Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит 1,7-ҩык ахҵәацәа

© Sputnik / Михаил Алаеддин / Амедиаҵәахырҭахь аиасра В Сирию возвращаются беженцы из Ливана
 В Сирию возвращаются беженцы из Ливана - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иара убасгьы уахыки-ҽнаки ирылагӡаны еиҭашьақәыргылоуп ԥшь-нхарҭа ҩны, ааглыхратә наплакы, афымцастанциа маҷ.

АҞӘА, ԥхынгәы 1 – Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылаҟа ихынҳәит 1,7 нызқьҩык ахҵәацәа аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҟынтә.

 В Сирию возвращаются беженцы из Ливана - Sputnik Аҧсны
Шьамтәылатәи ахҵәацәа рыҩныҟақәа рахь игьыжьуеит

"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Шьамтәылатәи арабтә республикахь ихынҳәит 1670 –ҩык ахҵәацәа: Ливанынтә аушьҭырҭатә ҭыԥқәа "Джейдет-Ябус", "Телль-Калах" ирхысит – 422-ҩык (аҳәса – 127, ахәыҷқәа – 215), Иорданиантә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Насиб" иахысит – 1248 -ҩык (аҳәса – 374, ахәыҷқәа – 636)", - ҳәа аҳәоит адырраҭара.

Анџьныртә бригадақәа аминақәеи иԥжәо амаҭәашьарқәеи рҟынтәи идрыцқьеит 2,2 гектар адгьылҵакыра.

Шьамтәыла аибашьра иалагеит 2011 шықәса рзы. Иахьазы ирылаҳәоуп атеррористә гәыԥ ИГ ("Исламское государство") нырҵәоуп ҳәа.

Шықәсыбжак аҩныҵҟа Шьамтәылаҟа ихынҳәит миллионбжак ауааԥсыра.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0