Ҟрымтәи ацҳа аԥхынра иалагӡаны миллионк инеиҳаны амашьына ықәсит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраҞрымтәи ацҳа
Ҟрымтәи ацҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи адыррақәа рыла аихамҩатә шьаҟа шьҭарҵахьеит абри амҩа инаваршәны.

АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik. Ҟрымтәи ацҳа аԥхынра иалагӡаны миллионк инеиҳаны амашьына ықәсит ҳәа аанацҳауеит аинфоцентр "Крымский мост".

"Рашәарамзеи ԥхынгәымза аԥхьатәи ахымчыбжьи рыҩнуҵҟа Ҟрымтәи ацҳа иқәсит 1,057 миллион машьына. Урҭ рҟынтәи автобусқәа - 14 000, аидарамҩангагақәа - 115 000", – аҳәоит адырраҭара.

Уи адагьы аинфоцентр аҿы иазгәарҭеит аԥхынразы атрафик ҩынтәны еиҳахеит ааԥынтәи атрафик аасҭа.

Ҟрымтәи ацҳаҟны аихамҩатә цәаҳәа шьҭарҵеит>>

Рашәарамзазы Ҟрымтәи ацҳа иқәсит 518 000 автомашьына, уи ҵыԥхтәи ашықәс иаҿурԥшуазар, 13 % рыла еиҳауп. Ԥхынгәымза ҳҭалеижьҭеи ацҳа иқәсхьеит 537 000 машьына ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.

Ацҳа аусура иаалагазар - лаҵара 16 2018 шықәса раахыс - уи иқәсхьеит ф-миллионк инеиҳаны амашьынақәа.

Ҟрымтәи ацҳа аура 19 километр артәоит. Ацҳаҿ автомобилтә мҩеиԥш аихамҩагьы аусура хацнаркраны иҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0