбжьаратә зин аганахьала аиԥш зеиԥшу уԥылом ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит.

АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. МИА "Россия сегодня", RT рредактор хада Маргарита Симониан ажәалагала ҟалҵеит лаҵара 15 рзы акьыԥхь ахақәиҭра Адунеизегьтәи Амш аҽны Москва иҟоу Украина Ацҳаражәҳәарҭа аҿаԥхьа ажәа ахақәиҭра иалацәажәазарц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Есышықәса лаҵара 3 рзы, 1994 шықәса раахыс иазгәарҭоит акьыԥхь ахақәиҭра Адунеизегьтәи Амш (World Press Freedom Day). Ари амш азгәаҭара аҽазныкгьы ауаа иргәаланаршәоит жәабала адунеи АИХқәа ацензура, аштрафқәа, русура аанкылара, ашьҭазаара, арбаандаҩра шрықәыӷәӷәо.

"Шәааи, ҳазегьы лаҵара 15 асааҭ 10:00 рзы Урыстәыла иҟоу Украина Ацҳаражәҳәарҭа аҿаԥхьа ҳаизаны Кирилл Вышински адгылара иаҳҭап", - лҳәеит Симониан.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Урыстәыла ауаҩытәыҩса изинқәа рзы азинмчы змоу Татиана Москальковеи апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышинскии - Sputnik Аҧсны
Москалькова: Вышински азин аганахьала иус аиԥш зеиԥшу уԥылом

Вышински Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Арзаҳал Украина ахада иусеилыргарҭахь инашьҭуп, аха макьаназы уи аҭак ҟаҵам.

Урыстәыла ахада ари аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу ыҟам ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахьала ахымҩаԥгашьазы.

Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭыртәырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0