Кирилл Вышински киевтәи аӡбарҭа аҟнытә ихы дақәиҭиртәит

Анапаҵаҩра
Херсонтәи ақалақьтә ӡбарҭа лаҵара 17 2018 шықәса рзы Вышински дааннакылеит. Уиижьҭеи иара иус аӡбра иаҿын.

АҞӘА, нанҳәа 28 — Sputnik. Киевтәи ахашшааратә ӡбарҭа аӡбамҭа аднакылеит РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински ихы дақәиҭыртәырц, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ажурналист иуалуп ианаамҭоу аӡбарҭахь анеира, иусурҭатә ҭыԥ, ма дахьынхо аҭыԥ иԥсахзар аацҳара, иара убас ари аус азы ашаҳаҭцәа рыҿцәажәара. Иара аӡбарҭа аҟнытә доурышьҭит.

Ателеканал RT ахантәаҩы Маргарита Симониан деигәырӷьеит Кирилл Вышински иоушьҭра.

Вышински дҭакын 400 мшы. Ахара зидырҵуа ахәҭаҷқәа рыла аӡбарҭа аӡбамҭа ҟалараны иҟоуп.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟаиҵеит ацхырааразы. Иара Украина атәылауаҩра мап ацәкра дазыхиоуп.

Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит "Вышински дзаанкылоу ипрофессионалтә усуразоуп" ҳәа. Москва Киевҟа инанашьҭит апресса ахаҭарнак иганахьала имҩаԥнаго ақәымчра ааннакыларц азы аҿагыларазы ажәанҵа.

Ажәабжьқәа зегьы
0